pressadmin-2
Аслан Бжьаниа: Аҳаирбаӷәаза аусура аларгара иазку аинвестициатә проект анагӡара атәыла аекономикатә ҿиара ӷәӷәала иацхраауеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҿы В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» ареконструкциеи аусура аларгареи ирызку апроект ду анагӡара атәы далацәажәеит. «Ҳара уаанӡа аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара еиԥш иҟоу апроект ду анагӡара аԥышәа ҳамаӡамызт. Убри аҟнытә ауадаҩрақәа цәырҵуеит, жәаҳәарада, аха ӡбашьа змам акгьы ыҟаӡам», – ҳәа иҳәеит иара.
Аҳәынҭқарра Ахада агәра ганы дыҟоуп, «30 шықәса раахыс ус игылоу Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» ареконструкциа Аԥсны аҳәынҭқарразы акрызҵазкуа, аҭоурыхтә ҵакы змоу апроектқәа иреиуоуп. Аҳаиртә баӷәаза ареконструкциа анхыркәшахалак анаҩс, жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәо иҟалоит, еиуеиԥшым аҳаирплан хкқәа аднакылоит. Ари аҩыза аинвестициатә проект анагӡара атәылауаа транспортла реиқәыршәара, иара убас аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара аизырҳара, атәыла аекономикатә ҿиара ӷәӷәала ацхраара алнаршоит. «Иаанагои уи? Уи иаанаго ауааԥсыра рыԥсҭазаашьа аиӷьтәра, зматериалтә ҭагылазаашьа бзиоу аҭаацәа рыҟазаара, ахәыҷырацәара, зыҩаӡара ҳараку амедицинеи асоциалтә еиқәыршәареи, - ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада. – Ас еиԥш апроект дуқәа раналогқәа Аԥсны уаанӡа иҟаӡамызт. Ас еиԥш иҟоу апроектқәа ҳәарада Аԥсны аекономикатәи асоциалтәи ҭеиҭыԥш хра злоу аиҭакрақәа аларгалоит».
Аслан Бжьаниа: аҳәынҭқарра ақыҭанхамҩа аҿиара азы ииашаны амҩа алнахит.
Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ареспублика аҿы ақыҭанхамҩа активла аҿиара мҩаԥысуеит, уи иазоужьхоит абиуџьеттә хархәагақәа рнаҩсгьы хазхаҭалатәи аинвестициақәагьы. Абри атәы Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Хы-шықәса рыҩныҵҟа ақыҭанхамҩа аҿиаразы ахықәкытә программа анагӡара иазоужьхеит 300 млн. мааҭ. 2024 шықәсатәи атәыла абиуџьет аҿы иарбоу ахықәқәа рынагӡаразы иазԥхьагәаҭоуп 150 млн. мааҭ. «Ҳара иҳамоуп имаҷымкәа инагӡоу апроектқәа. Ухала уцаны ублала иубар алшоит ана-ара апроектқәа рынагӡара шымҩаԥысуа. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ақыҭанхамҩа иалагалахо иалагеит имаҷымқәа аԥаратә хархәагақәа, уи аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи мацара акәымкәа, Урыстәылатәи Афедерациа абанкқәа рыдгыларала альготатә кредиқәа рзоужьра аҳасабалагьы имҩаԥысуеит», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа. Иара ҿырԥштәыс иааигеит Очамчыра араион Кәтол ақыҭа. Араҟа аинвестициақәа рымҽхак иааизакны 1,4 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Уи –100 гектарк инареиҳаны ааӡахәаҭрақәа, иара убас зыргылара иаҿу аҩыҟаҵарҭатә зауади амилаҭтә чысқәа рқьафурҭеи. «Ари апроект даара аинтерес аҵоуп. Аҳәынҭқарра уи адгылара анаҭеит, 800 млн. мааҭ кредит ҳасабла иазоунажьит. Аҩыҟаҵарҭатә зауади ақьафурҭеи раартра азԥхьагәаҭоуп ҳазҭоу ашықәс нанҳәамза 15 рзы. Уи Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа аҿиаразы хра злоу аимпульсны иҟалоит. Сара агәра ганы сыҟоуп ари аҭыԥ Аԥсны иаҭаауа асасцәа рацәаны ишаднаԥхьалало. Сара сгәаанагарала, ари ииашаны ирхәыцыз, ианаамҭоу иаԥшьыргаз проектуп», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Даҽа проект дук анагӡара мҩаԥысуеит Гәылрыԥшь араион аҿы, уаҟа аинвестициақәа рымҽхак 700 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. «Ари апроект ҳреспублика аҿы иаарыххо ацитрустә шәырқәа реизақәреи, иара убас урҭ ашәырӡқәеи ашәыреиларжәршьышьқәеи ирыдҳәалоуп. Ари баша цәжәараны иҟаӡам, ари апроект хара имгакәа анагӡарахь инеиуа ауп», – ҳәа иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.
Ахатәы инвестициақәа рыла ԥыхьатәи асовнхара «Кохора» аҿы ацитрустә плантациақәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит. «Ари анхамҩа аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы 200 тонн рҟынӡа аарыхра аиуон. Убри аан, иазгәаҭатәуп уаҟа иҟоу 600 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл аҵакыра аҟынтәи ахархәара шамаз 70 - 80 гектар мацара, егьи иаанхаз ажәырҭ ахыиааны иаанханы иҟан. Уажәы зегьы дрыцқьеит, зқьыла аиҭаҳатә ҿыцқәа еиҭарҳаит, зегьы ҭахкаауп. Арҭ ашәырҵлақәа 5 – 8 шықәса рышьҭахь ашәыр аҿалоит. Зегь ус ицар, ҳара ҳазыхынҳәуеит асовет аамҭа азы иҟаз арбагақәа», ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.
Гал араион аҿы анагӡара иаҿуп апроект ду. «200 тонна инареиҳаны аԥсыӡ аалыҵ роуит Галтәи аӡеизакырҭа аҿы. Ара ирааӡоит акалмаҳа, аԥсыӡкәтаӷь ҟаԥшь ҭрыжьуеит. Анаплакы анаҩсгьы аҿиара иаҿызаауеит, ҳаргьы уи ацхыраара аҳҭоит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аслан Бжьаниа: апартаментқәа рзы азакәан апроект аиҭакра алшоит, аха уи ҳтәыла аеканомика азы хәарҭа аланы иҟалоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны идыргылоит ирҭииуеит апартаментқәа, аха уи иахьа иҟоу аԥҟарақәа рыла ауп ишымҩаԥысуа, убри аҟнытәи аппозициа ауаа рырҩашьара иазырханы имҩаԥнаго аусмҩаԥгатәқәа ахәҭаны иҟам ҳәа исыԥхьаӡоит. Абри атәы Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Уби аан уи инаҵшьны иазгәеиҭеит «иахьа иҟоу аԥҟарақәа инагӡаны игәылыршәам, ари зегьы раԥхьаӡа иргыланы абизнес ауп – апартаментқәа рыргылареи урҭ рыҭиреи иахьа Аԥсны абиуџьет ахь изеиԥшразаалак ахашәалахәы ҳәа акгьы нанашьҭӡом. Апартаментқәеи апарт-отельқәеи рзакәантә шьаҭа аҭышәынтәалара азы азакәан иарбазароуп апартаментқәа знапаҿы иҟоу аԥшәмацәа рмазаразы ашәахтә. Уи аҟнытә иааиуа ахархәагақәа хықәкылатәи абиуџьеттә фонд аҟны еизгахарц, уи ҷыдала Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рыбзазара аиӷьтәра иазырхазарц.
Аҳәынҭқарра Ахада азакәанԥҵаратә аԥшьгара аҳасабала Жәлар Реизара-Апарламент ахь иалеигалаз «Апарт-отельқәеи апартаментқәеи рзакәантә шьаҭа аҭышәынтәалара азы «азакәан апроект акәзар, уи Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, «аиҭакрақәа алагалазарц алшоит; уаҟа апараметрқәа еиҭарыхәаԥшзар, агеографиа еиҭахәаԥшзар ҟалоит, аха уи иааизакны аусхкы аҿиара, ҳекономика иҭышәынтәаланы аҿиара иацхраауа зегьы реиҳа ихадоу аусхкы ауп».
Аслан Бжьаниа: Иҷыдоу арратә Операциа Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа акала иаԥырхагамхаӡеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Украина имҩаԥнаго Иҷыдоу арратә операциа Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа акала иаԥырхагамхаӡеит.
«Урыстәыла Аԥсны адгылара аҭара, асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аганахьала ахахьы иагаз ахыдҵақәа зегьы рынагӡара алыршахоит», - ҳәа Аԥснытәи ателехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада агәра ганы дыҟоуп, Урыстәыла уажәы изхысуа аԥышәагьы ишахәҭоу ала, иааирала ишахысуа. «Сара агәра ганы сыҟоуп, Иҷыдоу арратә операциа иааирала ишхыркәшахо», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад 6 шықәса ахыҵуеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭоит. Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад иахьа иахыҵуеит фы-шықәса. Ари мыцхәы идуцәам аамҭахәҭа аҩныҵҟа Иҷыдоу аотриад ахатәы еилазаара изныкымкәа профессионалла ахы аанарԥшхьеит.
Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Идҵа инақәыршәаны, изаамҭанытәиу аҷыдалкаатә абжьаранапхгаратә хьӡқәа ранашьахеит Иракли Паҷкориеи Алан Џьарсалиеи. Амедал «Аԥсны амилициа 100-шықәса ахыҵра» ранашьахеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, амилициа аполковник Рашь Ҵәыџьбеи Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад акомандаҟаҵаҩ, амилициа аполковник еиҵбы Дадын Чачхалиеи.
Аслан Бжьаниа Архангельсктәи аобласт агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ Ваге Петросиан дидикылеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Архангельсктәи аобласт агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ Ваге Петросиан зхадараҿы дыҟоу аделегациа идикылеит. «Бзиала шәаабеит Аԥсынтәыла, шәбара сеигәырӷьоит. Инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп Шәара ҷыдала инашәыгӡо амиссиа. Уи иаанаго ҳара иҳабжьаҳҵаз аимабзиаратәи аусеицуратәи аизыҟазаашьақәа хра злоу аҿиара шамоу, уи жәаҳәарада алҵшәа бзиақәа аанарԥшраны иҟоуп ҳаԥхьаҟа», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада аделегациа ахаҭарнакцәа рыла Архангельсктәи аобласт ахада ихьӡала Аԥсныҟа ааԥхьара ишьҭит. Ваге Петросиан Аслан Бжьаниа адкылара бзиа азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит, иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу аиԥыларақәа традицианы ишыҟалаз.
«Аиашазы, ҳаиԥыларақәа ибзиоу традицианы иҟалеит. Саацыԥхьаӡа избоит Аҟәа еиҳа-еиҳа ишҿио, аҽшаԥсахуа. Еиҳа-еиҳа имаҷхоит 30 шықәса раԥхьа аҭыԥ змаз арыцҳара ашьаҭақәа. Агәахәара унаҭоит ареспублика аҿиара», - ҳәа иҳәеит иара.
Краснодартәи аипподром аҿы Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа ргәалашәара ахьӡала аҽырыҩра мҩаԥгахоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 27 рзы Краснодартәи аипподром аҿы иаатуеит 2024 шықәсазтәи аҽырыҩратә сезон. Уи аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа рыхьӡала аҽырыҩра мҩаԥгахоит.
Аҽырыҩратә сезон аартра аԥхьахә агаразы хы-шықәса зхыҵхьоу арабтәи аҽыҩқәа рыбжьара 1800 метра аҩра иалахәхоит Аԥсны аҿари аспорту русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы иатәу Колхида Терск ҳәа ахьӡҷыда змоу аҽыҩ, иара убас Осман Абан ҳәа ахьӡҷыда змоу аԥснытәи аҽаҽааӡаҩ Беслан Абхазаа иҽыҩ.
1992-1993шш. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа ргәалашәара ахьӡала аԥхьахә агара азы 1800 метра аҩра иалахәхоит Ахра Ашәба иҽыҩ Џьалил Гранд .
Гагра араион аҿы аус зуа анотариалтә конторақәа рҿы уаанӡа иазԥхьагәаҭамыз агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә нотариалтә конторақәа русура ахылаԥшреи агәаҭареи рсистема аҳәаақәа ирҭагӡаны, аиустициа аминистр ихаҭыԥуаҩ Еснаҭ Лакербаиеи анотариати АҬАРи русбарҭақәа ахылаԥшра рыҭара аҟәша аиҳабы Саида Оҭырбеи аџьатә еиҿкаара аԥҟарақәа рықәныҟәара алыршара азы Гагра араион аҿы аус зуа анотариалтә конторақәа уаанӡа иазԥхьагәаҭамыз ргәаҭара мҩаԥыргеит.
«Аиустициа Аминистрра ахь аҵыхәтәантәи аамҭазы атәылауаа рҟынтәи лассы-лассы иаауа иалагеит аҳәынҭқарратә нотариалтә конторақәак рҿы аџьамш аԥҟарақәа реилагара азы азашшрақәа. Аиустициа Аминистрра ахь иаауа ааԥхьарақәеи арзаҳалқәеи зегьы аоперативла азхьаԥшра аиуоит. Убри инамаданы, аҳәынҭқарратә маҵзурақәа ианаамҭоу, ишахәҭоу ала рынагӡара алыршара хықәкыс иҟаҵаны планла иазԥхьагәаҭам агәаҭарақәа еиҿкаахоит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аминистрра апресс-маҵзура.
Жәлар Реизара-Апарламент «Аҳәынҭқарратә баџь азы» азакәан аиҭакрақәа аланагалеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа аҩбатәи ахыркәшаратә аԥхьараҿы «Аҳәынҭқарратә баџь азы» азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Иарбоу азакәан апроект азы рыбжьы рҭиит 29-ҩык адепутатцәа.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.
Азакәан апроект ахәдықәҵаразы аиқәшаҳаҭрақәа рышьақәырӷәӷәара азы аҳәынҭқарратә нотариалтә конторақәа рнотариусқәа инарыгӡо ауснагӡатәқәа рзы аҳәынҭқарратә баџь алхра иадҳәалоу азакәанхархәаратә ԥышәа аиӷьтәра хықәкыс иаманы еиқәыршәоуп. Иарбоу азакәан апроект ала иалххо аҳәынҭқарратә баџь анаӡаратә ҩаӡара шьақәыргылахоит.
Жәлар Реизара-Апарламент Актәи ааԥхьара адепутатуцәа уажәы иҟоу адепутат есымзатәи иуалафахәы аҟынтәи 75 % иаҟароу ашәатәқәа роулоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат истатус азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан ахәҭаҷ 273 аиҭакра алагаларазы», азакәан апроект рыдыркылеит.
Иарбоу азакәан апроект Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Актәи ааԥхьара адепутатцәа ртәанчахәытә еиқәыршәара азинтә шьаҭақәеи ашәатәқәа рынагӡара аԥҟарақәеи закәанԥҵаратәи ралкаара иазырхоуп.
Иабоу азакәан апроект Азакәан апроект абҵарамза, 1996 шықәсанӡа Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат изинмчы назыгӡоз Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ирызшәахо есымзатәи аԥаратә шәатәқәа азԥхьагәанаҭоит.








