АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Рашәара.2024

Жәларбжьаратәи арена аҿы аихьӡарақәа аазырԥшыз аԥснытәи аспортсменцәа рыдкылара мҩаԥысит.

Аҟәа. Рашәарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 10 рзы Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы Жәларбжьаратәи арена аҿы аихьӡарақәа аазырԥшыз аԥснытәи аспортсменцәа рыдкылара мҩаԥысит.  

Аҳәынҭқарратә Еилакы ахь ааԥхьара рырҭеит Урыстәыла Аԥхьахәгара аҿы араӡнытә аԥхьахә зауз, таитәи абокс азы Алада Урыстәылатәи Афедералтә Округ Аԥхьахәгара аҿы аиааира згаз Кристина Беииа, абокс азы Урыстәыла Аԥхьахәгара аҿы аиааира згаз Сандро Цымцба, таитәи абокс азы Урыстәыла Аԥхьахәгара аҿы араӡны медал занашьаз Сандро Ҵәыџьба, кикбоксинг азы Алада Урыстәылатәи Афедералтә Округи Нхыҵ-Кавказтәи Афедератә Округи  Раԥхьахәгара аҿы аиааира згаз Улиана Махонина, Урыстәылатәи Абаҩарҵәыра-спорттә Еиҿкаара «Спартак» ааӡамҭа, абоксиор Анри Зарданиа, Урыстәылатәи Арбџьармчқәа абокс азы атурнир аҿы аиааира згаз Данил Цаавеи Аинар Малиеи, зхы иақәиҭу аиқәԥара азы урыстәылазегьтәи атурнир аҿы аиааира згаз Вахтанг Акаба, Dagestan Wild Trail 2024 аҿы араӡнытә аԥхьахә згаз Дамеи Конџьариа, Алада Урыстәылатәи Афедералтә Округ Аԥхьахәгара аҿы аиааира згаз, абокс азы Урыстәыла Аԥхьахәгара аҿы аџьазтә медал занашьахаз  Едгар Депелиан.

Аспортсменцәеи урҭ рҭаацәеи разыҟаҵаҩцәеи дрыдныҳәалеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба.

«Ҳара ҳзы гәахәара дууп иахьа абра шәбара. Шәара ҳреспублика ахьӡырҳәагақәа шәоуп. Агәра ганы сыҟоуп шәаԥхьаҟа аихьӡара дуқәа шышәзыԥшу. Ақәҿиарақәеи аманшәалареи шәыцзааит аринахысгьы! Иҿыцу аихьӡара дуқәа шәоуааит! – ҳәа аспортсменцәа дрыдныҳәало иҳәеит Ахылаԥшырҭа ахада.

Аспортсменцәа рганахьала ироуз ахшыҩзышьҭра азы иҭабуп ҳәа рҳәеит, раԥхьаҟа ирымоу агәҭакқәагьы ирылацәажәеит.

Аспортсменцәа зегьы Аҳәынҭқсарратә Еилакы ахьӡала агәаларшәагатә ҳамҭақәеи аԥаратә џьшьареи рырҭеит.


Read 149 times - Аҩаша, 11 Рашәара 2024 16:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.