pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны зҽасазтәыз азыҟаҵаҩ, Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз абаҩрҵәыратә культуреи аспорти русзуҩ Рубен Дилениан игәалашәара иазкыз аԥкьаҭмпыл азы атурнир хыркәшахеит Аҟәа ақалақь аҿы.

Убас, 8 шықәса зхыҵуеи урҭ иреиҵбууи аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Адель Папба (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Мила Матуа (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит – Аилин Герхьелиа (ақ. Аҟәа).

Иарбоу ақәратә категориа иаҵанакуа аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Владимир Бениа (ақ. Аҟәа).

13 шықәса зхыҵуеи урҭ иреиҵбууи аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Меланиа Гәымба (ақ.Пицунда), аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Валериа Емексузиан (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ  аанылкылеит – Алиа Ҵнариа (ақ. Аҟәа).

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 32 шықәса раԥхьа, жьҭаарамза 11, 1992 шықәса рзы, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахеилак ахантәаҩы Владислав Арӡынба Аԥсны атәылахьчара Аминистрреи Арбџьармчқәа Рыштаб Хадеи раԥҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Ари арыцхә официалла – Аԥсуа ар аира Амш ҳәа иԥхьаӡоуп.

Аԥсны Арбџьармчқәа раԥҵара мҩаԥысуан иуадаҩыз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьақәа раан, ареспублика ахьыԥшымра азы ишьаарҵәыраз аибашьра анцоз аамҭазы.

Жьҭаарамза 11 Аԥсны Арбџьармчқәа анаԥҵаз амш ауп, аха уаанӡа, ԥхынҷкәын 29, 1991 шықәсазы Аԥсны Аҩнуҵҟатәи архәҭақәа Хазы игоу рполк еиҿкаан. Уи еиҿкаан Аԥсны иҟаз Асовет Еидгыла архәҭақәа рбазала. Уи напхгара арҭон аподполковник Гиви Агрбеи амилициа амаиор Вахтанг Цыгәбеи. Ари аполк аԥҵара ахыҵхырҭаҿы игылаз иреиуоуп афициарцәа Владимир Аршба, Денвар Асланӡиа, Иури Романов, Баҭал Џьопуа, Беслан Ҵәыџьба, Валери Делба, Рауль Муцба, Сергеи Аршба, Нури Багаҭелиа, Вианор Ашба, уҳәа аԥсуа ҵеицәа иашақәа аӡәырҩы.

Нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы ақырҭуа арбџьармчқәа аҳәаа еилаганы Аԥсны иақәлеит. Урҭ хықәы хадас ирыман Аԥсны аҳәынҭқарратә суверенитет аԥыхра. Раԥхьатәи аидыслара ҟалеит август 14 аҽны, Охәреи ақыҭан. Уакәын аԥсуаа рырхәҭақәа ахьгылаз, Егры акәмызт. Аибашьра ианалага зыԥсадгьыл ахьчаразы хатәгәаԥхарала абџьар иаҵагылаз ауаа еидызкылашаз мчрак ыҟазар акәын. Убри аҟнытә Нанҳәамза 18, 1992 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум Атәылахьчаразы Аҳәынҭқарратә Комитет аиҿкаара азы Ақәҵара аднакылеит.

Убри аамҭазгьы, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ақәҵара инақәыршәаны, Аҩныҵҟатәи арбџьармчқәа хазы игоу рполк акомандаҟаҵаҩ идҵан хәышә-хәышә ҩык злоу ҩ-батальонк раԥҵара. Аха аполк алшарақәа рымацара азхаӡомызт аҟнытә ар аиҿкаара напы аркын.        

Цәыббрамза 3, 1992 шықәса рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит Кавказ ареспубликақәа рхадацәа реиԥылара, Урыстәылеи, Қырҭтәылеи, Аԥсныи рхадацәа алархәны, иара убас Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи Алада Урыстәылатәи атәылаҿацәи рнапхгаҩцәа алархәны.

Цәыббрамза 5 рзы  – аамҭала аибашьра аанкылара алагара ашьҭахь 10 минуҭк ааҵуаны еиԥш, (асааҭ 12:00 рзы) уи ақырҭуа архәҭақәа рганахьала Алада Ешыра иҟаз аԥсуа архәҭақәа рхырӷәӷәарҭақәа рылахысрала еилаган. Иара уааҵәҟьа, қырҭтәылатәи архәҭақәа асааҭ  22:30 рзы атанкқәа рыла ажәылара рҽазыршәеит.  Цәыббрамза 9 рзы – Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа рҿы цәыббрамза 10, 00 сааҭ  инаркны аиҿахысра аанкылара азы аиқәшаҳаҭра бжьаҵан. Аиқәшаҳаҭра ҩаԥхьа еилагоуп. Анаҩс, цәыббрамза 15, 17 рзы ирыбжьарҵаз аиқшаҳаҭрақәагьы анагӡара залмыршахеит, ақырҭуа ган ала иахьеилагаз инамадан.

Жьҭаарамза 1 - 6 рзы – аԥсуаа Гагра ақалақьи Гагра араиони Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахы ақәиҭтәра азы  ажәылара аԥшьыргеит. Жьҭаарамза 1  – асааҭ 17:00 рзы аԥснытәи архәҭақәа ажәылара иалагоит, Колхьыда аҳабла (уажәы Ԥсахара) ааныркылоит; жьҭаарамза 2 – ахы иақәиҭтәхеит Гагра ақалақь; жьҭаарамза 3 – Қырҭтәыла Арбџьармчқәа ақалақь абомбақәа аларыжьуа иалагеит, уи иахҟьаны хыԥхьаӡара рацәала аҭыԥантәи аҭынч уааԥсыра ҭахеит. Гагра ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәыларатә роперациа раԥхьатәи иааирахеит ари аибашьра аҿы.

Жьҭаарамза 11 рзы – Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Владислав Арӡынба Атәылахьчара Аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Ари арыцхә официалла Аԥсны Арбџьармчқәа рымш ҳәа иԥхьаӡоуп — Аԥсны ар аира иамшуп. Атәылахьчара аминистрра анеиҿыркаа, аминистрс дҟаҵан Владимир Аршба, иара Москватәи аиқәшаҳаҭра ашьҭахь Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩыс дарҭеит, Аштаб хада аиҳабыс – Сулҭан Сосналиев.

Аштаб хада аиԥш реиҿкаара иалагеит анапхгараҭарақәа, аҟәшақәа, амаҵзурақәа. 1992 шықәса жьҭаара 28 рзы иаԥҵан Арбџьармчқәа рҟны атыл амаҵзура, абџьари атехникеи рнапхгараҭара, амедицинатә маҵзура.

Аибашьраан Атәылахьчара аминистрра аилазараҿы иаԥҵан аррамаҵзурауаа аус рыдызуло аинститут, нас уи акомиссарцәа ринститут ҳәа еиҭакын. Аԥсны Арбџьармчқәа ркомиссарс дҟаҵан аполковник Сергеи Шамба.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атуристтә фымцадәыӷба  «Ласточка» 2024 шықәсазы Аҟәаҟа аҩбатәи аԥышәаратә реис нанагӡеит.

Мшаԥымзазы адәыӷба  аԥышәаратә режим ала Аҟәаҟа аихамҩатә инфраструктура аҭагылазаашьа агәаҭаразы иааит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, атранспорти афымцамчи рминистр Џьансыхә Нанбеи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани ахаша, жьҭаарамза 9 рзы  Санкт-Петербург ақалақь аҟынтәи абизнесменцәа ирԥылеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаара 9 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа – Еиду Амилаҭқәа Реиҿаара (ООН) аҟынтә ацхантәаҩы Џьихан Сулҭаноглу, Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) аҟынтә ацхантәаҩ Виорель Мосану, Европатәи атәылақәа Реидгыла (ЕС) аҟынтә ацхантәаҩ иполитикатә абжьагаҩ Готфрид Ханне реиԥылара мҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраа аҟны жьҭаарамза 9 рзы имҩаԥысит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

Аԥснытәи аган аҟынтәи аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аппарат аиҳабы Мартин Ҭаркьыл, Ааигәатәи Мрагылареи Африкеи Рдепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа, Аконсултә Усбарҭа аиҳабы Лаша Аҩӡба, анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаара 9 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа – ЕАР аҟынтә ацхантәаҩы Џьихан Сулҭаноглу, ОБСЕ аҟынтә ацхантәаҩ Виорель Мосану, ЕЕ аҟынтә ацхантәаҩ иполитикатә бжьагаҩ Готфрид Ханне дырԥылеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аилацәажәарақәа ртема хаданы иҟалеит имҩаԥысраны иҟоу Женеватәи Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рформат алацәажәареи Гал ақалақь аҿы аинцидентқәа раԥырҟәҟәаареи рҭак аҟаҵареи рмеханизм аусура аиҭалагара ахымԥадатәра азҵаареи.

Сергеи Шамба «иахьазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа абри аҩаӡараҿы иҟоу апроблемақәа рылацәажәара ахьалшо платформа заҵәыкны иҟоуп» ҳәа иазгәеиҭеит. Иара «абџьарқәа анҭынчу ажәа ргоит адипломатцәа» ҳәа ззырҳәо аҭагылазаашьа ашьақәгылара  алҵшәа хадақәа иреиуоуп ҳәа иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр.

Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгаҩы иажәақәа рыла, аԥсуа ган азы зегь реиҳа ихадароу зҵаароуп аибашьра аиҭаламгареи Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәараз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  31-шықәса ахыҵра иазкны Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит акциа «Ԥсра зқәым аполк».  

Аныҳәатә аиасра алахәылацәа аҽеидкылара иалагеит Ахақәиҭра Ашҭаҿы. Асааҭ 12 инарзынаԥшуа, В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи адиректор, аибашьра аветеран Мзиа Беииеи Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагбеи зхадараҿы игылаз аколонна  Аидгылара амҩала Ахьӡ-Аԥша апарк аганахьала идәықәлеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Сергеи Багаԥшь иԥсыжырҭаҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30, Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азы Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан, Аԥсны Актәи Ахада Владилав Арӡынба Имемориал аҟны ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭацара иадҳәалоу ацеремониа мҩаԥысит.  

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит.

 

Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар!

 

Акыр иаԥсоу аветеранцәа, аҩызцәа!

 

Иахьа, ҳара иазгәаҳҭоит зегьы бзиа еицаҳбо, акрызҵазкуа  Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи  рымш!

31 шықәса раԥхьа ҳмилаҭ рԥыза ду Владислав Арӡынба инапхгарала ҳажәлар ақырҭуа  қәылаҩцәа рыҟнытә ҳ-Аҧсадгьыл ахы иақәиҭыртәи. Аиааира ҳажәлар ракзаара,  рфырхаҵара, рыԥсадгьыл ахь ирымоу абзиабара ӷәӷәа иалҵшәахеит.

Афырхаҵара иасимволу ари амш алахьеиқәрагьы ацуп. Иахьа иаҳгәалаҳаршәоит зықьҩыла Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, Аҩадатәи Кавказ, Алада Урыстәыла, ҳдиаспора ахаҭарнакцәа. Ххырхәоит урҭ ргәалашәара аҿаԥхьа. Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵара хашҭра ақәӡамкәа абиԥарақәа еимдо инаргалоит.

Аԥсуа жәлар рхақәиҭ  ахьчаразы бџьаршьҭыхла аӷа иҿагылеит аԥсуаа  рҵеицәа, рҭыҧҳацәа реиԥш,  Аҩада Кавказтәи ҳаиашьаратә жәларқәа, Алада Урыстәыла уҳәа атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи хатәгәаҧхарала иааз аибашьцәа.  Урҭ рфырхаҵара наунагӡа ҳгәалашәараҟны иаанхоит, иаадырҧшыз адгылара атәы абиԥарақәа аҧхьаҟагьы еимдо инаргалоит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.