АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Рашәара.2024

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра: Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада Аԥсны азы арезолиуциа арегион аҿы реалла иҟоу аҭагылазаашьа аанарԥшӡом.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада рашәарамза 4, 2024 шықәса рзы иаднакылаз изаамҭанытәиу арезолиуциа «Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи ахҵәацәеи аҩныҵҟа еиҭаҵыз ахаҿқәеи рзы Аԥҟарақәа» иахцәажәеит.    Арезолиуциа аҿы ахҵәацәеи аҩныҵҟа еиҭаҵыз ахаҿқәа зегьи рыҩныҟақәа рахь ахынҳәразы азин рымоуп ҳәа иарбоуп.

«Зегьы реиҳа агәынамӡара цәырнагоит иарбоу арезолиуциа есышықәса аԥсуа ган иарбоу азҵаара азы агәаанагара ҳасаб аҭарада иахьрыдыркыло. Ишдыру еиԥш, шықәсы рацәа инеиԥынкыланы Ареспублика Аԥсны ахаҭарнакцәа, Жәларбжьаратәи Женеватәи аилацәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны уахь иналаҵаны, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада алахәылацәа рҿаԥхьа ахҵәацәа рызҵаара аганахьала рхатәы позициа адгалара рҽазыршәоит.   Аха рыцҳарас иҟалаз, иазинтересу аганқәа зегьы рзы еиҟароу аҭагылазаашьақәа раԥҵара азы аԥсуа ган иқәнаргыло азҵаарақәа зегьы иахәҭоу азхьаԥшра амамкәа иаанхоит», – ҳәа иазгәаҭоуп ахцәажәара аҿы.

Қырҭтәыла аԥшьгарала есышықәса Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада аҿы абжьыҭиазы зыдгалара мҩаԥгахо  иарбоу аусшәҟәы  аганқәа згьы ргәаанагара ҳасаб азымукәа еиқәыршәоуп, аиаша адымгылара аҟазшьа амоуп, арегион аҿы иҟоуҵәҟьа аҭагылазаашьа аанарԥшӡом, ҳәа ирыԥхьаӡоит Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аҿы.  

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра агәаанагарала, «ас еиԥш иҟоу жәларбжьаратәи аилазаара ҳәа изышьҭоу аиҿкаара ганкы иадызцәыло ауснагӡатәқәа рыла Ареспублика Аԥсны иарбоу азҵаара ала апозициа ҳасаб азура зынӡа ишақәшаҳаҭым ҳнарбоит».

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада амаӡаныҟәгаҩ  иахь ааԥхьара ҟанаҵоит иҟалозар шьҭа аполитикатә агәаӷьра аарԥшны Ареспублика Аԥсны ахаҭарнакцәа Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара апрофильтә комитетқәа русура алахәхара азы алшара роуртә иҟаиҵарц.

«Ареспублика Аԥсны ахаҭарнакцәа рпозициа жәларбжьаратәи аилазаара аҟынӡа анагӡара азин рымоуп, уи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара  Аԥҟаԥҵәа ахықәки ихадоу адемократиатә принципқәеи ирықәшәоит», - ҳәа иаҳәоит Ахцәажәара аҿы.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ақырҭуа ган ахь иарбоу арезолиуциа Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада аганахьала аӡыргареи адгалареи иазку хра злам апозициа мап ацәкны иахьазы здаҟам жәларбжьаратәи аформат – Кавказнҭыҵ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аилацәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны адиалог ахь ииасырц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.


Read 149 times - Аԥшьаша, 06 Рашәара 2024 18:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.