АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Лаҵара.2024

Аԥснытәи ашколқәа рҿы аҵыхтәантәи аҵәҵәабжьы геит.

Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 153 Аԥсны ашколқәа рҿы игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы. Сынтәа ареспублика иахьаҵанакуа  11-тәи аклассқәа ирылгеит 1900-ҩык аушьҭымҭацәа.  2023 шықәсазы урҭ рхыԥхьаӡара  1777-ҩык рҟынӡа инаӡон,  2022 шықәсазы – 1892-ҩык рҟынӡа.

Зынӡа ареспублика аҿы амедалқәа раиуразы иқәгылоуп 12-ҩык акандидатцәа: жә-ҩык – ахьтәы медалқәа, хҩык – араӡны медалқәа раиуразы.

А. Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 аҿы аныҳәа алагеит ашколхәыҷқәа рыкәашара ала. Аҳәынҭқарратә бираҟ ашьҭыхреи аҳәынҭқарратә гимн арҳәареи рышьҭахь аныҳәатә цәаҳәақәгылара мҩаԥысит. Араҟа ашкол адиректори Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аҟәша ахаҭарнакцәеи ахәыҷқәа ирыдныҳәалеит.    

«Абар иааит ари аамҭак ала агәырӷьареи алахьеиқәҵареи зцу амш, аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы агара амш. 11 шықәса рыҩныҵҟа шәареи ҳареи иҳаман имаҷымка агәырӷьара зцыз амшқәа. Ҳара шәара шәыла ҳгәы дууп. Ҳгәыӷрақәа шәыдаҳҳәалоит. Шәара шәахьынтә аӡәырҩы ашкол ишҭаз аҵараиурҭақәа ирҭалахьан. Агәра ганы сыҟоуп, шәара шәаамышьҭахьгьы иҟало аушьҭымҭацәагьы ақәҿиарақәа маҷымкәа ишаадырԥшуа. Арҭ ашықәсқәа зегьы ҳҵара-ааӡаратә усура аҿы иҳадгылаз аҭаацәагьы иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп.  Ҳаушьҭымҭацәа рзеиӷьасшьар сҭахуп ақәҿиарақәа, аманшәалара, шәыгәҭақәа зегьы рынагӡара. Мҩамш!», – ҳәа лықәгылараҿы иазгәалҭеит ашкол адиректор Ирина Повирскер.

Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол №10 аҿы иҟоуп 72-ҩык аушьҭымҭацәа. Руаӡәы ахьтәы медал аиуразы дықәгылоуп.  

Аныҳәатә усмҩаԥгатә Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ ашьҭахрала иалагеит.

Аушьҭымҭацәа рыхьӡала ирацәаны адныҳәаларақәеи абжьгарақәеи рҳәеит. Ахәҭакахьала, ашколхәыҷқәа 11 шықәса рыҩныҵҟа аџьабаа рыдызбалаз, изааӡоз, аҵара дзырҵоз ашкол адиректори арҵаҩцәеи иҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Аушьҭымҭацәа инарыгӡаз аԥсуа кәашарақәа зегьы ргәаҵанӡа инаӡеит.

Аҵарашықәсқәа рхыркәшара асимволра зуаз ажәҩан ахь иоушьҭыз ԥшшәыла еиуеиԥшым анкьаԥышҭақәа, игоз аҵәҵәабжьы, ашәҭқәа, ажәеинраалақәа раԥхьара, ашәақәа рҳәара агәыԥшаара зцу агәырӷьара, аушьҭымҭацәа рҟынтәи ҿыц ашкол ахь зшьапы еихызгаз аҵаҩцәа аҳамҭақәа рыҭара, уҳәа зегьы – акы иалаҩашьо ашкол гәакьа бзиала ҳәа аҳәара иадҳәалоу агәалаҟазаара аԥнаҵон.  

77-ҩык Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №4 аушьҭымҭацәагьы рзы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит

Аныҳәатә цәаҳәақәгылара аҿы аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит ашкол адиректор Валина Аҩардан.

«Ашколтә ԥсҭазаара – ари акы иаламҩашьо аамҭоуп.  Ишәхашәмышҭын шәышкол гәакьеи аџьабаа шәыдызбалаз шәырҵаҩцәеи. Шәара иахьарнахыс даҽа ԥсҭазааратә мҩа шәанылоит. Сара агәра ганы сыҟоуп, шәара шәҿаԥхьа иқәшәыргылаз ахыдҵақәа зегьы шынашәыгӡо. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәеи аманшәалареи», – ҳәа илҳәеит лара.

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе убасҵәҟьа аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит: «Иахьа шәара зегьы шхатәы мҩа алышәхуеит, еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа шәҭалоит. Шәара шәоуп Аԥсны уаҵәтәи аԥеиԥш знапы иану. Шәнапы злашәкуа аусқәа зегьы рҿы аманшәалареи ақәҿиарақәеи шәзеиӷьасшьоит. Мҩамш!».

Аушьҭымҭацәа рҭаацәа арҵаҩцәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит, актәи акласс аҵаҩцәа ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.

 

 

 

 


Read 90 times - Асабша, 01 Рашәара 2024 20:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.