Аҟәа. Рашәарамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашоҭ Миносиан напхгара зиҭо Аԥснытәи аделегациа XXVII Петербургтәи Жәларбжьаратәи Аекономикатә Форум ахы аланархәуеит.
Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп – асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи адемографиеи аветеранцәеи аибашьра аинвалидцәеи русқәа рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Рашида Аиба, абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Маршьаниа, аекономикатә зҵаарақәа рзы Апарламент Аиҳабы иабжьгаҩ Хада Нодар Шьоуа.
Афорум аатит рашәарамза 5 рзы. Аус алоит рашәарамза 8 рҟынӡа.
Петербургтәи Жәларбжьаратәи Аекономикатә Форум есышықәса, 1997 шықәса инаркны имҩаԥысуеит, 2006 шықәса раахыс – Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ихылаԥшреи иалахәхареи рыла.
Петербургтәи Жәларбжьаратәи Аекономикатә Форум — ари иҭышәынтәалоу аҿаира хықәкыс иҟаҵаны аглобалтә економика азҵаара хадақәа рылацәажәареи иреиӷьу адунеизегьтәи аԥышәеи акомпетенциақәеи рыла аимадареи рзы аплошьадка ауп.
Сынтәа Афорум мҩаԥысуеит алозунг «Еиуеиԥшым амчратә центрқәа рыҟазаара азԥхьагәазҭо, азинеиҟарарара апринцип ала ишьақәгылоу адунеиеиҿкаара ашьаҭа – иҿыцу аҿиара ахырхарҭақәа рышьақәгылара» ( «Основа многополярного мира - формирование новых точек роста») алозунг ала имҩаԥысуеит.
Санкт-Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә Форум алахәылацәа русутә программа 4 тематикатә хырхарҭак рыла ишьақәгылоуп:
– «еиуеиԥшым амчратә центрқәа рыҟазаара азԥхьагәазҭо, азинеиҟарарара апринцип ала ишьақәгылоу адунеиеиҿкаара адунеитә економика»,
– «Урыстәылатәи аекономика: иҿыцу ацикл ахықәкқәеи ахыдҵақәеи»,
– «Аԥхьагылара алзыршо атехнологиақәа»,
– «Иҭышәынтәалоу ауаажәларратә еилазаара, традициала ишьақәгылахьоу аҵак ду змоу аилкаарақәеи асоциалтә ҿиареи – аҳәынҭқарра априоритетқәа».
Апрограмма иазԥхьагәанаҭоит — 150 инареиҳаны атематикатә сессиақәа, уи рхы аладырхәраны иҟоуп 1000-ҩык инареиҳаны амодераторцәеи аспикерцәеи.