Аҟәа. Рашәарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортсменцәа Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рылахәхаразы Ҭаҭарсҭанҟа амҩа иқәлеит.
Аспорттә делегациа амҩахь рынаскьагара азы Ахақәиҭра Ашҭа ахь инеит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аистициа аминистр Анри Барцыц, атуризм аминистр Ҭемраз Хьишба, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, аспорт аветеранцәа, аспортсменцәа рыуацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба атәыла анапхгара ахьӡала аспортсменцәа ари акыр зҵазкуа амш рыдиныҳәалеит.
«Ари аспорттә усмҩаԥгатә адунеитә ҩаӡара змоу ауп. Атәыла анапхгара алшарақәа рыла, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ҳмилаҭтә еизгоу акоманда ахәмаррақәа рахь рышьҭразы алшара аиуит. Ҳара ҳазгәдууп шәара арҭ ахәмаррақәа шәахьрылахәхо. Агәра ганы ҳаҟоуп аихьӡара бзиақәа шаашәырԥшуа», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Џьансыхә Нанба.
Џьансыхә Нанба рашәарамза 12 инаркны 23-нӡа Казань ақалақь аҿы имҩаԥгахо, 97 тәыла рҟынтәи 5000-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа злахәараны иҟоу, 27 дисциплина ала аицлабрақәа ахьымҩаԥгахо жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа иаҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит.
«Асимволтә ҵакы аҵоуп Ареспублика Аԥсны атәылақәа рпарад ахьаанартуа. Ҳара ҳлегендартә шьапылампыласҩы, Асовет Еидгыла Ахраҿа згахьаз, Асовет Еидгыла ачемпион Ахра Цәеиба абираҟ шьҭыхны аспортсменцәа рпарад ааиртуеит. Сара агәра ганы сыҟоуп шәара шәзы рашәарамза 12 рзы аԥсҭазаара иҿыцу аетап шалаго, шәара зегьы шәфырхацәаны шәыԥсадгьыл ахь шәшыхынҳәуа», - ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.
Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба аспортсменцәа ақәҿиарақәеи аманшәалареи рзеиӷьаишьеит.
«Ақәҿиарақәеи аманшәалареи шәзеиӷьасшьоит зегьы. Арҭ ахәмаррақәа рҿы ҳтәыла ахьӡ ҭызго аихьӡарақәа аашәырԥшааит», - ҳәа иҳәеит иара.
Асоветтә, аԥсуа спортсмен, зхы иақәиҭу аиқәԥаҩ, европеи Асовет Еидгылеи рчемпион Рашь Хәытаба ари амш Аԥсны иазыԥшиижьҭеи крааҵуан ҳәа иазгәеит. «Ҳара еилаҳкаауазароуп ас еиԥш идуу аспорттә усмҩаԥгатә аҿы Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ иаҵагыланы ақәгылара ахьалыршахаз иаҵоу аҵакы атәы. Ари ҳара зегьы ҳзы, ҳҳәынҭқарра азы ҭоурыхуп. Ҳара иаҳҭахуп ҳделегациа аԥсуара апринципқәа ирықәныҟәаны излауа ала ибзиаӡаны рхы аадырԥшырц ахәмаррақәа рҿы. Ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьоит ахьыбҿар!», - ҳәа иҳәеит иара.
Аԥса аршәразы аспортсменка Шьаризан Шьакаиа зегьы аиааира агаразы агәызҭазаареи аиндаҭларатә гәалаҟазаареи шрымоу азгәалҭеит.
«Ҳара ҳзы ари даара акыр зҵазкуа хәмаррақәоуп, избан акәзар ҳара раԥхьаӡа акәны ас еиԥш идуу аспорттә усмҩаԥгатә аҿы ҳҳәынҭқарратә бираҟ ҳаҵагыланы ҳақәгылоит. Сара даара сеигәырӷьоит Аԥсны еизгоу акоманда аилазаара сахьалалаз, уи азы акыр аџьабаагьы збеит. Сара агәра сгоит алҵшәа бзиақәа шааҳарԥшуа азы», - ҳәа илҳәеит Шьаризан Шьакаиа.
Аԥснытәи аспортсменцәа 14 спорттә хкы рыла аицлабрақәа ирылахәхоит.
Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟалоит 102-ҩык, урҭ рахьынтә 63 - ҩык спортсменцәоуп.
Аԥснытәи аспортсменцәа - фиџьитал-шьапылампыли фиџьитал-мҵәышәмпыли реиԥш иҟоу иҿыцу аспорт хкқәа рыла аицлабрақәагьы рхы аладырхәраны иҟоуп. Иара убас имҩаԥгахоит асамбо, аӡиудо, атлетика лас, аԥкьаҭмпыл, зхы иақәиҭу аиқәԥара, амаҟақәа рыла аиқәԥара, абокс, ашахматқәа, карате, ушу, уҳәа рыла аицлабрақәа
Аспортсменцәа афинанстә цхыраара рырҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби.