АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Рашәара.2024

Ашьапылампылтә Клуб «Ерцахә» — ҩажәижәаба шықәса ирҭагӡоу апас.

Аҟәа. Рашәарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. /Фаина Кондратиева, Аԥснымедиа/. Ҩажәижәаба шықәса раԥхьа, рашәарамза 10, 1994 шықәса рзы ашьапылампылтә Клуб «Ерцахә» раԥхьатәи аофициалтә матч мҩаԥысит.    Убри амш инаркны акоманда ирласны ашьапылампылтә олимп ахь инаӡо иалагеит. Ашьапылампыл аветеранцәа руаӡәы иажәақәа рыла, шықәсақәак рыла, аиндаҭлҩцәа очамчыраа рыцыхәмарра иацәшәо иҟалеит. Аклуб раԥхьатәи ахәмарыҩцәа иреиуоу, ашьапылампыл азы Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Рамин Киут аклуб раԥхьатәи ашықәсқәа шигәалашәо атәы еиҭеиҳәеит:

«Аибашьра еилгеит. Очамчыраа еизаны ашьапылампылтә команда аԥырҵарц рыӡбеит. Аидеиа зтәыз уаанӡа еицырдыруаз ашьапылампыласҩы Валери Делба иоуп, иуҳәар алшоит иара иоуп аклуб «Ерцахә» аԥҵаҩыс иҟалаз ҳәа. Ахәыҷтәы шьапылампыл аибашьра ашьҭахь Очамчыра ақалақь аҿы  –  ари абаҩхатәра злаз аиҿкааҩ, ахәыҷтәы команда аԥиҵарц азы араион ашколқәа зегьы еимыздаз   Заур Делба ибзоуроуп.  Аклуб аԥҵара азы аидеиа шышьақәырӷәӷәахаз еиԥшҵәҟьа аусура еилашуа иалагеит. Ақалақь иалан автобус, ахәмарыҩцәа еизго. Аԥхьанатә ҳара ҩынҩажәаҩык ҳаҟан, аха нас акоманда агәыцә аанхеит. Ашьапылампыласыҩцәа даарывагылеит усҟан араион ахадас иҟаз Баҭал Тапаӷәуагьы.  Акоманда дацны иара есыхәылбыҽха адәы даақәланы иҽазыҟаиҵон. Баҭал Москва иҟоу аԥсуа диаспора ахь ацхырааразы аҳәара ҟаиҵеит. Ҳара иаҳзаарышьҭит ҩ-комплектк зеиӷьаҟам аформақәа, аибашьра ҟалаанӡагьы зеиԥш ҳамамыз абутсқәа.  Адиаспора иҳарҭаз ацхыраара иабзоураны ҳара ҳхы инаркны ҳшьапаҟынӡа ҳаилаҳәан».

Аклуб «Ерцахә» актәи ахәмарра аиндаҭлаҩ, Гәылрыԥшь араион акоманда «Амшен» адәы аҿы имҩаԥысит.  Очамчыраа разыҟаҵаҩ, убри аан иазгәаҭатәуп, ихәмаруаз зыҟаҵаҩны дҟалеит Валера Шарипов.

Ахәмарра 30-тәи аминуҭ азы актәи ампыл амба иҭаиршәит Рамин Киут. «Сара абжахьчас сыҟан. Абар Дима Дбар арыӷьарахьала адәы ацәхыԥ ала дааины даара иԥшӡоу ампыл аиагара мҩаԥигеит.

Сара ампыл сыдыскылан амба иҭасыршәит. Нас ҩ-мпыл амба иҭаиршәит Мераб Гучуа. Бесик Папасқьыри Рудик Черқьезиеи ахәмарра акыр аԥыжәара зныԥшуа асчиот  5:0 ала ихдыркәшеит», – ҳәа еиҭеиҳәеит Рамин Киут.

Уи иажәақәа рыла, акоманда очамчыраа зегьы акыр бзиа ирбон, ҳаҭыр ду ақәырҵон.

«Ашьапылампыласыҩцәа ақалақь ахь ианцәырҵлак, ауаа зегьы урҭ ҷыдала ахшыҩзышьҭра рыҭара иашьҭалон, џьара акы агьама ддырбарц, џьара акала ргәы ҟарҵарц рҭаххон. Иуҳәар ҟалоит, акоманда «Ерцахә» жәлар ркоманданы иҟан ҳәа.  Аспорт азгәыбылҩцәа уи иашьҭаланы автобусқәа рыла ицон. Аӡәырҩы џьара ирымԥыхьашәоз амашьына иақәтәаны ирулак ахәмарра иахәаԥшырц иаауан.  

Абар азгәыбылҩцәа ашьапылампыласыҩцәа рахь ирымаз аҳаҭырқәҵара зырҵабыргуа Рамин еиҭеиҳәаз  даҽа хҭыск:

«Аҟәа имҩаԥысыз, акоманда аиааирала ихыркәшахаз хәмаррак ашьҭахь, сара ашәҭқәа кны  иаасыдгылеит сҵаҩцәа. Ахаҵа ашәҭқәа ирҭо, ари џьашьатәуп, аиашазы … Арҭ аҭыԥҳацәа сааигәара ианнеи ус рҳәеит: «Арҭ ашәқәа шәара шәԥшәма илызкуп». Лара усҟан ахшараиурҭа аҿы дышьҭан. Ҳара аԥҳа дҳауит, анаҩс ҳара уи ани ашәҭқәа ҳазҭаз аӡӷаб лыхьӡ лыхӡаҳҵарц ҳаӡбеит».

Рамин Киут Ашьапылампылтә Клуб «Ерцахә» аматчқәа зегьы рҭаҩра иҽазишәоит.

«Анҵамҭақәак ыӡит, аха иаанхазгьы маҷӡам. Иуҳәар ҟалоит уи аклуб аҭоурых ауп ҳәа. Иара убас, сара исымоуп афотосахьақәеи агазеҭ агәылԥҟаақәеи рацәаны», – ҳәа иҳәеит Рамин, анаҩс уи 1994 ш. рзы иҭыҵыз агазеҭ «Республика Абхазия» №70 аҿы ианылаз Заур Делба истатиа аҟынтәи ажәақәа ааигеит:

«Очамчыратәи ашьапылампылтә команда «Ерцахә» Аԥсны ашьапылампыл Ачемпионат аҿы қәҿиарала иқәгылоит. Актәи ахәҭа аҿы бжь-хәмррак рҟынтәи очамчыратәи аспортсменцәа ф-хәмаррак рҿы аиааира ргеит, хәмарра заҵәык аҿы иаҵахеит, убри аан дара 21:5 ҳәа ишьақәыглоу ампылқәа реишьашәалараан мрагыларатәи азона аҿы идырҳаит 12 кәаҭала, аҟәатәи «Динамо» ԥхьаҟа ишьҭны аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит.  

Заур Делба очамчыраа рыхәмарра «иаарту, иԥшӡоу, ажәыларатә, акомбинациатә ҟазшьа зныԥшуа шьапылампыл ауп» ҳәа дахцәажәеит.

Раԥхьатәи ашықәс азы ҿыц иаԥҵаз ашьапылампылтә клуб даара ибзианы ахы аанарԥшит: 1994 шықәсазы  акоманда «Ерцахә» ареспублика ачемпионат аҿы аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит.  1994 -1997 шш. рзы аклуб Аԥсны Ахраҿа аиура иаԥсахеит.  1996-тәи, 1998-тәи ашықәсқәа рзы аклуб «Ерцахә»  — Ареспублика Аԥсны ачемпионцәа ҳәа ахьӡ ранашьахеит. Изышьҭаз Иреиҳаӡоу Ахраҿа очамчыраа ироуит 1996 шықәсазы.

1998 шықәса ашьҭахь акоманда аилазаара хада маҷ-маҷ еиԥхьыттеит, акыр шықәса анаҩс «Ерцахә» аӡбахә ыҟамызт. Аха очамчыраа ирхамышҭӡеит ихьӡырҳәагоу ршьапылампылтә нысымҩа, аклуб аиҭашьақәыргылара азы аидеиа рхы-ргәы иҭан.

Шықәсқәак раԥхьа Рамин Киут Аҟәантәи Очамчыраҟа дхынҳәит иқалақь гәакьа дацхраарц ахәыҷтәы шьапылампыл иахәҭоу аҩаӡара аҟынӡа ашьҭыхраҿы.

Рамин Киут  – уаанӡа иҟаз ааӡара змоу Очамчыра иалҵыз, мыцхә абашацәажәара злам, зажәеи зуси еимадоу, убри аан алаф аҳәара иазыманшәалоу, уи еилызкаауа, насгьы аколлектив аинтересқәа разықәԥара зылшо уаҩуп.  

Сара сазҵааит, «Ерцахә» амчқәа абантәиаанагоз ҳәа. Очамчыратәи ашьапылампыл аветеран уи абас аҭак ҟаиҵеит:

«Ҳара ҳааҟәымҵӡакәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаагон. Аӡәгьы уи мчыла ҳадицаломызт, ҳара ҳхала, иаҳҭахны ашьапылампылтә дәы ахь ҳаауан.  Адисциплина ыҟан. Аханатә ҳара ҳҿы аԥара азҵаара ықәгылаӡамыз. Аспорт азгәыбылҩцәа рганахьала адгылара ӷәӷәа ҳаман. Усҟан ишыжәдыруа еиԥш, аҟалақь аҿы атеатргьы акиногьы ыҟамызт. Зегьы рзы гәырҿыхага заҵәыс иҟаз ашьапылампыл акәгәышьан. Аҷкәынцәа рҽазҵәылхны ақалақь, араион ахьӡ-аԥша азықәԥара иазхиан.  Акоманда ирацәаны аҿар алалеит –џьоукы еиҳа заа, даҽа џьоукы урҭ раамышьҭахь ԥыҭрамҭак анҵы. Араҟа уажәы зегьы рыхьӡқәа узҳәашам, аха дара аӡә далхмкәа зегьы уи иаԥсоуп.  Рыцҳарас иҟалаз, иахьа акоманда ашьақәгылара злагала ду алазҵаз аӡәырҩы рыԥсҭазаара иалҵхьеит: Валери Делба, Ивашка Делба, Заур Делба, Валико Ҵәыџьба, Геннади Ҵәыџьба, Владимир Шьоуа, Гиви Лагәлаа, Заур Махариа, Дмитри Делба, Рудик Черқьезиа, Гәырам Аҳәба».

Ааигәа Ашьаплампылтә Клуб «Ерцахә» еиҭашьақәыргылахеит, иахьа уи ԥхьаҟа ицоит, ақәҿиара  бзиақәа аанарԥшуеит. Аклуб адгылара ӷәӷәа арҭоит араион Ахадареи араион ауааԥсыреи. «Ерцахә» иамоуп ашьапылампыл азгәыбылҩцәа рыла ишьақәгылоу ахатәы фан-клуб.

Очамчыра араион Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы аҟәша аиҳабы Ҭемыр Ԥачлиа акоманда аиубилеи аҳаҭыр азы Ашьапылампылтә Клуб «Ерцахәи» Аԥсны еизгоу акомандеи аветеранцәа рыбжьара аиҩызаратә матч амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит.

«Аусҩаԥгатә адгылара анаҭоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.  Аматч мҩаԥгахоит рашәарамза 12, Очамчыра ақалақь Амш азгәаҭара аламҭалазы. Уи ҳара ҳшьапылампылтә дәы –  Витали Дараселиа ихьӡ зху астадион аҿы имҩаԥгахоит», – ҳәа иҳәеит Ҭемыр Ԥачлиа. 

 

 

 

 

 

 

 

 

 


Read 135 times - Ашәахьа, 10 Рашәара 2024 23:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.