АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Жәабран.2024

Роберт Киут Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭара ахаҭарнакцәа Игор Зубови Андреи Храпови дырԥылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза  16 рзы Москва ақалақь аҿы Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Киути   Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, астатс-маӡаныҟәгаҩ, Урыстәылатәи Афедерациа иҵабыргу I акласс абжьгаҩ Игор Зубови реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара аҿы ирылацәажәеит ахылаԥшырҭақәа анаҩстәи русеицура аперспективақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.

Анаҩс Роберт Киут дидикылеит Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, аполициа аинрал-полковник Андреи Храпов.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аганқәа аусҭҵаара аусбарҭақәа, аӡбарҭақәа рҟынтәи зыҽӡаны иҟоу ауаа рыԥшаара, иара убас анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵәара аҿагылара аганахьала акомплекстә усмҩаԥгатәқәа реицымҩаԥгара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.  

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Иусԥҟа ала афедералтә ҵакыра «Сириус» аҿы имҩаԥысраны иҟоу зымҽхак ҭбаау  ахҭыс – Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль амҩаԥгараан наҟ-ааҟ азинхьчаҩцәа русеицура аиҿкаара азҵаарақәа.   

Аганқәа иара убас ирылацәажәеит егьырҭ азҵаарақәагьы, аҩ-ҳәынҭқаррак рхылаԥшырҭақәа рыбжьара уажәы иҟоу аусеицура аҩаӡара ахәшьара бзиа арҭеит.


Read 189 times - Ахәаша, 16 Жәабран 2024 17:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.