Имҩаԥысыз афорум аҿы еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рҿы иҟоу урыстәылатәи анапхгаратә усбарҭақәа рахь актуалра злоу ахырхарҭақәа рыла ааԥхьарақәа рыдыркылеит. Апарламенттә Асоциациа ахантәаҩы Артиом Михаилов, Аконференциа аихшьаалақәа ҟаҵо, уи инарҭбаау амшхәаԥштәи ихадоу аҵакы змоу аӡбамҭақәа рыдкылара алыршареи ртәы азгәеиҭеит. Аконференциа ахыркәшамҭаз Ареспублика Калмыкиа Алада Урыстәыла Апарламенттә Ассоциациа аҿы ахантәаҩра азы иамаз азинмчы Ростовтәи аобласть ахь аиагара мҩаԥысит. Ашот Миносиан иқәгылараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит, 23 шықәса ирҭагӡоу аусура ашықәсқәа рзы Алада Урыстәыла Апарламенттә Ассоциациа апарламентбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәареи рырҿареи иацхраауа стуктураны ишыҟоу шьақәырӷәӷәахеит. Аԥснытәи аделегациа ахада иара убас 15 шықәса раԥхьа Елиста ақалақь аҿы знапаҵыҩра мҩаԥгаз аусеицуразы Амеморандум ала ишьаҭарку Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламенти Ареспублика Калмыкиа Апарламентгьы русецурагьы уахь иналаҵаны, Аԥснытәи Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа рпарламентқәеи русеицура ақәҿиарақәагьы азгәеиҭеит.
Алада Урыстәыла Апарламенттә Асоциациа аилазаараҿы Ареспублика Аԥсны адепутатцәа имҩаԥыргоит наҟ-ааҟтәи аиԥыларақәа, аконсультациақәа, аинтерес зҵоу азҵаарақәа рылацәажәарақәа, аусура аԥышәа ала аимадарақәа.
«Аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи ишиашоу ала адепутатцәа хаҭала реимадареи аҩганк рзы ифеидуоу аԥсны-урыстәылатәи аусеицура аҿиара иацхраауеит. Ареспублика Аԥсны адәныҟатәи аполитика аҿы есымша ихадоу хырхарҭаны иҟан иагьыҟоуп ҳара ҳастратегиатә партниор – Урыстәылатәи Афедерациа, ари аҭаглызаашьа арӷәӷәара аҿы акыр зҵазкуа ароль нанагӡоит уи асубиектқәа аус рыцура арӷәӷәара», – ҳәа иҳәеит Ашот Миносиан.