АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Рашәара.2024

Севастопольтәи аҳәынҭқарратә Университет археологцәа ажәытә ргыламҭа ахыжәжәарақәа рыԥшааит.

Аҟәа. Рашәарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Севастопольтәи аҳәынҭқарратә Университет археологцәа жәларбжьаратәи аӡаҵаҟа-рхеологиатә експедициа аилазаараҿы имҩаԥгаз археологиатә ҭҵаарақәа ирылҵшәаны Аҟәатәи ашыцәаҟны ирбеит абжьарашәышықәстәи аамҭахәҭа иаҵанакуа ажәытә ргыламҭа ахыжәжәарақәеи антикатә амкьаҭқәеи, ҳәа РИА Новости ахь адырра ҟанаҵеит аҵараиурҭа апресс-маҵзура.

Севастопольтәи аҳәынҭқарратә Университет археологцәа Амшын Еиқәа аҿы ажәытә ргыламҭа ахыжәжәарақәа рыԥшааит.  

 Иҷыдоу аппаратура ахархәарала аӡхәыҵалаҩцәа адыԥхьаланы археологцәа  рашәарамза-ԥхынҷәынмза, 2023 шықәса рзы, Гәдоуҭеи Аҟәеи рӡымҽхак иахьаҵанакуа 1 метрак инаркны 60 метра рҟынӡа аӡы аҵаулараҿы акультуратә ҭынәа аобиект аҟзаара азы аҭҵаарақәа мҩаԥыргеит.

Археологцәа ргәаанагарала, еиҳа аинтерес зҵоу аԥшаамҭа Аҟәатәи ашыцәаҟны, Басла аӡиас  аӡалаларҭа аҿы ирбеит. Араҟа иҟазар алшон ажәытәӡатәи ақалақь Диоскуриа, ҳәа адырра ҟаиҵеит аҭоурыхҭҵааратә наукақәа ркандидат, Ставропольтәи аҳәынҭқарратә Университет акафедра адоцент, Урыстәылатәи Анаукақәа Ракадемиа мрагылараҭҵаара Аинтитут ҟрымтәи аҭҵаарақәа Рцентр анапхгаҩы Виктор Лебедински. Уи ишаҳзеиҭеиҳәаз ала, Баслаҭа аӡиас Аҟәатәи ашыцәа иахьалало 2,4 метра аҵаулараҟны иԥшаан ихыргьежьаау аргыламҭа ахыжәжәарақәа. Агәаанагара ыҟоуп аҭӡы иадҟаҵалаз абаашқәа ракәзар ҟалап ҳәа.

«Уаанӡа, 1970-1980 шш. рзы, араҟа ирыԥшаахьан антикатә стела, уи уажәы Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны иҟоуп. Иарбоу араион аҿы, 2,4 метра рҟынӡа инаӡо аӡы аҵаулара аҿы ирыԥшааит ихыргьежьааны еиқәҵоу аргыламҭа ахыжәжәарақәа. Уи акьыр иалашьыху абӷанҷ ала иҟаҵоу аргыламҭан, иара иалоуп иара убас анышәаԥшьӡгьы», — ҳәа еиҭеиҳәеит аҵарауаҩ.

Иара ишазгәеиҭаз ала, иарбоу аҭыԥ аҿы аӡы ирацәаны алыкьи аԥслысӡи алоуп. Убри аҟнытә аҭҵааҩцәа анаҩс аплан ашьақәыргылара азы ирцәыуадаҩын ари аобиект  аҭыхымҭақәа рыҟаҵара.  Ари архиологиатә баҟа инарҭбааны аҭҵаара иазку аусурақәа азԥхьагәаҭоуп 2024-2025 шықәсақәа рыҩныҵҟа.

Гәдоуҭа аӡымҽхакыраҿы ирԥыхьашәеит антика-абжьарашәышықәсатәи аамҭа иаҵанакуа амкьаҭқәа рацәаны. Виктор Лебедински игәаанагарала, уи иӡааҟәрылаз аӷба иақәыз аидара ауп.

«Иаагозар, ҳара аҟәара аҟынтәи 4,5-5 км. ҳнаскьаны, 48-50 метр рҟынӡа инаӡо аӡы аҵаулараҿы иҳаԥшааит антикатә мкьаҭ.  Ҳгәы ишаанаго ала, уи иҟалар алшоит ииасны ицоз, мамзаргьы иӡааҟәрылаз аӷба иақәыз аидара акәын. Ҳара ажәытә аӷба аҭахара ахьыҟалаз аҭыԥи аилкаареи аинтерес аҵазар зылшо  археологиатә обиект аԥшаареи рзы мҽхакы ҭбаала аҭҵааратә усурақәа мҩаԥаагеит», – ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Виктор Лебедински.

Уи иажәақәа рыла, агидролокаторқәа рхархәарала аҵарауаа ирԥыхьашәеит 11 акрызҵазкуа аӡаҵатәи аобиектқәа, урҭ иааиуа ашықәсқәа рзы аӡәхәыҵалаҩцәа иҭырҵаауеит.

Аҭҵаарақәа Ажәытәӡатәи аамҭақәеи абжьарашәышықәсатәи аамҭахәҭеи рзы Идуу Адгьылбжьарамшын  арегион иахьаҵанакуа амшынланыҟәара, аӷбаргылара, мшынла ахәаахәҭра аҭоурых аҭҵаара иазку апроект ду аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥыргон Севастопольтәи аҳәынҭуниверситети, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Мрагылараҭҵаара Аинститути, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеии рҵарауаа.  Аусура алҵшәақәа рӡыргара мҩаԥган VIII Аҳәынҭқарратә музеи-ҳәарԥсарра «Херсонес Таврический» аҿы имҩаԥысыз  Жәларбжьаратәи анаукатә конференциа «Ҟрыми  Адгьылбжьарамшын  арегиони Мрагылара атәылақәеи рыбжьара аҭоурыхтә, акультуратә, амилаҭбжьаратәи, адинхаҵаратәи аполитикатәи еимадарақәа» (Международной научной конференции «Исторические, культурные, межнациональные, религиозные и политические связи Крыма со Средиземноморским регионом и странами Востока») аҿы.

 

 

 

 

 


Read 172 times - Аҩаша, 11 Рашәара 2024 17:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.