АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Лаҵара.2024

Владимир Харабуа ԥсрашьҭахь Афырхаҵара аорден ианашьахеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба Владимир  Харабуа иԥшәмаԥҳәыс лнапаҿы илиркит лыԥшәма ԥсрашьҭахь ианашьахаз Афырхаҵара аорден.   

Аҳәынҭқарра Ахада ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса рзы инапы зҵаиҩыз Аусԥҟа инақәыршәаны,  Харабуа Владимир Родион-иԥа Афырхаҵаразы аорден ианашьахеит.

Владимир Харабуа Афырхаҵаразы аорден, Иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгара азона аҿы Донецктәи Жәлартә Республика иахьаҵанакуа ажәыларатә операциақәа рымҩаԥгараан иааирԥшыз афырхаҵареи ахацәнамырхреи рзы ианашьахеит.  

Владимир Харабуа ажьыныҳәамза, 2024 шықәса рзы Авдеевка ақалақь ажәылара аан дҭахеит.


Read 89 times - Асабша, 01 Рашәара 2024 21:40
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.