АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Рашәара.2024

Мактина Џьынџьалԥҳа: Дарбанызаалак ахәыҷы насыԥла иҭәу ишәарҭадоу ахәыҷра имазар ахәҭоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа  Аԥсны ахәыҷқәа Жәларбжьаратәи ахәыҷы ихьчара Амш рыдылныҳәалеит.  

«Ари аныҳәа ҳтәыла аԥеиԥш знапы иану, изызку ҳхәыҷқәа рыхьчареи ацхыраара рыҭареи иазкуп. Ахәыҷқәа рыччаԥшь, рҵарадырра, реихьӡарақәа – абри ауп ҳаԥсҭазаара ҵакыс иамоу, убри ауп уи гәылҭәааны иҟазҵо.  

Дарбанызаалак ахәыҷы насыԥла иҭәу ишәарҭадоу ахәыҷреи ибзиоу аҵарадырреи амедицинатә цхыраареи ганрацәала аҿиареи имазар ахәҭоуп.  Убри аҟнытә ари аныҳәатә мшы азы аиҳабацәа зегьы рахь ааԥхьара ҟасҵоит Аԥсны ахәыҷқәа реизҳазыӷьара азы ирылшо зегьы ҟарҵарц. Шәааи, ҳхәыҷқәа ргәы бзианы иахьрызҳаша, иахьыҿиаша, анаҩс Ҳаԥсадгьыл азы ихәарҭаны иҟалартә еиԥш хра злоу адыррақәа ахьроуша аҭагылазаашьақәа аԥаҳҵап», – ҳәа иаҳәоит адныҳәалара аҿы.

Мактина Џьынџьалԥҳа ахәыҷқәа рыхьчара аҿы злагала алоу зегьы: аҭаацәа, арҵаҩцәа, азинхьчаҩцәа, аҳақьымцәа, ахәыҷқәа рыпроблемақәа рыӡбара зхы алазырхәуа зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.

Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу ахәыҷқәа зегьы агәабзиара, анасыԥ, аҵараҿы аихьӡарақәа, рыгәҭакқәеи ргәазыҳәарақәеи рынагӡара рзеиӷьалшьеит.

«Шгәазыҳәарақәа зегьы нагӡахааит, шәыԥсҭазаара хра злоу ахҭысқәа, аемоциақәа, ишәзааигәоу ауаа ргәыбылреи  рыԥхарреи рыбзиабареи  рыла игәылҭәахааит! Шәадныҳәалаз Жәларбжьаратәи ахәыҷы ихьчара Амш!», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәалара аҿы.

 


Read 272 times - Асабша, 01 Рашәара 2024 17:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.