Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла атәылақәа – аекономикатә гәыԥ (БРИКС) алахәылацәа Рыхәмаррақәа роуп.
Аусмҩаԥгатә абжьааԥны еиҿнакаауеит шықәсык иалагӡаны агәыԥ аҿы ахантәаҩра назыгӡо атәыла, ҳазҭоу аамҭазы Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла атәылақәа – аекономикатә гәыԥ (БРИКС) ахадара ауеит Урыстәылатәи Афедерациа. Атурнир ахықәы хаданы иҟоуп – Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла атәылақәа – аекономикатә гәыԥ (БРИКС) алахәылацәа рыбжьара азинеиҟарара апринцип ала ишьаҭарку аиҩызаратәи аспорттәи еимадарақәа рырӷәӷәара, адискриминациа алмыршара, иара убас аспортсменцәа аицлабрақәа рахь рынашьҭра азы зегьы еицырзеиԥшу аԥҟарақәа рышьақәыргылара.
Аԥсны раԥхьаӡа акәны ас еиԥш зыҩаӡара ҳараку жәларбжьаратәи аицлабрақәа ирылахәхоит. Ареспублика Аԥсны акоманда аҳәынҭқарратә бираҟ иаҵагыланы иқәгылоит. Аԥснытәи аспортсменцәа 14 спорттә хкы рыла еицлаблоит.