АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Рашәара.2024

Ашәба Лаша ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Рашәарамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

Акыр иаԥсоу аҩызцәа!

Иахьа, рашәарамза 1 азы ҳреспубликаҟны адунеи зегьы аҟнеиԥш, ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаатәи Амш азгәарҭоит. 

Аҳәыҷқәа насыԥ рыманы аҟазаара, ршәарҭадара алыршара аҳәынҭқарратә политика ахырхарҭа хадақәа ируакуп. Аҵак дуӡӡа амоуп ҳара ҳзы ахәыҷқәа ргәы бзианы, адыррақәа рыманы, доуҳала ибеианы, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩра иаԥсаны реиҵааӡара. Инаӡалааит ахәыҷқәа рыгәҭакы лашақәа, ԥхаррала, бзиабарала иҭәызааит иахьрызҳауа аҭаацәарақәа рыҟны зегьы!

Ҳхәыҷқәа ҳрылагәырӷьартә иҟоуп аҵараҟны, арҿиараҟны, аспорт аҟны ирымоу аихьӡарақәа рыла. Иҭабуп ҳәагьы раҳҳәоит ҳреспублика иқәынхо ахәыҷқәа рзы зымч-зылша  иамеигӡо, зԥышәа, здыррақәа рымаздо.

Акыр иаԥсоу ҳхьыбҿар, ахәыҷқәа, ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, аҭынчра, насыԥ змоу ахәыҷра лаша аамҭа! 

 


Read 293 times - Асабша, 01 Рашәара 2024 12:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.