АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Рашәара.2024

Санкт-Петербургтәи аԥсуа диаспора Иҷыдоу арратә Операциа амҩаԥгара азона аҿы Даур Хмелиов иҭахара инамаданы адышшылара ҟарҵеит.

Аҟәа. Рашәарамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Санкт-Петербургтәи аԥсуа диаспора Иҷыдоу арратә Операциа амҩаԥгара азона аҿы Даур Валери-иԥа Хмелиов иҭахара инамаданы адышшылара ҟарҵеит.

Даур Хмелиов – Санкт-Петебург ақалақь аҿы диит. 2004 шықәсазы Санкт-Петербургтәи абжьаратәи ашкол даналга ашьҭахь дҭалеит  А.И. Герцен ихьӡ зху Санкт-Петербургтәи ауниверситет, уи даналга ашьҭахь Аԥсныҟа дааит.

Иара есымша иҭахын иара аҩбатәи иԥсадгьылны ииԥхьаӡоз Аԥсны анхареи аусуреи.

Аԥсны атәылауаҩны иҟаз иара Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа рҿы аус иуан.  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҿы аус аниуаз иара аҭакԥхықәра злоу, хьаҳәхьачарада змаҵуратә уалԥшьа анагӡара иазнеиуаз аусзуҩ иаҳасабала ихы ааирԥшит. Иара иусура азы Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзуреи Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи рҟынтәи изныкымкәа аҳаҭыртә шәҟәқәа ианаршьахьан.  

Аԥсны иара аус иуан ԥшьы-шықәса инареиҳаны.

2013 шықәсазы Даур Хмелиов аҭаацәара аԥиҵеит, уи Аҟәантәи Санкт-Петербург ақалақь ахь нхараҳәа дыиасит.

«Аус ахиуаз аҭыԥқәа зегьы рҿы иара аиашара иадгыло, ацхыраара иазхиоу, зус бзианы издыруаз уаҩны дыҟоуп ҳәа ихцәажәон. Иара иажәеи иуси еимадан, иусуралшара дуун, ацхыраара зҭахыз дрыцхаауан, аамсҭашәара злаз уаҩын.  Ас еиԥш аҟазшьақәа иара илаиааӡеит иаб Валери Евгени-иԥа Хмелиов. Уи иԥа апатриотизми Аԥсадгьыл абзиабареи илаиааӡеит. Валери Евгени-иԥа ихатәы ҿырԥшы ала ихәыҷқәа реиԥш, хыԥхьаӡара рацәала иҩызцәа, иидыруаз ауаа, Санкт-Петербургтәи адиаспора ахаҭанакцәагьы уахь иналаҵаны,   иреиӷьу ауаҩытәисатә ҟазшьақәа рылаирҵәон.

Даур иҭаацәа Валери Хмелиови Лариса Бганба-Хмелиовеи рԥа аԥсуа, аурыс жәларқәа иреиӷьу рытрадциақәа  рныррала драаӡеит»,  – ҳәа иазгәаҭоуп санкт-Петербургтәи Аԥсуа диаспора адышшыларатә шәҟәы аҿы.

Даур Хмелиов ашкол данҭази даныстудентзи аамҭақәа раан абокс иҽазыҟаиҵон, иара апауерлифтинг азы аспорт азҟазарахь акандидатс дыҟан, атлетика ласы азы аспорт азҟазан, амчратә атлетика азы аспорт азҟазан.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Даур Хмелиов аҳаиртә еилазаара «Россия» аҳаиртәии атранспорттәии ашәарҭадара анапхгараҭара адепартамент аспециалист хада имаҵураҭыԥ ааникылон.  

Даур Хмелиов Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи Запорожтәи аобласти Мариуполи рхақәиҭтәра далахәын. Иара абаталион акомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Иара «Питер» ҳәа аҽырдырга хьӡыс иман. Уи иҷыдоу арратә операциа ахьымҩаԥысуа аҵакыра зегьы аҿы ибзианы ирдыруан.

Даур Хмелиов  дҭахеит  лаҵарамза 26, 2024 шықәса рзы ирратә уалԥшьа анагӡараан. Иара ахәра зауз иҩыза дкамыжькуа иалгара иҽазишәеит. Убасҟан дызгашаз ахәрагьы иоуит. Иара ҩынтәны Афырхаҵара аорден ианаршьахьан.   

«Ари даара цәыӡ дууп ҳара ҳбаталион азы… Ҳара ахаангьы иаҳхашҭраны ҳаҟаӡам иара аидысларақәа зегьы рҿы иааиԥшуаз афырхаҵареи агәымшәареи ртәы. Иара игәаӷьреи игәымшәаеи агәазҭазаара ҳнаҭон, ҳгәы шьҭнахуан. Даур Хмелиов ззанааҭдырра ҳаракыз уаҩын, уи анаҩсгьы иара ауаҩра дууи арыцҳашьареи злаз, еснагь ацхыраара иазхиаз, зҩызцәа есымша ирывагылаз, ауадаҩраҿы иаанзмыжьуаз уаҩын», –  ҳәа адырра ҟарҵоит уи арра ицызхызгоз ауаа.

«Санкт-Петербургтәи Аԥсуа диаспора ахаҭанакцәа Даур Хмелиов иҭаацәеи иуацәеи  ирыдышшылоит», - ҳәа иаҳәоит Аԥсныпресс аредакциа ахь иааз адышшыларатә шәҟәы атекст аҿы.

«Даур дҭахеит Урыстәыла ахьчара азы. Иара иуадаҩу иахьатәи аамҭазы Аԥсны ихьчон», – ҳәа иҳәеит Санкт-Петербург ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ, 1990 – 2000 шш. Санкт-Птербургтәи аԥсуа диаспора ахантәаҩыс иҟаз Рауф Аиба.

«Даур Хмелиов иҭахара цәыӡ дууп иара иҭаацәа рзы еиԥш ҳара зегьы ҳазгьы. Ҳара иаҳхамышҭуазароуп ари адунеи ҳахьықәу зыбзоуроу абри ахаҵа еиԥш иҟаз шраку. Иара аҭоурых аҿы ишьҭа аанижьит. Даур ихьӡ наунагӡа иҩызцәеи иуацәеи иҭынхацәеи, иара дыздыруаз зегьы ргәалашәараҿы даанхоит. Џьанаҭ гыларҭас иоуааит», - ҳәа иаҳәоит адиаспора иҟанаҵаз адышшылара аҿы.

Даур  Хмелиов ииашаны аҩбатәи ԥсадгьылс иԥхьаӡоз, изааигәаз Аԥсны, иаб ивараҿы анышә дамадахоит.

 

 

 

 

 

 

 


Read 311 times - Асабша, 01 Рашәара 2024 17:54
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.