АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Жәабран.2024

Аҟәа иргәаладыршәеит аибашьцәа-аинтернационалистцәа.

Аҟәа. Жәабранмза  15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 15 рзы Аҟәа ақалақь аҿы асовет ар Ареспублика Афганисҭан алгара ҟалеижьҭеи 35 шықәса аҵра азгәарҭеит.

Иҭахаз аибашьцәа-аинтернационалистцәа ргәалашәара аҳаҭыр азы Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, ареспублика ауаажәларра, атәылахьчара Аминистрра, Ареспублика Афганисҭан еибашьуаз Реидгыла, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра, Аҟәа иҟоу Москватәи акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны»,  Урыстәылатәи аицџьынџьуаа реиҿкаарақәа, Аԥсны иҟоу абыжьбатәи урыстәылатәи арратә база, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ахаҭарнакра ахаҭарнакцәа.

Аусмҩаԥгатә иалахәыз минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит иҭахаз аибашьцәа-аинтернационалистцәа.

Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ашьҭахь агәалашәаратә митинг мҩаԥысит.

«Жәабранмза 15 Аԥсны аҭоурых аҿы галашәаратә мшны иҟоуп. Ари амш аҽны ҳара ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит аибашьцәа-аинтернационалистцәа.    Рыԥсадгьыл анҭыҵ зинтернационалтә уалԥшьа назыгӡаз Урыстәыла аруаа рымш. Ари амш аҽны ҳара Афганисҭантәи аибашьра аветеранцәа рыдагьы,  30 инареиҳаны бџьаршьҭыхлатәи аиҿагыларақәа ирылахәыз урыстәылатәи аруаагьы ҳгәалаҳаршәоит.

Ҩажәи хәба нызықьҩык урыстәылатәи аруаа еиуеиԥшым адунеи атәылақәа: Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Кореиа, Виетнам, Шьамтәыла, Египет, Мозамбик, Ангола, уҳәа рҿы рырра-маҵуратә уалԥшьа анагӡара рхы ақәырҵеит. Иарбоу аоперациақәа  иара убас рхы аладырхәуан Аԥсны атәылауаагьы.

Иахьа Афганисҭан аибашьра ахыркәшареи асовет архәҭақәа  атәыла ралгареи аныҟала амш 35 шықәса ахыҵра иадҳәалоу арыцхә азгәаҳҭоит», – ҳәа агәалашәаратә митинг аҿы дықәгыло иҳәеит Аԥсны атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Давид Бжьаниа.

Давид Бжьаниа Аԥсны атәылахьчара аминистри Арбџьармчқәа ахатәы еилазаареи рыхьӡала аветеранцәа, аибашьцәа-аинтернационалистцәа зегьы дрыдныҳәалеит. 

«Аибашьра зхызгаз, бџьаршьҭыхлатәи аконфликтқәа ирылахәыз , аиниаразы агәыӷреи агәрагареи змаз, згәалашәара згәаҿы иҵәахны измоу зегьы, азин сышәҭозар, ишәзеиӷьасшьар сҭахуп зегьы раԥхьаӡа иргыланы агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара, агәҭынчра», - ҳәа иҳәеит иара.

«Есышықәса жәабранмза 15 рзы, аибашьцәа-аинтернационалистцәа ргәалашәара Амш аҽны, ҳара бџьаршьҭыхлатәи аиҿагыларақәа ахьыҟаз аҭыԥқәа рҿы зырратә уалԥшьа назыгӡо аруаа  рыгәаӷьреи рфырхаҵареи рзы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Иахьа ҳара Афганисҭан ицоз аибашьра аветеранцәа рыдагьы, 30 инареиҳаны аконфликтқәеи аибашьрақәеи ирылахәыз милионки бжаки урыстәылатәи аруаагьы ҳгәалаҳаршәоит. 25 нызықьҩык урыстәылатәи аруаа рмаҵзуратә уалԥшьа анагӡара рхы ақәырҵеит.  

Аибашьа аветеранцәа иахьа афырхаҵареи атәылауаҩреи апатриотреи зыԥсы ҭоу  ҿырԥшны иҟоуп. Зегьы ирзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, агәамч, аманшәалара», –  ҳәа амитинг аҿы дықәгыло иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭанакра анапхгаҩы Дмитри Федотов.  

Агәалашәаратә митинг ахыркәшамҭаз ажәа ирҭеит Ареспублика Афганисҭан еибашьуаз Реидгыла ахантәаҩы Даур Ҵулукиа.

«Иахьатәи амш – Афганисҭан хьыӡла-ԥшала зырратә уалԥшьа назыгӡоз аибашьцәа-аинтернационалистцәа ргәалашәара Амш ауп.  Иахьа абра иааиз зегьы аныҳәа шәыдысныҳәаларц сҭахуп. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ашықәснҵыра ду.  Аибашьра адәаҟынтә изыхнымҳәыз зегьы ргәалашәара ҳмырԥхашьааит, уахь иҟоу иалхымзааит! Ҳара урҭ ахаангьы иаҳхашҭраны ҳаҟаӡам».

Урыстәыла Аибашьцәа-аинтернационалистцәа ргәалашәара амш азгәарҭоит жәабран 15 рзы. Абри амш азы, 35 шықәса уажә аԥхьа, жәабранмза  15, 1989 шықәса рзы асовет ар Афганисҭан иалган. Инҵәеит жәа-шықәса ицоз, 15 нызықьҩык инареиҳаны асовет тәылауаа зықәӡыз аибашьра. Афгантәи аибашьра Аԥснытәи  иалахәын  136-ҩык аибашьцәа -аинтернационалистцәа.  Урҭ рахьынтә 11-ҩык еиуеиԥшым ахәрақәа роуит, 15-ҩык ҭахеит,  13-ҩык ԥсрашьҭахь арратә Аиаҵәа Ҟаԥшь аорден ранашьахеит.  

 

 

 

 


Read 180 times - Ахәаша, 16 Жәабран 2024 14:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.