АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Лаҵара.2024

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәатәи алицеи-интернат даҭааит.

Аҟәа. Лаҵарамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа дрылахәын.

Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш аламҭалаз Аԥсны Ахада Аҟәатәи алицеи-интернат даҭааит.

Аслан Бжьаниа ашколхәыҷқәа аныҳәа рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьеишьеит рҵараҿы ақәҿиарақәа.

«Дарбанзаалак ахәыҷы ихӡыӡаара, изинқәа рыхьчара ҳҳәынҭқарратә политика ахырхарҭа хадақәа ируакуп. Ахәыҷқәа роуп ҳара уаҵәтәи ҳԥеиԥш здаҳҳәло, ҳара, адуқәа ҳауп аҭакԥхықәра зду урҭ раԥхьаҟа уаҩык иаҳасабала рышьақәгылараҿы, ԥсҭазаарас ирзаԥаҳҵо азы», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас иаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла абиԥара ҿыц рааӡараҟны арҵаҩцәа инарыгӡо арольи урҭ рылшамҭақәеи ртәы. «Шәара шәџьабаа ахә ашьара уадаҩуп, Аԥсны аԥхьаҟатәи аԥеиԥш ачаԥара знапы иану шәара шәоуп. Иахьа шәара аԥхьаҟа ииуристцәахараны, иҳақьымцәахараны, инџьнырцәахараны иҟоу, апрофессионалцәа рзы ауасхыр ашьҭаҵара шәаҿуп. Ари аинтернат еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иалгахьан еицырдыруа ауаа. Аинтернет аҿы есымша аус руан ззанааҭдырра ҳараку арҵаҩцәа, араҟа есымша аҳра руан зеиӷьаҟам атрадициақәа. Сара агәра ганы сыҟоуп шәара арҭ атрадициақәа ишрыцышәҵо, ишеихашәҳауа», - ҳәа инацҵаны иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҵарадырра аминистр Инал Габлиагьы убасҵәҟьа ахәыҷқәа рныҳәамш рыдиныҳәалеит.   Иара иҭабуп ҳәа реиҳәеит ахәыҷқәа рааӡареи рҵареи аҿы аџьабаа збо арҵаҩцәа, урҭ русураҿы ирзеиӷьаишьеит ачҳара, аихьӡарақәа, аманшәалара.

Алицеи-интернат адиректор Лариса Қаԥба Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иалҳәеит ари акыр зҵазкуа аныҳәа аламҭалазы дахьырҭааз азы. Лара ахәыҷы ихьчара Жәларбжьаратәи Амш азгәаҭара аҭоурых атәы еиҭалҳәеит, Аԥсны ахәыҷқәа ахшыҩзышьҭра ду шрымоу, урҭ ацхыраара рыҭаразы еиуеиԥшым афондқәа шаԥҵоу азгәалҭеит. «Ҳара ҳашкол атәы ҳҳәозар, араҟа аҵара зҵо рхыԥхьаӡара 210-ҩык рҟынӡа инаӡоит, араҟа иаԥҵоуп еиуеиԥшым акружокқәа, урҭ ҳҵаҩцәа гәахәарыла ирҭаауеит», – ҳәа илҳәеит Лариса Қапба.

Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа убасҵәҟьа ари аныҳәа акыр аҵак ду амоуп ҳәа иазгәалҭеит. «Ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы алаку аиҿкаарақәа зегьы шәара шәҿаԥхьа аҭакԥхықәра ду рыдуп.  Ҳара ҭакԥхықәрала ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара аус анагӡара ҳазнеиуеит. Аха макьаназы Аԥсны иарбоу аусхкы аҿы иҟаҵатәу рацәоуп. Аусураҿы ҳара иаҳбоит ахәыҷы изинқәа реилагара иадҳәалоу афактқәа, иҳалшогьы зегьы ҟаҳҵоит урҭ рырҽеиреи рыӡбареи рзы», - ҳәа илҳәеит Мактина Џьынџьалԥҳа. Лара ахәыҷқәа ирзеиӷьалшьеит аманшәалара, аҭынч ԥсҭазаара, анасыԥ.

Аинтернат аҵаҩцәа асасцәа рзы амузыкатә қәгыларақәа, ашколхәыҷқәа инарыгӡоз амилаҭтә кәашарақәеи ашәаҳәарақәеи зцыз аконцертә программа дырхиеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәатәи алицеи-интернат ҳамҭас иеиҭеит афункциарацәа змоу амультимедиатә система.

Аконцерт ашьҭахь Аҳәынҭқарра Ахада идырбеит зхы иақәиҭу аиқәԥара азы аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥысуа ауада. Ари аспортзал аҿы имҩаԥысит илахҿыхәу аицлабрақәа. Аҳәынҭқарра Ахадеи аҵара аминистри аицлабрақәа ирылахәыз аҳаҭыртә шәҟәқәа ранаршьеит.

Аҳәынҭқарра Ахада гәахәарыла дызҭааз асахьаҭыхымҭақәа ргалереиақәа рыҟны ибеит  ахәыҷқәа русумҭақәа рцәыргақәҵа, асахьаҭыхҩцәа қәыԥшцәа дрыҿцәажәеит, урҭ иара рнапкымҭақәа ҳамҭас ирҭеит.

Иахьа ашьжьымҭан Аҳәынҭқарра Ахадеи аҵарадлырра аминистри иара убас Калдахәаратәи ашкол-интернатгьы иаҭааит. Араҟагьы асасцәа ирԥылеит аныҳәатә программа рхианы. Аҳәынҭқарра Ахада ари аҵарауирҭагьы ҳамҭас иеиҭеит афункциарацәа змоу амультимедиатә система.

 

 

 

 

 


Read 509 times - Ашәахьа, 03 Рашәара 2024 11:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.