АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Цәыббра.2024

Акциа «Ԥсра зқәым аполк» Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  31-шықәса ахыҵра иазкны Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит акциа «Ԥсра зқәым аполк».  

Аныҳәатә аиасра алахәылацәа аҽеидкылара иалагеит Ахақәиҭра Ашҭаҿы. Асааҭ 12 инарзынаԥшуа, В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи адиректор, аибашьра аветеран Мзиа Беииеи Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагбеи зхадараҿы игылаз аколонна  Аидгылара амҩала Ахьӡ-Аԥша апарк аганахьала идәықәлеит.

 Акциа рхы аладырхәит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, ашколхәыҷқәеи астудентцәеи, иара убас Жәларбжьаратәи аҿартә патриоттә лагерь «Афырхацәа рышьҭрамдаҩцәа» алахәылацәа. Изҭаху зегьы алшара рыман «Ԥсра зқәым аполк» акалонна иацны иҭахаз аибашьцәа ҳаҭырла ргәалашәара ахьӡала аиасра.

 


Read 185 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.