Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублиа Ахада Аслан Бжьаниеи аиашьаратә республика Аԥсны атәылауааи агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара, аҭынчра, аҭышәынтәалара, рнапы зларкуа аусқәа зегьы рҿы аманшәалара рзеиӷьаишьеит!
Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельски Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи аԥсуа жәлари Урыстәылатәи Афедерациа ала Арсепублика Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара Амш рыдиныҳәалеит.
«Аԥсуа жәлар рпатриотизми рфырхаҵареи рхацәнымырхареи русуралшареи ирыбзоураны, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара, аҳәынҭқарратә суверенитети атәыла жәларбжьаратәи апозициақәеи рырӷәӷәара амҩала ашьақәгылара иаҿуп.
Приднестровиа-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа иӷәӷәоу ашьаҭа амоуп. Ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа ҳтәылақәа рыбжьара аҿиара иаҿуп ҵакыла игәылҭәаау аполитикатә диалог, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла хра злоу аусеицура.
Агәра ганы сыҟоуп аринахысгьы ҳажәларқәа ринтересқәа ирықәшәо ҳусеицура есааира аҳәаақәа шарҭбаало», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.