АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Рашәара.2024

Ахәшәқәа, ахәышәтәра, акрыфара, ашколтә форма: абри ацхыраара ахәыҷқәа ирынаҭоит Афонҿыцтәи аберҭыԥ.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Афон Ҿыц иҟоу Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канттәи ихьӡ зху Афонҿыцтәи аберҭыԥ ахәыҷы рацәа змоуи зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩуи аҭаацәа ирынаҭо ацхыраара азы адырра ҟанаҵеит.    

10 шықәса рыҩныҵҟа инанагӡо аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым ацхырааразы аҳәарақәа зну шәкыла арзаҳалқәа  рыдыркылахьеит. Ихадоу ахырхарҭақәа иреиуоуп – ахәшәқәа раахәара, зықәра наӡам акы иаԥсоу рыхәшәтәра аҿы ацхыраара рыҭара, ахәышәтәразы Аԥсны анҭыҵ ацараан ицәырҵуа атранспорттә харџьқәа рхарҭәаара, афатә аалыҵқәеи ашәҵатәи раахәаразы ацхыраара аҭара, уҳәа убас иҵегьы.  

Есышықәса аҟәша ахәыҷы рацәа змоуи зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩуи аҭаацәа рҿы изызҳауа ахәыҷқәа рзы ашколтә фома аахәара еиҿнакаауеит. 2016 шықәса раахыс иҿыцу ашколтә форма роуит атәыла араионқәа зегьы рҟынтәи 1079-ҩык ахәыҷқәа, уи ахәԥса азеиԥш еицҵалыҵ  7 млн 434 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Аҟәа ацхыраара зҭаху аҭаацәа адгылара рыҭара знапы алаку агәыҳалалратә еиҿкаарақәа активла аус рыцура алнаршоит. Убас, 2023 шықәсазы агәыҳалалратә хықәкқәа рзы иазоужьхеит  2 153 250 мааҭ, акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» ахылаԥшра аҵаҟа иҟоу ахәыҷқәагьы рзы – 800 нызықь мааҭ, афонд «Иқьиоу аус» («Доброе дело») – 50 нызықь мааҭ, афонд «Асакьал»  - 300 нызықь мааҭ, афонд «Аԥсара» - 500 нызықь мааҭ, афонд  «ПИМО» - 50 нызықь мааҭ уахь иналаҵаны.

Агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьараз» Аҟәа ақалақь аҿы аофис аартра азы хәыда-ԥсада ахархәаразы иазоужьхеит Иури Воронов имҩала иҟоу ахыбра.  Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи Рминистрра апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥҵоу ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи асоциалтә дгылара рыҭаразы Амаҵзура аспециалистцәа активла аус рыцура алыршоуп.

Есышықәса, Ашықәс Ҿыци Қьырса Ныҳәеи раламҭалазы ахәыҷқәа хәыда-ԥсада идырбахоит аспектакль. Араҟа еизгахоит  500 - ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа. Афонҿыцтәи абжьаратәи ашкол аҿы аберҭыԥ ахылаԥшрала аус ауеит ахәыҷқәа рзы ихәыда-ԥсадоу аӡиудо асекциа, уаҟа азыҟаҵаҩыс дыҟоуп аспорт азҟаза И. Гаделиа.

«Ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара Афонҿыцтәи аберҭыԥ асоциалтә маҵзура ихадоу ахәҭаны есымша иҟан, аринахысгьы иагьаанхоит. Рыцҳарас иҟалаз, аамҭа цацыԥхьаӡа ас еԥш ацхыраара зҭаху рхыԥхьаӡара иагхаӡом», - ҳәа иазгәаҭоуп анҵамҭа аҿы.


Read 131 times - Аԥшьаша, 06 Рашәара 2024 15:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.