АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Рашәара.2024

Аҟәа ақалақь Аҳабла Ҿыц абыргцәа Рхеилак аԥсуа бызшәа рыларҵәара иадгылоит

Аҟәа. Рашәарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 10 рзы Аҟәа ақалақь Аҳабла Ҿыц абыргцәа Рхеилак Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Асҭамыр Герхьелиа ицны аҳабла ахәыҷбаҳчақәа ирҭааит.  

Дара ахәыҷбаҳчақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа рбеит, ахәыҷқәа аԥсуа бызшәа шырдыруа еилыркааит.

Абыргцәа иазгәарҭеит аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиаразы аспециалистцәеи ауаажәлари рылшарақәа реидкылара, аҳәынҭқарратә бызшәа аԥсҭазаара аусхкқәа зегьы рҿы ахархәара шхымԥадатәиу азгәарҭеит.  Аҳабла Ҿыц абыргцәа Рхеилак ахада Рудик Герзмаа абыогцәа ашколнӡатәи аусбарҭақәа рпедагогикатә еилазаара ахатәы бызшәа апопулиаризациа аус аҿы ацхыраара рыҭара иазхиоуп, избан акәзар, иахьатәи ахәыҷқәа ҳтәыла уаҵәтәи аԥеиԥш ауп ҳәа иазгәеиҭеит. 

«Ахәыҷқәа рааӡара ашьаҭа акуеит аҭаацәара рҿы. Ҳара ҳазхиоуп аҭаацәа рыҿцәажәара, урҭ рхатәы бызшәала рхәыҷқәа ирацәажәаларц рабжьгара. Аглобализациа даара ирласны ҳааигәа-сигәа иҟоу зегьы амҽханакуеит, аха уи иаанагаӡом ҳара «Ҳаԥсуара» ҳхашҭыроуп, ҳажәлар, ҳазхылҵыз ҳабацәеи ҳабдуцәеи  рҵасқәеи рқьабзқәеи рытрадициақәеи ҳхашҭыруп ҳәа.  Ҳара дарбаназаалак зегьы рыхдырра аҟынӡа инаҳгалароуп Аԥсадгьыли ахатәы бызшәеи иреиҳау акагьы шыҟам», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳабла Ҿыц абыргцәа Рхеилак ахада Рудик Герзмаа.

«Ахәыҷбаҳча «Аччаԥшь» («Улыбка») анапхгаҩы Альдона Амҷба лажәақәа рыла, дара аҳәынҭқарра аганахьала адгылара бзиа роуеит.   

«Иҟалалоит убас, ҳхәыҷбаҳча ахь зхатәы бызшәа ззымдыруа ахәыҷқәагьы анааиуа. Иҟалалоит ахәыҷқәа зынӡа ианзымцәажәогьы. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит еиҵагыло абиԥара аԥсышәала ицәажәо иҟаларц азы. Ҳара ахәыҷқәа рзы аҭакԥхықәра ду ҳадуп. Ахәыҷы ахәыҷбаҳчахь данаауа раԥхьатәи амш инаркны уи ааныжьны ашкол ахь данцо амш аҟынӡа ҳара уи «Аԥсуара» акодекс ала иааӡара ҳҽазаҳшәоит», – ҳәа илҳәеит лара.

Альдона Амҷба гәалсрала иазгәалҭеит аԥсуа бызшәа аҵыхәтәантәи аамҭазы апопулиалра ацәыӡо ишалагаз.

«Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ахәыҷқәа рхатәы бызшәа ахь абзиабара рылааӡара азы. Аха уи мацара азымхозар ҟалоит. Аҭакԥхықәра ду рыдуп иара убас аҭаацәеи ауаажәларреи», - ҳәа илҳәеит лара.


Read 224 times - Ашәахьа, 10 Рашәара 2024 20:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.