АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Лаҵара.2024

Давид Габелиа аенергетикеи атранспорти рминистр ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала Давид Габелиа Ареспублика Аԥсны аенергетикеи атранспорти рминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.

Габелиа Давид Нодари-иԥа диит хәажәкырамза 13, 1978 шықәса рзы Киргизтәи Асовет Социалистә Республика, Фрунзе ақалақь аҿы.

1984 – 1992 шш. Аҟәатәи абжьаратәи ашкол  №20 аҿы аҵара иҵон.

1992 – 1994 шш. Москватәи аобласт Балашыха ақалақь абжьаратәи ашкол №3 аҿы аҵара иҵон.

2000 шықәсазы далгеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминстрра аҟны иҟоу Москватәи Аҳәынҭқарратә Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа Ринститут жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рфакультет «Акоммерциа» азанааҭ ала далгеит.

2001 – 2004 шш. – Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа Еиду Америкатәи Аштатқәеи Канадеи Ринститут адәныҟаекономикатә ҭҵаарақәа рыҟәша аспирант.

2003 – 2004 шш. Иарку Акционертә Еилазаара «Издательский дом «Инфомейер» аҿы аус иуан.

2004 - 2007 шш. Иаарту Акционертә Еилазаара «Урыстәылатәи Аихамҩақәа» («РЖД») аструктуратә ҟәшеиҵақәа рҿы анџьнырс аус иуан.

2007 – 2008 шш. Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара  «Прима» адиректор Хадас дыҟан.

2009 –2011 шш. –  Иаарту Акционертә Еилазаара «Первая грузовая компания» аҿгақәа аус рыцуреи абнатә еидарақәа рганахьала аусура аиҿкаареи рзы аҟәша аиҳабыс аус иуан.

2011 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа еиуеиԥшым акоммерциатә структурақәа рҿы  анапхгаратә маҵзуақәа рҿы аус иуан.

Дҭаацәароуп. Ҩыџьа ахшаара драбуп. 

 

 


Read 66 times - Асабша, 01 Рашәара 2024 21:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.