Аслан Бжьаниа, иара апагонқәа ныҟәызго ауаа, аиҳарак аҳәаахьчаҩцәа, Афедералтә ҳәаахьчаратә маҵзура аусзуҩцәа ҷыдала дшырзыҟәоу азгәеиҭеит.
«Бзиала шәаабеит Аԥсныҟа ҳәа шәасҳәоит. Шәара инашәыгӡо аус акырӡа аҵанакуеит. Иахьа Аԥсни Урыстәылеи рыкәша-мыкәша ашьақәгылара иаҿу аҭагылазаашьа ҳасаб азуны уахәаԥшуазар, иарбоу аусура еиҳагьы аҷыдалкаатә ҵакы аиуоит. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьашьар сҭахуп ақәҿиарақәеи аманшәалареи. Аԥснытәи шәколлегацәа рганахьала ианакәызаалак адгылареи аиҩызареи шшәоуа агәра ганы сыҟоуп. Ҳара хра злоу атрадициақәа ҳабжьалахьеит, уаанӡатәи анапхгаҩцәеи ҳареи аусуратә, ауаҩратә еизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьоуп», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.