АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Рашәара.2024

Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара Аминистррақәа рхаҭанакцәа авидео-конференциа-аимадара арежим ала реилацәажәара мҩаԥысит.

Аҟәа. Рашәарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара Аминистррақәа рхаҭанакцәа авидео-конференциа-аимадара арежим ала реилацәажәара мҩаԥысит. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥаҩ, астатс-маӡаныҟәгаҩ Олег Салагаи, иара убас Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара Аминистррақәа апрофилтә ҟәшақәеи адепартаментқәеи рнапхгаҩцәа ихадоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп:

– Едуард Быҭәбеи Михаил Мурашкои реиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны амедусбарҭақәа руак азы ангиографиатә стационартә цифратә система аахәара азҵаара;

– ареспубликаҿы ВИЧ-инфекциа алаҵәара армаҷразы Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара аминистррақәа русеицура;

– зда ԥсыхәа ыҟам акрызҵазкуа ахәшәқәа рсиа иахьатәи аамҭа иақәшәо аҟаҵара;

– зда ԥсыхәа ыҟам акрызҵазкуа ахәшәқәа рсиа иалоу ахәшәқәа рыхәԥса аҿаҵацәа рыла ашьақәыргылареи урҭ ҵаҵӷәыс ирымоу ашьақәыргылареи аԥҟара аус аус адулара.

– Урыстәылеи Аԥсни рзакәанԥҵарақәа реишьаршәаларала имҩаԥысуа рзеиԥш социал-економикатә ҵакыра аиҿкаара апрограмма анагӡара;

Едуард Быҭәба иажәақәа рыла азҵаарақәа зегьы рылацәажәара алыршахеит.

«Аконференциа конструктивла, аилибакаара ацны имҩаԥысит. Иҟоуп иахьатәи ҳаилацәажәара аҳәаақәа ирҭагӡаны зыӡбара алыршахаз азҵаарақәа, иҟоуп инацҵаны алацәажәареи аусдулареи зҭаху», - ҳәа иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. 

 


Read 178 times - Ахаша, 12 Рашәара 2024 08:50
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.