Иара абраҟа Ахьӡ-Аԥша апарк уахынҭало, Аиааира апроспект аганахьала аԥсуа-қырҭуатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара иазкны аӡрыжәтә аӡыршә хәыҷы аадыртит.
«1992 -1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра анхыркәшаха ашьҭахь даара ирацәаны иҟан зыуацәа рхабар ззымдыруа иаанхаз аҭаацәа. Даара зымҽхак дууз аусура мҩаԥган иԥшааз аԥсыбаҩқәа рхаҭара ашаьақәыгылара инамаданы. 46-ҩык рхаҭара ашьақәыргылара алыршахеит. Хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара аҳаҭыр азы иахьа ҳара иааҳартуеит абри аӡыршә хәыҷы», - ҳәа илҳәеит Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩ, «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» Аиҿкаара ахантәаҩы Гәыли Кьычба.
Аӡыршә аартуп 2017 шықәса раахыс хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иадҳәалоу аусура активла зхы алазырхәуа агәаҳалалратә уаажәларратә Еиҿкаара «Бриџь», иара убас Аҟәа ақалақь Ахадара раԥшьгарала.
Аскульптор – Мадина Бигәаа.
Аԥсны 1992 – 1993шш. аԥсуа жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы хабарда ибжьаӡыз ҳәа иԥхьаӡан 171-ҩык. Урҭ рахьынтә 44-ҩык рыԥсыбаҩ рыԥшааит, рхаҭара шьақәыргыланы анаҩс анышә рамадара азы доусы рҭаацәа ирырҭеит. 124 ҭаацәара иахьа уажәраанӡа зыԥсыбаҩ рымԥшаац рԥацәеи рыԥҳацәеи рзы аинформациа иазыԥшуп.
В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы агәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥысит. Араҟа, амузеи афоие аҿы еиҿкаахеит аибашьраан хабарда ибжьаӡыз рфотосахьақәа рцәыргақәҵа.
Мчымхарала хабарда ибжьадырӡыз ргәалашәара Жәларбжьаратәи Амш иазку афотоцәыргақәҵа еиҿкаахеит иара убас С.Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿгьы. Араҟа ицәыргақәҵахеит, 1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡоу 90 - ҩык инареиҳаны Аԥсуа Ар аибашьцәа рфотосахьақәа.