АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Жьҭаара.2024

Сергеи Шамба «иахьазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа абри аҩаӡараҿы иҟоу апроблемақәа рылацәажәара ахьалшо платформа заҵәыкны иҟоуп» ҳәа иазгәеиҭеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаара 9 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа – ЕАР аҟынтә ацхантәаҩы Џьихан Сулҭаноглу, ОБСЕ аҟынтә ацхантәаҩ Виорель Мосану, ЕЕ аҟынтә ацхантәаҩ иполитикатә бжьагаҩ Готфрид Ханне дырԥылеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аилацәажәарақәа ртема хаданы иҟалеит имҩаԥысраны иҟоу Женеватәи Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рформат алацәажәареи Гал ақалақь аҿы аинцидентқәа раԥырҟәҟәаареи рҭак аҟаҵареи рмеханизм аусура аиҭалагара ахымԥадатәра азҵаареи.

Сергеи Шамба «иахьазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа абри аҩаӡараҿы иҟоу апроблемақәа рылацәажәара ахьалшо платформа заҵәыкны иҟоуп» ҳәа иазгәеиҭеит. Иара «абџьарқәа анҭынчу ажәа ргоит адипломатцәа» ҳәа ззырҳәо аҭагылазаашьа ашьақәгылара  алҵшәа хадақәа иреиуоуп ҳәа иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр.

Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгаҩы иажәақәа рыла, аԥсуа ган азы зегь реиҳа ихадароу зҵаароуп аибашьра аиҭаламгареи Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәараз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи.

Сергеи Шамба иазгәеиҭеит, Қырҭтәыла иҟалаз азы аҭамзаара ашьҭаҵара аинышәарахь раԥхьатәи шьаҿаны иҟалар шалшо. Иара убасгьы Қарҭ «аоккупациа зызу аҵакырақәа» ҳәа иаларгалаз атермин ааныжьра ахәҭоуп аизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалараз ихәарҭамкәа ишьаны ҳәа азиҳәеит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр мраҭашәаратәи адипломатцәа рацәажәараан инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аполитикатә статус иарбанызаалак хцәажәарак ишаҵанамкуа.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз Сергеи Шамба Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аконструктивтә усеицура амҩаԥгаразы агәыӷра шимоу ааирԥшит.

 

 


Read 148 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.