pressadmin-2
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рҭаацәа - атәанчахәы зауа иреиуоу зегьы рыцыԥхьаӡа 20-20 нызықьмааҭ рзыршәоит.
Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны Атәанчаҩратә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа далархәны хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа атәылауаа ртәанчаратә еиқәыршәара азҵаарақәа ирызкны аилатәара мҩаԥигеит. Араҟа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз анапынҵа ала, атәыла Анапхгара ҳазҭоу ашықәс азы 4 категориак ирыҵанакуа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рҭаацәа зныктәи аԥаратә цхыраара рыҭаразы иаднакылаз аӡбамҭа анагӡара атәы иалацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Иарбоу аӡбамҭа инақәыршәаны, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа ацхыраара рыҭахоит. Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса рхыҵра ахьӡала иаку ашәатәқәа раҳасабала 20-20 нызықьмааҭ рзыршәоит иҭахаз рҭаацәарақәа категориала еихшаны:
– иҭахаз рҭаацәараҟны аусура злымшо;
– аибашьраҟны хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рҭаацәа;
– жьҭаарамза 1993 шықәса инаркны ԥхынҷқәынмза 1994 шықәса ирыбжьанакыз аамҭазы иҭахаз хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа;
– аибашьраан иҭахаз рҭаацәараҟны аинвалид итәанчахәы зауа;
Уажәраанӡа хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡаз ҩыџьа ауаа рыԥсыбаҩ ахаҭара шьақәыргылахеит.
Аҟәа. Цәыббрмза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡаз ҩыџьа ауаа рыԥсыбаҩ ахаҭара шьақәыргылахеит, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа апресс-релиз аҿы. 1992–1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ауаа рыуацәа, Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет ацхыраарала ирзааигәаз ауаа рыԥсыбаҩ ахаҭара ашьақәыргылара алыршахеит ҳәа адырра ҟарҵеит. Аибашьцәа рыԥсыбаҩ рыԥшаара 1992-1993 шш. иҟалаз бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылареи уи иашьҭанеиуаз ахҭысқәеи раан хабарда ибжьаӡыз ирлахьынҵахаз аилкааара иазку агуманитартә Координациатә механизм аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.
Амеханизм Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет адгыларала 2010 шықәса раахыс аус ауеит, уи аилазаара иалоуп аԥснытәи еиԥш қырҭтәылатәи алахәылацәагьы. Амеханизм агуманитартә ҟазшьа амоуп, хабарда ибжьаӡыз ауа рҭаацәа рыхьӡала аус ауеит.
Аибашьца рыԥсыбаҩ анышә амадара иазку ацеремониа аламҭалаз иҭахаз аибашьцәа рҭаацәеи рҭынхацәеи ирзааигәаз ауаа рыԥшаара апроцесс шымҩаԥысуаз, иара убас аӡбара-медицинатә маҵзурақәеи апсихологцәеи аиҿкаара «Бридж» аҟынтәи аҭыԥантәи аспециалистцәеи злахәыз урҭ рыԥсыбаҩ аҵхреи аилкаареи иадҳәалоу апроцесс амҩаԥысшьа азы азҵаарақәа рыҭареи аинформациа аиуреи рзы алшара роуит.
Маркәыла ақыҭан иаадыртит иҭахаз аибашьцәа рбаҟа.
Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз аибашьцәа рбаҟа аадыртит Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан.
Абаҟа аартра ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Гәымсҭатәи аҳаблаҿы иаадыртит Марттәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа.
Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳҭнықалақь Гәысмҭа аҳаблаҿы 1993 шықәсазы Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылара аҿы иҭахаз аибашьцәа рбаҟа дыргылеит.
Амемориал аартразы аидеиа рызцәырҵит аҭыԥантәи ауааԥсыра. Абаҟа аргылара Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьниеи Аҟәа ақалақь Ахадареи рҟынтәи ацхыраара иабзоураны имҩаԥысит.
Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы зхаҭара шьақәыргылаз ҳџьынџьтәылатәи еибашьра аибашьцәа ҩыџьа рыԥсыбаҩқәа анышә амадара ацеремониа мҩаԥысит.
Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы, абар 30 шықәса раахыс 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡаз аԥсуа еибашьцәа ҩыџьа – Ефендиев Арсен Сулҭан-иԥеи Аԥсны Афырхаҵа, аԥырҩы Ԥкьын Леонид Висарион-иԥеи рыԥсыбаҩ ахаҭара шьақәыргыланы анышә рамадара иадҳәалоу алахьеиқәҵаратә церемониа мҩаԥысит.
Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы еизеит шәҩыла ауаа –аибашьцәа-фархацәа рыуацәеи рҭынхацәеи, ирыцеибашьуаз, рҩызцәа, ареспублика анапхгара, ауаажәларра ахаҭарнакцәа.
Аибашьцәа рыԥсыбаҩ рыԥшаара 1992-1993 шш. иҟалаз бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылареи уи иашьҭанеиуаз ахҭысқәеи раан хабарда ибжьаӡыз ирлахьынҵахаз аилааара иазку агуманитартә Координациатә механизм аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.
Амеханизм Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет адгыларала 2010 шықәса раахыс аус ауеит, уи аилазаара иалоуп аԥснытәи еиԥш қырҭтәылатәи алахәылацәагьы. Амеханизм агуманитартә ҟазшьа амоуп, хабарда ибжьаӡыз ауа рҭаацәа рыхьӡала аус ауеит.
Апрокурор Хада Адгәыр Агрба: амҩақәа рҿы ахьырхәрадара ахаԥышәареи азакәандареи ахылҿиаауеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба атәыла амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа даараӡа иуадаҩуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ари ҳара зегьы ҳзы даара иуадаҩу, зыԥшра ҟамҵакәа зыӡбара алыршатәу проблемоуп. Избан есышықәса ҳара ҳамҩақәа рҿы амҩатә машәыр иахҟьны иҭахо рхыԥхьаӡара изацло? Ари аҭагылазаашьа арҽеира азы иарбан уснагӡатәқәоу зегь раԥхьӡа иргыланы имҩаԥгатәу?» – ҳәа иахьа ареспублика амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иазкны имҩаԥысыз акоординациатә еилатәара аҿы дықәгыло аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа анапхгаҩы Валентин Ҭраԥшь иахь ихы рханы абарҭ азҵаарақәа ҟаиҵеит апрокурор Хада Адгәыр Агрба.
Апрокурор Хада аҳәынҭқарратә автоинспекциа анапхгаҩы амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа арҽеиразы дызлацәажәаз ауснагӡатәқәа зегьы «ари жәашықәсақәа рзы азԥхьагәаҭарақәа роуп» ҳәа иазгәеиҭеит.
Валентин Ҭраԥшь иажәақәа рыла, иахьатәи амш азы амҩатә машәыртә хҭысқәа рхыԥхьаӡара аиҵатәра ззалмыршахо амзысқәа иреиуоу маҷӡам.
«Ауаа лассы-ласы ижәны, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьар рыдкыланы амашьына аԥсҟы ркуп. Ари зегьы иреиҳау проблемаӡам. Иара убас амҩатә инфраструктура еиӷьзар алшон. Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа еиӷьны разыҟаҵара алыршазароуп, апрофиссионалтә кадрқәа разымхара ыҟоуп, уҳәа убас ирацәаны ауадаҩрақәа ыҟоуп», – ҳәа иҳәеит Валентин Ҭраԥшь.
Апрокурор Хада ихаҭа амашьына шныҟәицо азгәаҭо, лассы-лассы хаҭала амҩаҿы азинеилгарақәа дышрықәшәо иҳәеит. «Сара схаҭа амшьына аԥсҟы скуп. Лассы –лассы уахынла амҩа сықәлоит, уи хықәкыла иҟасҵоит. Уаҳа ус сымамкәа акәым, схала избар сҭахуп аҳҭнықалақь аҿы иҟоу. Лассы-лассы сыблала избоит ақалақь агәаҿы иаартны аилагарақәа шыҟало, аха убри аан автоинспекциа аусзуҩцәа уи зынӡа хырҩа анарымҭо.
Сара аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭарахь сасуеит, избан акәзар, сыпрокурорны сыҟоуп, уи азхьамԥшра азин сымаӡам. Сара иҟазҵаз адыррақәа мацарала иаанкылан, анаҩс рымхра мҩаԥган жәабала амашьынақәа. Ҳара иаҳҭахума зусура ишахәҭоу иназмыгӡо аусзуҩцәа?» – ҳәа дҵааит апрокурор Хада.
Адгәыр Агрба аилатәара аҿы иаҳаз аҟынтәи иара амҩақәа рҿы аҭагылазаашьа еиӷьымхаӡеит, уимоу, 2022 шықәсазы иҭахаз рхыԥхьаӡара еиҳахеит ҳәа алкаа ҟауҵар ауеит ҳәа иазгәеиҭеит.
Цәыббрамза 30 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит акциа «Ԥсра зқәым аполк».
Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 – Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа аҽны имҩаԥысраны иҟоуп 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазку акциа «Ԥсра зқәым аполк».
Абри азы иахьа И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы адырра ҟарҵеит аибашьра иалахәыз аҳәса-аинвалидцәа Рассоциациа ахантәаҩы Лариса Ҭарбеи амобилтә еимадара Аилазаара «А-Мобаил» ахаҭарнак Асҭанда Ҷкадуа.
Асҭанда Ҷкадуа ажурналистцәа акциа шымҩаԥысло атәы рзеиҭалҳәеит:
«Ԥсра зқәым аполк» – ари абар шьҭа акыр шықәса инеиԥынкыланы есышықәса Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азы имҩаԥысуа жәлар ракциа ауп. Амобилтә еилазаара «А-Мобаил» аибашьра иалахәыз аҳәса-аинвалидцәа Рассоциациа акциа амҩаԥгараҿы ацхыраара рынаҭоит. Сынтәа «Ԥсра зқәым аполк» ареспубликатә ҩаӡараҿы аиҿкаразы ҳара афотосахьақәа ркьыԥхьра, абираҟқәа реиқыршәара, амҩасра алахәылацәа аӡрыжәтәи егьырҭ ихымԥадатәиу амаҭәахәқәеи рыла реиқәыршәара азы аҭакқхықәра ҳхахьы иаҳгеит», – ҳәа илҳәеит лара.
Акциа алахәылацәеи аибашьра аветеранцәеи рзы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазку агәышԥытә дыргаҷқәа рхиоуп.
«Урҭ ҳара аҭыԥаҿы иаҳшалоит. Акциа иалахәхо реизгара алагоит Аԥснытәи адраматә театр аҿаԥхьа, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы, асааҭ 10.30 рзы. Уаҟа ҳара урҭ афотосахьақәа рзаҳшоит», - ҳәа илҳәеит Асҭанда Ҷкадуа.
Ацәыргақәҵа “Москва доусы игәаҿы” Москва Аҩны аҿы иаатит.
Аҟәа. Цыббрамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәыҷтәы ҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа «Москва доусы игәаҿы» аатит Аҟәа иҟоу Москва Аҩны аҿы. Аекспозициа аҿы ицәыргақәҵоуп 6 шықәса инаркны 17-нӡа зхыҵуа еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи – Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа Рдепартаменти Москватәи аидгьылуаа Рыҩни рыла еиҿкаау еихьӡылоу аконкурс алауреатцәеи аиааиара згахьази асахьаҭыхыҩ ҿарацәа русумҭақәа.
Аекспозициа иаҭаауа асасцәа «Москва ахәыҷқәа рзы», «Москва аныҳәатә», Ашәышықсақәа, ашықәсқәа ирылҵны иааз ақалақь», уҳәа атемақәа рыла иаԥҵоу Белоруссиа, Испаниа, Гватемала, Болгариа, Катара, уҳәа егьырҭ атәылақәа жәпаки рҟынтәи асахьаҭыхыҩ ҿарацәа русумҭақәа рбар рылшоит. Аусумҭақәа ирнубаалоит Москва ақалақь аҭыԥ ԥшӡарақәа, аҳҭнықалақь апеизажқәа, аныҳәатә ақалақьтә атмосфера, иара убас ахәыҷқәа рыблала ақалақь аҭоурых. Аусумҭақәа еиуеиԥшм атехникақәа: аӡшәыгала, апастель, аграфика, аҿыханҵа, уҳәа рыла инагӡоуп.
Аусумҭақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аҭыхымҭа «Аиаҵәара ҭалаҳәоу Москва». Уи автор, аконкурс «Москва доусы игәаҿы» алауреатс иҟалаз, Даур Бигәаа ихьӡ зху Гәылрыԥшьтәи абжьаратәи ашкол аҵаҩы Дарина Соиа.
Константин Ахба Владимир Соловиов ихьӡ зху абокс азы атурнир аҿы аиааира игеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Константин Ахба самбо азы жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза Владимир Соловиов ихьӡ зху абокс азы атурнир аҿы аиааира игеит. Атурнир цәыббрамза 22 инаркны 24-нӡа Санкт-Петербург ақалақь имҩаԥысуаз наҟ-ааҟ ҩыџьа реиндаҭларазы XII Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡны еиҿкаахеит.
Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы иҟанаҵо адыррақәа рыла, аԥснытәи аспортсмен зыкапантә категориа 52 кьыла рҟынӡа иҟоу рыбжьара Санкт-Петербург ақалақь Аолимпиатә гәыӷрақәа рышкол ахьӡала дықәгылеит. Афиналтә еиндаҭлара аҿы Константин Ахба Ленинградтәи аобласть аспортсмен Илиа Кустариов дииааит.
Цәыббрамза 26-27 рзы Искандер итеатр аҿы имҩаԥысуеит А.С.Пушкин ироман «Евгени Онегин» ала иқәыргылоу аспектакль аԥхьарбара.
Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрмза 26 – 27 рзы Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аҿы А.С.Пушкин ироман дуӡӡа «Евгени Онегин» ала иқәыргылоу аспектакль аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аурыс драматә театр аофициалтә саит.
Ԥсра зқәым «Евгени Онегин» ззымдыруа дыҟамзар ҟалап. Аԥсҭазаара ҵакыс иамоу аилкааразы ақыҭарахь еихаз, аха араҟагьы уи анизымԥшаа агәҿыӷь иагоз, изцәагои ҳәа игәызианӡа иҟаз аҭаԥҳа азнаказы дхыхны, нас лгәы ҿызкааз, адуель аҿы зҩыза гәакьа иааигәыдҵан дызшьыз, ацәгьацәыԥхамшьашәа иҟоу ахаҵа изку ахристоматиатә сиужет Искандер Итеатр аспектакль ҿыц аҿы дарбанызаалак ахәаԥшыҩ изааигәоу абзиабара аԥшаара аҭоурых аарԥшрахьы ииасуеит.
Аспектакль ахәмарра адикорациақәа рышьақәыргылареи истильрку акостиумқәеи рхархәарала имҩаԥысуеит. Аха убри аан уи аурыс психологиатә театр атрадиақәа инарықәыршәаны ишьақәыргылоуп. Араҟа акцент хада актиорцәа роуп изықәку, урҭ апоетикатә текст арҵабыргра «аԥсы аҭаҵара» рылшартә аҟаҵара.
Аклассикатә текст аанханы иахьыҟоу ақәыргыламҭа аиумор ласи акы иаламҩашьо пушкинтәи аирониеи рыла игәылырҭәаауп. Араҟа иҟоуп угәы шьҭызхуа еиԥш улахь еиқәызҵогьы, узырхәыцуа, иара убасҵәҟьа ахыркәшамҭа азыԥшрала угәы зырхыҭхыҭуа аҭыԥқәа.
Арежиссиор Сергеи Ефремов уажәаԥхьагьы «Евгени Онегин» ала аспектакльқәа ықәиргылахьан. Аха хазы игоу аус зуа ахаҿы – иналукааша асахьаҭыхыҩ Денис Солнцев иқәиргыло алашара змоу Аурыс драматә театр аспектакль, аԥсуа актиорцәа ртемпераменти ренергиеи аклассикатә тексти аурыс театр зеиӷьаҟам атрадициақәеи ахьеиларсу иҷыдоу асахьаркыратә лҵшәа аазырԥшраны иҟоу иҿыцу рҿиамҭаны иҟалоит.
Аспектакль, А.С.Пушкин ироман ахаҭагьы еиԥш, ухызхуа абзиабара аҭоурых ала ишьаҭарку игәмырҿыӷьгоу, иара убри аамҭазы апарадоксқәеи амаӡақәеи злоу жәабжьны иҟоуп.