pressadmin-2
Аслан Бжьаниа: «Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аидгылареи астратегиатә еиҩызареи рзы Аиқәшаҳаҭра апунктқәа зегьы рынагӡара аамҭа ааит».
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аидгылареи астратегиатә еиҩызареи рзы Аиқәшаҳаҭра апунктқәа зегьы рынагӡара аамҭа ааит, ҳәа Аԥсуа телехәаԥшра инарҭбаау аинтервиу аҭо иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада 2014 шықәсазы знапаҵаҩра мҩаԥгаз Аиқәшаҳаҭра Аԥсни Урыстәылеи ринтересқәа ирықәшәоит, ареспубликазы иара шәарҭара аҵам ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Абҵарамза, 2014 шықәса рзы знапаҵаҩра мҩаԥгаз аиқәшаҳаҭра аҿы абас иҳәоуп. Сара аиқәшаҳаҭра апунтқәак аазгоит. Аиқәшаҳаҭра апункт хԥа иаҳәоит: «Аидгылареи астратегиатә еиҩызареи рыҿиара ихадоу хырхарҭаны иҟоуп: акоординациа зызу адәныҟатәи аполитика амҩаԥгара; атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы азеиԥш ҵакыра аԥҵара; азеиԥш економикатәии асоциалтәии аҵакыра ашьақәыргылара. Ас еиԥш иҟоу апунктқәа уаанӡа аиқәшаҳаҭрақәа рҿы иҟаӡамызт. Сара сгәаанагарала, ари аиқәшаҳаҭра Аԥсни Урыстәылеи ринтересқәа ирықәшәоит», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Иара еиуеиԥшым амзысқәеи аҭагылазаашьақәеи ирыхҟьаны Аԥсуа ган ашықәсқәа рыҩныҵҟа зынагӡара иацәхьаҵуаз ари аиқәшаҳаҭра апунктқәа рынагӡара аамҭа ааит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Ара ҵыхәаԥҵәарада ас еиԥш ахымҩаԥгашьа залыршахом. Ҳара ҳхьыԥшымра азхазҵаз аҳәынҭқарра заҵәык, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ашәарҭадара Ахеилак алахәылас иҟоу, уаҳа зда ҳамам ҳастратегиатә партниорс иҟоу Урыстәыла ауп. Сара азҵаарақәа сызцәырҵуеит, ианбеижьҭеи, насгьы ҵаҵӷәыс иҳамоузеи ҳара Урыстәыла анапхгара аганахьала агәрамгара ааҳарԥшуа ҳалагара? Ианбаҟалеи уи аҩыза ҳара ҳабжьара, хыҵхырҭас иаиузеи? Иарбан факту уи зыхҟьаз? Сара уи азы ҵаҵӷәы сымам (Сара Урыстәыла агәрамгаразы ҵаҵӷәы сымам – аред. АП азгәаҭа). Иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә маҵзуратә чын змоу, ҳажәлар рыхьӡала иқәгыло ауаҩы иаҳасабала, жәаҳәарада, иарбоу аиқәшаҳаҭра апунктқәа зегьи урҭ ирхырҿиаауа аԥҟарақәеи рынагӡара сҽазышәалоит. Избан ҳәа шәҵаауазар? Избан акәзар, уи раԥхьа иргыланы, Аԥсны жәлар ринтересқәа ирықәшәоит азы», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.
Аҟәа араион аҿы амшцәгьақәа раан иԥхасҭахаз амҩақәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала Аҟәа араион аҿы амшцәгьақәа раан иԥхасҭахаз амҩақәа реиҭашьақәыргылара иаҿуп. Аусурақәа аамҭак ала Киалашәыр, Ешыра, Иашҭхәа, Ӡыгәҭа, Гәымсҭа, Ԥсҳәы, уҳәа егьырҭ ақыҭақәа рҿы имҩаԥысуеит.
Уаанӡа амҩақәа ибааԥсыз рҭагылазаашьа иахҟьаны аныҟәара уадаҩын, амашьынақәа лассы-лассы иԥхасҭахон. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рҿы ииаҳарак ахархәара аиуоит аҟәаԥаҿаԥара еиҳа ианаало абӷанҷ. Қыҭақәак рҿы амҩақәа рыцқьаны арҩаршьҭрақәа ҭыжааны иҟаҵан.
Аҟәа ақалақьтә Еизара 2024 шықәсазтәи аҳҭнықалақь абиуџьет аԥсахрақәа аланагалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа Аҟәа ақалақь абиуџьет аиҭакрақәа аларгалеит.
2024 шықәса аамз рыҩнуҵҟа планла ишьақәырӷәӷәаз 472 млн 169 нызықь мааҭ аан ақалақь абиуџьет ахашәалахәытә шәахтә аҳасабала иалагалахеит 569 миллион 763 нызықь мааҭ рҟынӡа, процентла уи 120,7% рҟынӡа инаӡоит. 2024 шықәсазы ахашәалахәытә шәахтә аҳасабала алагара азԥхьагәаҭоуп 930 млн. мааҭ. Убри аан планла ишьақәырӷәӷәоуп 843 млн 187 нызықь мааҭ.
Ӡыгәҭа ақыҭан аӡрыжәтә азы амкьаҭқәа ҩба еиҭашьақәдыргылеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан ҳазҭоу ашықәс цәыббрамзазы ихыркәшахеит 700- 700 тонн зкуа аӡрыжәтә азы амкьаҭқәа ҩба реиҭашьақәыргылара. Урҭ Аҟәа араион Вавилов имҩала иҟоу аӡхагаларатә станциа аҟынтәи аӡрыжәтә рҭалоит.
Аԥсилаа рымҩа аҿы хара имгакәа амкьаҭқәа рҟынтәи аӡыла аиқәыршәара азы 6 километрак рҟынӡа инаӡо аӡымҩангагақәа рышьҭаҵара иалагараны иҟоуп. Ари амҩа ихадоу мҩоуп, уи Баслаҭа ақыҭахь унанагоит. Арҭ амкьаҭқәа рҟынтәи ӡыла реиқәыршәара алыршахоит ақыҭақәа Ӡыгәҭа, Баслаҭа, Киалашәыр ақыҭақа руааԥсыра.
Атроллеибустә цәаҳәа Акьыртаа имҩа аҟынтәи Ладариа имҩахь ииаргараны иҟоуп.
Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атроллеибустә цәаҳәа Акьыртаа имҩа аҟынтәи Ладариа имҩахь ииаргараны иҟоуп. Уи азы аӡбамҭа рыдыркылеит Аҟәа ақалақьтә Еизара аилатәара аҿы.
Иқәгахоит Акьыртаа имҩа аҟынтәи Б.Џьелиа имҩа ала В. Г. Ардӡынба имҩа аганахьала инагоу афымцатранспорт аныҟәаразы аидкьысларатә фамцацәаҳәа.
Акьыртаа имҩаҿы ганкахьалатәи атранспорт аныҟәара еиҿкаауп, иара убас В. Г. Арӡынба имҩа аҟынтәи Б. Џьелиа имҩа аҟынӡа ганахьалатәи аныҟәара еиҿкаауп.
Ас еиԥш аӡбамҭа рыдыркылеит амҩатә ныҟәара ашәарҭадара ашьҭыхра хықәкыс иҟаҵаны.
Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа, ауаа Акьыртаа имҩаҿы лассы-лассы ишьақәгыло аиԥынгылара азы агәынамӡара аадырԥшуеит ҳәа иазгәеиҭеит. Атроллеибустә маршрут аԥсахра ари апроблема ахәҭакахьала аӡбараҿы ицхыраагӡаны иҟалар алшоит.
Аԥснытәи аделегациа Петербург ақалақь аҿы имҩаԥысуа IV Евразиатәи аҳәса рфорум аусура ахы аланархәуеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аделегациа Петербург ақалақь, Тавриатәи Ахан аҿы имҩаԥысуа IV Евразиатәи аҳәса рфорум аусура ахы аланархәуеит.
Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Аԥсны Аконституциатә Ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиа, Жәлар Реизара-Апарламент асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи адемографиеи аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы Аилак ахантәаҩы Рашида Аиба, Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент Ҭамила Мерцхәлаа, «Аԥснытәи атуризм Аидгыла» ахада Анна Калиагина.
Зхыԥхьаӡара 2000-ҩык рҟынӡа инаӡо адунеи 120 тәыла рҟынтәи афорум алахәалацәа, – аҳәаса-апарламентариақәа, анагӡаратәи анапхгаратә усбарҭақәа, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа, аусуратә еилазаарақәа, абизнес еилазаара, анаукатә еилазаара, ауаажәларратә еиҿаарақәа, агәыҳалалратә проектқәа рхаҭарнакцәа, адунеи атәылақәа жәпакы рҟынтәи аҳәса реиҿкаарақәа зхыԥша дуу аусзуҩцәа.
IV Евразиатәи аҳәса рфорум атема хада – «Аҳәса агәрагара арӷәӷәареи аглобалтә усеицуреи рзы».
Афорум аартра алагеит Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко лхантәаҩрала имҩаԥысыз апленартә еилатәара ала. Аусмҩаԥгатә алахәылацәеи асасцәеи бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо дықәгылеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин.
«Ари афорум –ҳаамҭазтәи аҳәса рпотенциали аусхқәа зегьы рҿы урҭ инарыгӡо хра злоу ароли зеиӷьаҟам ала иаазырԥшуа, зегьы реиҳа зхыԥша дуу плошьадканы иҟоуп. Евразиатәи аҳәа рфорум аҿы ирылацәажәоит ҳаамҭа иақәшәо зегьы реиҳа актуалра злоу азҵаарақәа, иаҳа акырӡа зҵазкуа азеиԥш шәарҭадара аҿиареи арӷәӷәареи иазырхоу аԥшьгарақәа рӡыргара мҩаԥысуеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Владимир Путин.
Евразиатәи аҳәса рфорум иааиԥмырҟьаӡакәа 2015 шықәса раахыс имҩаԥысуеит. Уи хықәысгьы иамоуп адунеи аҿы агәреибагара арӷәӷәара, жәларбжьаратәи аимадареи аусеицуреи ахырхарҭа ҿыцқәа рыԥшаара, иара убас иҭышәынтәалоу аҿиара ашьақәыргылара аҿы аԥҳәыс лроль ашьҭыхрАфорум аҳәса адунеитә политика, аекономика, асоциалтә усхки жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәкм рыҿиареи рҿы инарыгӡо ароль алацәажәара иазырхоуп.
Алеқсандр Анқәаб Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба дидикылеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба диԥылеит.
Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы атәыла аԥыза-министр Аԥсны аделегациа Ареспублика Ҟазахсҭан, Баиконур ақалақь ахь ацареи аракета-ныҟәгаҩ «Союз-2.1а» ҵәҩанҵәыҟа ашьҭра аҭаареи ртәы изеиҭеиҳәеит. Авизит еиҿкаан Баиконур ақалақь ахада иааԥхьарала, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Ҭарашь Ҳагба атәыла Анапхгара ахада Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы жьҭаарамза 27 рзы имҩаԥысраны иҟоу «Аҟәа-Амарафон» аҽазыҟаҵара шымҩаԥысуа азы адырра ииҭеит. Уи ишазгәеиҭез ала, иарбоу аусмҩаԥгатә зымҽхак ҭбаау хҭысхоит, уи Урыстәылантәи 1000-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа рхы аладырхәраны иҟоуп. Аиԥхныҩларақәа мҩаԥысраны иҟоуп 42,2, 21,1, иара убас 5 километр рҟынӡа инаӡо адистанциақәа рҿы.
«Сара крааҵуеит ашәаҳәаратә шоу «Ну-ка, все вместе!» аҽалархәразы агәазыҳәара сымеижьҭеи»: Леван Пхалаӡе иарбоу ашәаҳәаратә шоу алахәылас дшыҟалаз атәы.
Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳара ҳџьынџьуаҩ, Москватәи аҳәынҭқарратә акультура аинститут аестрада-џьазтә ҟазара акафедра астудент Леван Пхаладзе ателеканал «Россия-1»аҿы имҩаԥысуа амузыкатә проект «Ну-ка, все вместе!» алахәхаразы акастинг дахысит.
Ари урыстәылатәи ателехәаԥшра аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны иҟалаз ахәаԥшратәи аемоциалтәи еибарххара ала иуникалу аусмҩаԥгатә аҿы алахәылацәа рбаҩхатәра ахәшьара азҭо аӡәы, ҩыџьа, хҩык, хәҩык ракәымкәа, иаразнак ала шәҩык аекспертцәа роуп.
Ашоу раԥхьатәи аҭыжьымҭа ателеканал «Россия-1» аефир ахь ицәырҵит хәажәкырамза 23, 2019 шықәса рзы. Уи ателербагақәа рахь иаднаԥхьалеит 20 миллионҩык инареиҳаны ахәаԥшцәа.
Ашоу афбатәи асезон алахәхаразы агәазыҳәара аадырԥшит Урыстәылеи Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәылақәеи, иара убас харатәи аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҟынтәи ҩ-нызықьҩык инареиҳаны анагӡаҩцәа. Аԥсныпресс акоррепондент диҿцәажәеит апроект алахәыла Леван Ԥхалаӡе.
1500 ҭоԥ инареиҳаны асигареҭ аконтрабандала аиагаразы аҽазышәара ҟаҵан амашьына аҩныҵҟа иҭаҟаҵаз аҵәахырҭа аҿы.
Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Закәаншьаҭада 30 200 сигарет Аԥсны аҳәаа ишахыргоз урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа иааныркылеит, абри атәы аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа.
Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа зхы хаз автомашьына BMW X5 аҩныҵҟа иҭаҟаҵаз аҵәахырҭа аҿы аконтрабандала зыиагаразы аҽазышәара ҟаҵаз 1500 ҭоԥ инареиҳаны асигареҭ рыԥшааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Краснодартәи аҳазалхра апресс-маҵзура.
Аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Аинформациатә Центр аҿы «Амилаҭ ргәабзиара — ԥхьатәи аԥеишь ауасхыр» атемала астол гьежь мҩаԥнагеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Ахаша, цәыббрамза 18 рзы Аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Аинформациатә Центр аҿы «Амилаҭ ргәабзиара — ԥхьатәи аԥеишь ауасхыр» атемала астол гьежь мҩаԥнагеит.
Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Баҭал Кациа адныҳәаларатә ажәахә аҟны амедицина аҿиараҿы хадара злоу абарҭ ахырхарҭақәа азгәеиҭеит:
- ачымазарақәа рыпрофилактика;
- амедусбарҭақәа ҳаамҭа иақәшәо амаругақәа рыла реиқәыршәара;
- ззанааҭдырра ҳараку акадрқәа.
Аиԥылара иалахәыз агәабзиарахьчараҿы уадаҩрақәас иҟоу, аиҳаракгьы агәы-шьадатә чымазарақәа, акьыбачымазара уҳәа ирызкны, иалацәажәеит алаборатортә диагностика, Аԥсны амедицинатә техмаругақәа рхархәара, уҳәа реиԥш иҟоу, актуалра злоу апроблемақәа рыла ажәахәқәа ҟаҵо иқәгылеит:
- «Агәы-шьадатә чымазарақәа заанаҵтәи рдиагностикеи рыхәышәтәреи. Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы алшарақәеи аперспективақәеи» – амедицинатә наукақәа ркандидат Илона Арӡынба;
- «Ҳаамҭазтәи амедицина аҿы адиагнотика инанагӡо ароль» - ААУ абиологиеи аиохииеи рфакультет адекан Лариса Ахәыба;
- «Акьыбачымазарақәа заанаҵтәи рдиагностикеи рыхәышәтәреи. Аԥсны акьыбачымазарақәа ргәыгәҭажьра ҵаҵӷәыс иамоу» – амедицинатә наукақәа ркандидат Сариа Адлеиба;
- «Амедицинатә техникатә хархәагақәа рхархәара иадҳәалоу апроблемақәа» - Амшынтә гидрографиатә полигон алабораториа анапхгаҩы Ҭемыр Строчан.








