Аҟәа. Нанҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Алхас Ҷолокәуа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы иҟоу Амассатә информациа ахархәагақәа рымадаразы Аусбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп.
Уи азы нанҳәамза 29, 2024 шықәсазы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Алхас Дмитри-иԥа Ҷолокәуа диит мшаԥымза 22, 1976 шықәса рзы Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан.
1992 шықәсазы далгеит К.Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат №1, афизикеи аматематикеи инарҵауланы рҵара азы иҷыдоу акласс.
1998 шықәсазы далгеит ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша.
1994 шықәса инаркны — Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша акорреспондентс аус иуан.
2003 шықәсазы далгеит М.Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә Университет ажурналистика афакультет ателехәаԥшра аҟәша инагӡоу акурс.
2000 шықәса инаркны – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра адырраҭара «Аамҭа» арҿиаратә гәыԥ анапхгаҩыс аус иуан.
2002 шықәса инаркны – Аԥсуа телехәаԥшра Анапхгараҭара аинформациатә дырраҭарақәа аредактор-корреспондентс аус иуан.
Мшаԥымза, 2005 шықәса инаркны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы иҟоу Амассатә информациа ахархәагақәа рымадаразы Аусбарҭа аиҳабы ихаҭыҵуаҩыс дҟаҵан. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла алахәыла.
2011 - 2014 шш. — Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра адиректор хадас дыҟан, анаҩс амобилтә еимадара Аилазаара «А-Мобаил» аҿы аус иуан.
Лаҵарамза, 2020 шықәса инаркны жьҭаарамза 2021 шықәсанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы иҟоу Амассатә информациа ахархәагақәа рымадаразы Аусбарҭа аиҳабыс аус иуан.
Жьҭаарамза, 2021 шықәса рзы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр адиректор Хадас дҟаҵан.