pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Есышықәсатәи аԥсуа-адыгатә литературатә фестиваль «Риҵатәи арифмақәа» Аҟәа ақалақь, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр аҿы иаатит.

Афестиваль адыгатәи апоет, ашәҟәыҩҩы, аҵарауаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Заур Налоев диижьҭеи 95-шықәса аҵра иазкны Аԥсны акультура Аминисттра ацхыраарала еиҿкаахеит.

«Риҵатәи арифмақәа» - акультуратә еимадарақәа реиқәырхара, аԥсуа-дыга жәлар рмилаҭтә литература аҿиара, уҳәа зегь реиҳа идуу ахықәкқәа зҽаԥхьа иқәзыргыло, зегь реиҳа икамертәу афестиваль ауп.

Афестиваль рхы аладырхәит Геннади Аламиа, Владимир Занҭариа, Вахтанг Абҳазоу, Инна Ҳаџьымба, уҳәа хыԥԥхьаӡара рацәала апоезиа абзиабаҩцәа.  

Апроект «Риҵатәи арифмақәа» автор - Зарина Канукова, адыгатәи апоетесса, адраматург, ажурналист, ауаажәларратә усзуҩ.

Зарина Канукова уаанӡа ари афестиваль Аԥсни Ҟабарда-Балкариеи ралахәхара мацарала имҩаԥысуан, уажәы акәзар, уи рхы аладырхәуеит Адыгееи Ҟарачы-Черқьессиатәи апоетцәагьы.

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион Ԥсҳәы ақыҭан  30 шықәса рыла раԥхьаӡа акәны ауааԥсыра рдиспансеризациа мҩаԥысуеит.

Асабша, цәыббрамза 16 рзы, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба адиспансеризациа шымҩаԥысуа хаҭала агәаҭаразы ашьха иаԥну ақыҭа даҭааит.  

Агәабзиарахьчара Аминистрра ала Ԥсҳәы ақаҭахь идәықәҵахеит амобилтә бригада. Уи аилазаараҿы иҟоуп аҟәатәи амедицинатә усбарҭақәа апрофильтә специалистцәа, урҭ адиагностикатә ҭҵаарақәа зегьы рыхкқәа нарыгӡоит.

Аҭыԥ аҿы ахирургиа, амаммологиа, аонкологиа, атравмотологиа, аортопедиа,  оториноларингологиа, апедиатриа, офтальмологиа, неврологиа, акардиологиа, атерапиа, аурологиа, агинекологиа, уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа рганахьала ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭан. Ауааԥсыра рчымазара ашьақәыргылара азы ақыҭахь иара убас иааргеит еиҭаҵуа арентген аппарат, аультрабжьытә диагностика аппарат.

Ԥсҳәы инхо ауааԥсыра ихымԥадатәиу аҭҵаарақәа рымҩаԥгара азы ршьа рылырхит, уи аҳаирплан ала аҳҭнықалақь алабораториа ахь идәықәҵахеит.

Амобилтә хәышәтәырҭа даҭааит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.  

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәаша, цәыббрамза  15 рзы аҭоурыхтә дәы Мықәашҭа (Очамчыра араион, Мықә ақыҭа) аҿы акультура-ҟазаратә фестиваль мҩаԥысит.

Афестиваль алахәылацәаны иҟалеит хә-раионк: Гал, Ҭҟәарчал, Очамчыра, Гәдоуҭа, Гагра араионқәа рҟынтәи 14–17 шықәса зхыҵуа 125-ҩык рҟынӡа  ашколхәыҷқәа.

Ашколхәыҷқәа хә-командак рыла еихшан: «Аҳаԥшьаӡҩцәа», «Аҽыбӷаҟазацәа», «Хыцла ахысыҩцәа»», «Асҩы», «Ачысҟаҵаҩы». Акомандақәа зегьы рзы хазы апрограмма еиқәыршәан.

Амш иалагӡаны ашколхәыҷқәа жәлар ринструментқәа рзы, Аԥсны ахәыҷқәа рааӡара аганахьала иҟоу аҵасқәа, аԥсуа кьанџьақәа,  аҽыааӡареи аҽыбӷаҟазареи еиуеиԥшым ажәларқәа рыԥсҭазаараҿы иааннакыло ароль азы, уҳәа атемақәа рыла алекциақәа ирзыӡырҩуан, иара убас анышәаԥшь иалхны аҳаԥшьаӡра рҵон, Аԥсны иқәынхо ажәларқәа рорнаментқәа рҭыхра, амилаҭтә фатә хкқәа рыҟаҵара, иара убас ахыци ахәымпали рыла ахысра рҵон.

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуризм аминистр Ҭеимураз Хишба Ҟазахсҭан имҩаԥысуа I Жәларбжьаратәи атуристтә форум «Иҭышәынтәалам адунеи аҿы аҭышәынтәалоу атуризм аҿиара астратегиа», иара убас атуроператорцәа жәларбжьаратәи рконгресс  «Жәларбжьаратәи атуристтә џьармыкьа ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа рҿы атрансфрмациа, аҿиареи апартниорреи рперспективақәа» аҿы ажәахә ҟаҵо дықәгылеит.

Уи, Аԥсны Ҟазахсҭани егьырҭ атәылақәеи атуризм аусхкы ала аус рыцура алыршахап ҳәа агәыӷра шыҟоу азгәеиҭеит. 

Атуризм аминистр ҷыдала иазгәеиҭеит иахьатәи амш азы Аԥсни Белоуссиеи аусеицура шрыбжьоу, атәылақәа рыбжьара баџьдатәи ахәаахәҭреи авизадатә режими шышьақәгылоу.  

Аминистр иажәақәа рыла, Аԥсны иқәынхо рхыԥхьаӡара зынӡа 240 нызықьҩык рҟынӡа инаӡоит, аковидшьҭахьтәи  2021  шықәса иалагӡаны ареспублика иаҭааз рхыԥхьаӡара 1,5 миллион-ҩык рҟынӡа инаӡоит.  

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  30 шықәса раԥхьа, цәыббрамза 16, 1993 шықәса рзы, Очамчыра  авокзал аплошьад аҿы ауаҩсахьа зцәыӡыз џьоукы рыла лыԥсы шҭаз дрыблит аԥснытәи апатриотка  Цаца Казанба.

Уи ҳаҭырла дыргаладыршәарц иааит Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа, Цаца Казанба лыуацәеи лҭынхацәеи, ауаажәларра рхаҭарнакцәеи ашколхәыҷқәеи.

Очамчыра ақалақьтә библиотека аҿы Цаца Казанба лгәалашәара иазкны агәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥысит.

Беслан Бигәаа, ари ахәылԥаз аҿы дықәгылауа, Цаца Казанба лганахьала иҟаҵаз агәыгшәыгра хыԥхьаӡара рацәала ақырҭуа фашистцәа инарыгӡоз ацәгьоурақәа ируакуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҳара ахаангьы иаҳхашҭраны ҳаҟаӡам ҭаацәала ианырбылуаз, аԥсышәала иахьцәажәоз, иахьхәыцуаз мацаразы иреихсны ианыршьуаз  аҭоурыхтә трагедиақәа ртәы. Арҭ ауаа рфырхаҵареи ргәымшәареи наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит», - ҳәа иҳәеит Беслан  Бигәаа. 

Ашколхәыҷқәа аибашьратә тематикала иҩу ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, Цаца Казанба лгәылацәеи илзааигәоу ауааи ргәы ԥшаауа уи лыԥсҭазаара иадҳәаланы ирымоу ргәалашәарақәа еиҭарҳәон.

Инга Казанба лышәҟәы «Очамчыра: 1992-1993 шш. аккупациа амшқәа» аҟынтәи: 

«Цәыббрамза 16 рзы аԥсуаа ажәылара ианалага, Очамчыра ақалақь аҿы инхоз аҭыԥантәи ақырҭуа уааԥсыра ԥаԥашькит, урҭ ашьакаҭәара азгәышьра рызцәырҵит.  Аԥсны аанырмыжьыр ада ԥсыхәа шырмоуа анеилыркаа, еилых ҟамҵаӡакәа ақалақь аҿы  ирымԥыхьашәоз аԥсуаа зегьы асадистцәа реиԥш аума рзааганы иршьуан.  Санду лыҩны иҩналеит, лара илеихсны дыршьит, уи лыԥҳа еиҵбы, сара саб иаҳәшьа Цаца Казанба дыкны згәахы ԥжәаны иҟаз цегератәи аҳәса ирҭаху лыларыгӡарц дрырҭеит. Урҭ рыцҳашьара ҟамҵакәа ирымԥыхьашәоз зегьы, алабақәа рыла илысуа, ахаҳәқәа  лгәыҵҵо лыԥҟара иалагеит, лыхцәы данкны анахь-арахь ддырҳәазон. Егьырҭ ауаа ракәзар, еизаны зхы ззымыхьчоз аԥсуа ԥҳәыс лышьра ишаҿу иахәаԥшуан. Убри аан аӡәгьы имҳәеит: «Шәызҿу закузеи! Ус ҟашәымҵан! Шәаангыл! ҳәа.  Сара саб иаҳәшьа рыцҳа, уаҩ иимбара ахьааи агәаҟреи шылхылгозгьы, уеизгьы убас дыҳәҳәон: «Ҳара ҳаԥсыуаауп! Ҳара ҳаиааиуеит! Аиашара ҳара ҳауп изтәу, ҳара ҳтәқәа хара имгакәа иаауеит, шәаргьы шәындырҵәоит, Аԥсны ҳара ҳадгьыл ауп!». Арҭ ажәақәа дара еиҳагьы идырбыжкит. Зыԥсы ахәага аарла иҭаз лара авокзалтә плошьадь аҿы днаганы амца лыцрарҵеит. Цаца уеизгьы лыԥсы лхыҵанӡа дыҳәҳәон абас: «Ари аԥсуа идгьыл ауп, ҳара ҳтәы иагоит! Усҟан агәылаԥҳәыс ус лҳәеит: «Аԥсуаа ус ибылуам, абензил лықәышәҭәа!» Егьи агәыла  убас иагьыҟаиҵеит. Сара саб иаҳәшьа лҟынтәи акагьы аанымхаӡеит …»

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа  Аҟәа ақалақь Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра иазку ажәыларатә аоперациа алагара амш 30 шықәса ахыҵит.  

Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра иазкыз ажәыларатә операциа 11 мшы имҩаԥысуан.

Цәыббрамза 16, 1993 шықәсазы Аҟәа ақалақь ахырхарҭала ажәылара иалагеит, ҳәа иҩуеит аҭоурыхҭҵааҩ Уаликәа Ԥачлиа  ишәҟәы «Аԥсуа-қырҭуатә еибашьра» аҿы.  «Ахҭысқәа рыҿиара абасала имҩаԥысуан: 1-тәи амотохысратә бригада  (акомандаҟаҵаҩ В.Смыр, аштаб анапхгаҩы З. Нанба) ҩ-хырхарҭак рыла ажәылара иаҿын: мраҭашәаратәии алада-мраҭашәаратәии аганахьала, даҽакала иуҳәозар, Алада-Гәымсҭатәии Аҩада-Гәымсҭатәи ацҳақәа рҟынтәи. Абригада арратә хықәкы: аӷа игәиҽанӡамкәа аплацдармқәа раанкылара ашьҭахь, аӷа иҟынтәи Алада-Гәымсҭатәии Аҩада-Гәымсҭатәии ацҳақәа ҭарцәны, ихадоу ажәыларатә гәыԥқәа ақалақь ралаллара алыршара, ҵаҟантәи, Бзыԥтәи амҩаду ала Алашарбага аҳабла аганахьала, иара убас хыхьынтәи, - Афон Ҿыц-Аҟәа атрасса ала Аҟәатәи авокзал аҟынӡа. Аҩада-Гәымсҭатәи ацҳа аҭарцәра азы арратә хыдҵа Аԥснытәи ар иреиӷьу амотохысратә баталионқәа иреиуаз - 1-тәи абригада 1-тәи абаталион, ажәлар рҿы Ешыра-Афонтәи абаталион ҳәа изышьҭаз (акомандаҟаҵаҩ Ф. Ҭарба, аштаб анапхгаҩы – Г. Кецба) иадҵан. Ешыра-Афонтәи абаталион иадырҵеит Гәымсҭатәи афронт акомендантә рота (акомандаҟаҵаҩ В. Тәанба). 12 сааҭи 45 минуҭи рзы  Ешыра-Афонтәи абаталион 1-тәи арота Р. Смыр икомандаҟаҵарала ацҳа аанкыларазы ижәылеит, атрасса хадеи Гречко имҩеи  рахь ицәырҵит. Араҟа ҳаруаа аӷа иҿагылеит. Ԥыҭрак ашьҭахь уи иацлеит абаталион зегьы.  Убас ала, Ешыра-Афонтәи абаталион Гәымсҭа аԥшаҳәаҿы иҟаз «амармалташьтә цех» инаркны амҩа ахыкәшарҭа ааигәара, Цугуровка ашьха ашьапаҟынӡа рнапаҵаҟа иааргеит. Ешыра-Афонтәи абаталион иашьҭанеиуан 1-тәи абригада 4-тәи абаталион, даҽакала иуҳәозар,  амаршал Баграмиан ихьӡ зху аерманцәа рбаталион (акомандаҟаҵаҩ В.Косиан). Абаталион ахәҭак амашьынақәа рыла Алада-Гәымсҭатәи ацҳа иқәсны ԥхьаҟа ицеит, егьи ахәҭа шьапыла Гәымсҭа аӡиас ала иӡхыҵит. Ахыкәшарҭатә мҩа ала абаталион Аҩадатәи Иашҭхәа ахь ихаланы апозициа ааннакылеит. Абаталион ахықәкыс аман Лечкоптәи аԥсыжырҭа мрагыларатәи аган ахь ацәырҵра....

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аминистр Ҭеимураз Хишба напхгара зиҭо Аԥсны атуризм Аминистрра аделегациа I Жәларбжьаратәи атуристтә форум «Иҭышәынтәалам адунеи аҿы аҭышәынтәалоу атуризм аҿиара астратегиа», иара убас атуроператорцәа жәларбжьаратәи рконгресс  «Жәларбжьаратәи атуристтә џьармыкьа ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа рҿы атрансфрмациа, аҿиареи апартниорреи рперспективақәа» рылахәхаразы  Ҟазахсҭан, ақалақь Актау аҟынӡа инаӡеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа амҩатә шәарҭадара аиқәыршәара иазкны акомплекстә реидтә профилактикатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагоит. Абри атәы аанацҳауеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Ареидтә усмҩаԥгатә аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадууеи рхылаԥшрала имҩаԥысуеит.

Аҟәа.  Цәыббрамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аспортсменцәа  24  шықәса зхымҵыц аиқәԥаҩцәа рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Урыстәыла Аԥхьахәгара  рхы аладырхәуеит.

Даниил Харчлаа зыкапантә категориа 65 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара дықәгылоит,  Баграт Ԥандариа, Инар Кетиа, Мараҭ Кокосқьери зыкапантә категориа 70 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара иқәгылоит, Асҭамыр Гәынба зыкапантә категориа 79 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара дықәгылоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аҟәа араион активи цәыббрамза 13, 2023 шықәсазы реиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо аҽазышәара уын иқәгылара аҽа ҵаҵӷәык аҭазарц, аиҳаракгьы аинформациа анонимтә хыҵхырҭақәа рҟынтәи, аконтекс иалжәаан иган иқәгылара ахәҭақәа.

Иарбоу ахымҩаԥгашьа ауаажәларра рҿы аибарххара арҵысуеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.