
pressadmin-2
Ажьырныҳәамза 14 ауха Аԥсны адунеи аԥҵара Амш азгәарҭоит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәа, мамзаргьы Адунеи ацәырҵра Амш – аԥсуаа рҿы традициала жәытә-натә аахыс ишьақәгылахьоу аныҳәақәа иреиуоуп. Уи ажьырныҳамза 13- 14 ауха ауп ианазгәарҭо.
Зқьышықәса уажәаԥхьа аԥсуаа зыгәра ргоз рынцәахәқәа дыруаӡәкуп Шьашәы. Аԥсуаа ажәытәан ишхарҵоз ала, Шьашәы ажьирақәеи ажьицәеи рынцәахәы иакәын. Убри аҟнытә дара ажьира анцәахәы Шьашәы иҳәон дрыцхраарц азы. Ажьира – жәытә-натә аахыс аԥсуаа рҿы иԥшьоу ҭыԥны иԥхьаӡоуп, ажәытәын уи ҩнаҭацыԥхьаӡа игылан, араҟа аныҳәарақәа ҟарҵон, иара убас ажьаҳәа, аԥсынгьери, арыҭәа уҳәа рнапы ақәҵаны аҭоубагьы шьҭарҵон. Ажәытәӡан аԥсуаа ажьира ажәҩанмца амацәыс иахәҭакны ирыԥхьаӡон. Амацәыси ажьиреи амагиатә еимадара рыман, уи ауааи иреиҳаӡоу амчқәеи рыбжьаҟаза аҳасабала иахәаԥшуан.
Ажьырныҳәа аҽны аҭаацәа зегьы еизоит, ашьтәа ршьуеит, ажьира иадгыланы иныҳәоит.
Ашьыжь шаанӡа аҭаацәа рҿы еиҳабу ашҭа дықәланы наунагӡа аԥсҭазаара символра азызуа ашәшьи ажәла аизҳазыӷьара иазку араса махәқәеи еизганы аҩны - агәара иахьиигӡоит. Анаҩс ахәыҷқәа ахьыцәо ауада дааҩналаны аԥараҿырпи аџьықәреи арыцқәеи араса амахәқәеи ҩнеиԥсоит. Уи Зегь Зымчу иахь аҭаацәа реизҳазыӷьара азы аҳәара символра ауеит. Убри аан иара иҳәоит: «Ахьи араӡны ҷах-ҷах».
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ажьырныҳәамзазы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ажьырныҳәазы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп.
«Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар, ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа, Аԥсны иқәынхогьы, уи анҭыҵ иҟоугьы, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аԥсуаа ҳзы иԥшьоу, аҵак дуӡӡа змоу Ажьырныҳәа!
Шәышықәсала ҳажәлар имырӡқәа иаарго ари аныҳәа амч еиднакылоит аҭаацәарақәа, ауа-аҭахыра, еизааигәоу зегьы. Абри ауха Анцәа иахь рхы рханы аиҳабацәа аҭоурых дуӡӡа змоу Ҳаԥсадгьыл азы иныҳәоит, аҭынчра, ахирра, абарақьаҭра агымзарц, иҟазарц аизҳара, анҵыра, ҳҵас, ҳқьабз мыӡырц азы, ҩнаҭацыԥхьаӡа аҳәоуеиқәшәара, аҳаҭыреиқәҵара рымазарц азы.
Аҳазалхаҩцәа аԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аҿы амаининг аппаратқәа фба ааныркылеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 11 рзы аҳазалхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аҿы аоператив-профилактикатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан, аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа ирыԥшааит акриптовалиута арҳара иазку х-аппаратк.
Амаининг аппаратқәа рыԥшааит Аԥсны атәылауаҩ Берулаа П. Г. дзықәтәаз автомашьына Nissan Terrano асалон агәаҭараан.
Зҭыжьратә лшара 104 Тх/с. рҟынӡа инаӡо даҽа х-аппаратк WhatsMiner M30S+ Аԥсны атәылауаҩ Нарманиа Б. Иу. дзықәтәаз автомашьына Toyota Alphard асалон аҩныҵҟа ирыԥшааит.
Аппаратқәа изтәу ирымхуп. Административтә зинеилагарақәа рзы ашьаусеилыргарақәа хацыркуп.
Харитон Агрба Марселино Николас Лопес диндаҭлоит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 10 рзы Екатеринбург ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп апрофессионалтә бокс азы атурнир (RCC Boxing Promotions), ҳәа адырра ҟанаҵоит Sport.rambler.ru. Ари аспорт абзиабаҩцәа урыстәылатәи апроспект Харитон Агрбеи (12-0, 8 КО) аԥышәа змоу аргентинатәи аспортсмен Марселино Николас Лопеси (37-4-1, 22 КО) реиндаҭлара рбараны иҟоуп. Урҭ реиԥылара мҩаԥысуеит зықьҩыла ауаа зкуа Акультура-гәырҿыхаратә Комплекс «Уралец» арена аҿы.
Жәларбжьаратәи акласс змоу Урыстәыла аспорт азҟаза Харитон Агрба 2019-шықәса анҵәамҭазы апрофессионалтә бокс ахь дыиасит, убри аамҭа инаркны иара знык иадамзаргьы даҵамхаӡацт. Ԥшьышықәса рыла иара 12 еиндаҭлара мҩаԥигеит, 12 иааира игеит, урҭ рахьынтә ааба ҽҳәараанӡа, аӡбаратә ҭаҩрақәа рҿы раундк аҿгьы даҵамхаӡацт.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа: Риҵаҟа аӡынтәи агьежьхарԥа змам амашьынақәа рыла аҭалара азин ыҟаӡам.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 12 рзы аӡиа Риҵа аҿы ӷәӷәала асы алеира иалагеит. Иарбоу амаршрут ала ацара згәаԥхо аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш ҳреспублика иаҭаауа асасцәагьы рыбжьара иахьырацәоу инамаданы, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа иҷыдоу арота ахатәы еилазаара аӡиа ахь уназго атрасса зегьы иахьаҵанакуа апрофилактикатә реидтә усмҩаԥгатәқәа нарыгӡоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ҭаниа ишазгәеиҭаз ала, Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк аҭаларазы азин рымаӡам аӡынтәи агьежьхарԥа змам амашьынақәа зегьы.
Ажьырныҳәамза 19 – 20 рзы Алиса Гыцба Воронежтәи афилармониа асценаҿы дықәгылоит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 19 – 20 рзы Воронежтәи афилармониа асценаҿы дықәгылоит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка, Аԥсны жәлар рартистка Алиса Гыцба, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
Авокалистка иналыгӡоит италиатәи акомпозитор Џьакомо Пуччини иопера «Тоска» аҟынтәи еицырдыруа Тоска иариа.
Кәтол ақыҭан аԥҳәыс лыԥсыбаҩ аҵеиџь аҟны ирбеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 11, 2023 шықәа. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Кәтол ақыҭан инхоз 44 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс лыԥсыбаҩ аҵеиџь иҭыргеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аусҭҵааҩцәа аԥҳәыс мчыла дшьуп ҳәа лыԥсыбаҩ аҷыдаҟазшьа ҳәа акгьы шадбалам азгәарҭеит.
Иҟалаз ахҭыс Очамчыра араион апрокуратура аҿы аусҭҵаара мҩаԥысуеит.
Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа аусзуҩцәа зегьы амҩаҿы агәҽанызаара аадырԥшларц азы ааԥхьара ҟарҵоит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа ажьырныҳәамза 12 – 13 ауха иҟаларц зылшо амшцәгьақәа иазыхиоуп.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит ареспубликатә трасса арыцқьара, иқәҵааз амҩақәа рҿы ианаамҭоу аԥслымӡ ақәыԥсара. Аԥслымӡ зқәу амашьынақәа рхианы Амҩатә Ԥыԥшырҭатә Станциақәа рҿы игылоуп.
Ахьшәашәарақәа ҟалоит ажьырныҳәамза 13, 14, 15 рзы.
Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа аусзуҩцәа зегьы амҩаҿы агәҽанызаара аадырԥшларц, излауа ала аӡынтәи агьежьхарԥа змам амашьынақәа рыла хара амҩа иқәымларц азы ааԥхьара ҟарҵоит.
Амандарина аҿыхра аамҭахәҭа алагара инаркны Урыстәылаҟа експорт ҳасабала 22 нызықь тонн инарзынаԥшуа ацитрустә шәыр дәықәырҵеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Асезон алагара инакны ԥхынҷкәынмза анҵәамҭанӡа експорт ҳасабала идәықәҵаз амандарина акапан 21 680 тонн рҟынӡа инаӡоит, уи иҳаҩсыз ашықәс, аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы аасҭа 5 нызықь тонн рыла еиҵоуп. Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҳазалхратә статистикеи анализи рыҟәша аҟны.
10-мыш рыла аӡиа Риҵа иаҭааит 10 нызықьҩык ауаа.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 10 127 - ҩык аҭааит Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк ашықәсҿыцтәи аныҳәатә мшқәа ажьырныҳәамза 1 инаркны 10-нӡа. Урҭ рахьынтә - 1 120- ахәыҷқәа роуп. Иҭииз абалеҭқәа рҟынтәи афинанстә лагалақәа - 6 525 900 мааҭ рҟынӡа инаӡоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.
2023 шықәса, аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк иаҭааз рхыԥхьаӡара 10 077-ҩык рҟынӡа инаӡоит, урҭ рахьынтә – 1045 ахәыҷқәа. Иҭииз абилеҭқәа рҟынтәи афинанстә лагалақәа - 6 531 400 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.