АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Нанҳәа.2024

Алан Гаглоев Аслан Бжьаниа Арсепублика Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара Амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Ахада Алан Гаглоев Арсепублика Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Арсепублика Аԥсны ахьыԥшымра Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Ареспублика Ааахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала, Шәареи аиашьаратә аԥсуа жәлари гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит амилаҭтә ныҳәа ду – Арсепублика Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш.

Нанҳәамза 26, 2008 шықәса ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи рҭоурых аҿы илахьынҵаӡбагоу ахҭыс – Урыстәылатәи Афедерациа ала аҩ-республикак – Ареспублика Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылатәи Арсепубликеи рсуверенитети рҳәынҭқарратә хьыԥшымреи азхаҵара аныҟала амш аҳасабала наунагӡа иаанхоит.  Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни разхаҵара азы аӡбамҭа адкылараан Урыстәыла ҳтәылақәа рҳәынҭқаррара жәларбжьара-иазхаҵоу акритериақәа рашьашәалара, иара убас урҭ рдемократиатә шьаҭақәа, шықәсырацәа ирҭагӡоу ихьыԥшымкәа қәҿиарала аҿиара иадҳәалоу аԥышәеи акырынтә ишьақәырӷәӷәаз ҳреспубликақәа ахақәиҭреи ахҳәаақәҵареи рзы рзин ахьчара азхиара  ҳасаб азнауит.

Аԥсны аҵыхәтәантәи аамҭазы имҩаԥысуа хра злоу аиҭакрақәа, атәыла аҳәынҭқарратә шьақәгылара арӷәӷәареи асоциал-економикатә ҿиара аҿы иҟоу ақәҿиарақәеи даҽазныкгьы идырҵабыргуеит Ахьыԥшымра амҩа алызхыз Аԥсны жәлар ирымоу аизҳазыӷьаразы апотенциали Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара 16-шықәса раԥхьа Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра азхаҵаразы иаднакылаз аӡбамҭа шиашаз.  

Урыстәыла аҩ-ҳәынҭқаррак разхаҵара азы аамҭак ала иаднакылаз аӡбамҭа ианыԥшыз жәытәнатә аахыс ҳажәларқәа ирыбжьаз аиашьареи аиҩызареи рыла ишьаҭарку аизыҟазаашьақәа еиҳагьы иарӷәӷәеит ҭоурыхла ирзеиԥшу аԥеиԥш. Агәра ганы сыҟоуп ҳтәылақәа ирыбжьоу аиҩызаратәии аусеицуратәи аизыҟазаашьақәа зқьышықәсалатәи аперспектива шаиуо».  

Алан Гаглоев Аслан Бжьаниа агәабзиара, агәамч, иреиҳау аҳәынҭқарратә маҵура аҿы аихьӡара ҿыцқәеи аманшәалареи, Аԥсны жәлар зегьы – аҭынчра, аизҳазыӷьара, аҭышәынтәалара рзеиӷьаишьеит.   


Read 53 times - Аԥшьаша, 29 Нанҳәа 2024 21:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.