Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа ашкол аушьҭмҭацәа дрыдныҳәалеит.
«Иахьа шәара шәзы игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы. Уи иаанартуеит иҿыцу, шәхатәы мҩа. Шәашьҭахь иааншәыжьуеит акыр зҵазкуа, хра злоу аԥышәа – аҵараиура азы аџьабааи, хашҭшьа змам ацәаныррақәеи, раԥхьатәи аҩызцәа рырҳареи раԥхьатәи аихьӡарақәеи.
Шәара ишәҵаз рацәоуп, адыррақәеи алшарақәеи шәырҳаит, уи шәаԥхьаҟа акыр ишәыхәараны иҟоуп. Шәаԥхьа ишәзыԥшуп иҿыцу ацәырҵрақәа, алшарақәа, ахықәкқәа. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәеи аманшәалареи. Мҩамш, аҩызцәа!», - ҳәа иаҳәоит адныҳәалара аҿы.
Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу аҿар рахь лхы рханы доусу хьаҳә-хьачарада рыгәҭакқәа рынагӡара иашьҭаларц, акы иацәымшәарц, агәыҩбара аадмырԥшларц азы ааԥхьара ҟалҵеит.
«Ишәдыруазар шәыхәҭоуп, шәара ахаангьы шәхала шәшаанымхо, шәара ишәзааигәоу ауааи ишәырҳаз аҩызцәеи есымша ацхыраара шәыҭара ишазхиоу», - ҳәа иазгәалҭеит Мактина Џьынџьалԥҳа.
Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу ашкол аушьҭымҭацәа аманшәалара, гәырӷьарала иҭәу аԥсҭазаара, ақәҿиарақәа, Аԥсни ауаатәыҩса зегьи рзы хра злоу иҿыцу аихьӡарақәа рзеиӷьалшьеит.