АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Жьҭаара.2024

Женеватәи аиҿцәажәарақәа 62-тәи рраунд амҩаԥгара 2024 шықәса абҵарамза 5-6 рзы иазԥхьагәаҭоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаара 9 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа – Еиду Амилаҭқәа Реиҿаара (ООН) аҟынтә ацхантәаҩы Џьихан Сулҭаноглу, Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) аҟынтә ацхантәаҩ Виорель Мосану, Европатәи атәылақәа Реидгыла (ЕС) аҟынтә ацхантәаҩ иполитикатә абжьагаҩ Готфрид Ханне реиԥылара мҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраа аҟны жьҭаарамза 9 рзы имҩаԥысит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

Аԥснытәи аган аҟынтәи аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аппарат аиҳабы Мартин Ҭаркьыл, Ааигәатәи Мрагылареи Африкеи Рдепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа, Аконсултә Усбарҭа аиҳабы Лаша Аҩӡба, анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниа.

Аиԥылара алагамҭазы Одиссеи Бигәаа иазгәеиҭеит, Аԥсны арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьагьы, егьырҭ арегионқәа рҿы имҩаԥысуа апроцессқәагьы, ҷыдала Мрагылара Ааигәа атәылақәа рҿы имҩаԥысуа апроцессқәа инарҵауланы ишрышьклаԥшуа. Бигәаа, иара убасгьы, Мраҭашәаратәи атәылақәа Украинаҟа ахара ицо аракетақәа рнагаразы рыгәҭакқәа азхьаԥшра риҭеит. Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны, Урыстәыла иадгылоу тәылак аҳасабала, ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа агәҭынчымра шазаҵоу инаҵшьны иазгәеиҭеит, уи аимак еицәанатәыр шалшо иҳәеит.

Аилацәажәарақәа ртема хаданы иҟалеит имҩаԥысраны иҟоу Женеватәи Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 62-тәи рраунд амшхәаԥштә алацәажәареи арегионтә шәарҭадара иахьатәи азҵаарақәа рылацәажәари.

Одиссеи Бигәаа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахархәара мап ацәкразы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра шхымԥадатәиу инаҵшьны иазгәеиҭеит, уи Женеватәи аилацәажәарақәа ирхықәкы хаданы иҟоуп ҳәа азиҳәеит.

Аилатәара алахәылацәа Гал ақалақь аҿы аинцидентқәа раԥырҟәҟәаареи рҭак аҟаҵареи рмеханизм (АИПРМ) аусура аиҭалагара ахымԥадатәра ахшыҩзышьҭра арҭеит.

Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) аҟынтә ацхантәаҩ Виорель Мосану Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа Женева имҩаԥысраны иҟоу аиԥылара иахьынӡазалшо алҵшәа бзиақәа аанарԥшуа амҩаԥгара зегьы еицырзеиԥшу хықәкны ишрымоу азгәеиҭеит.

Ацхантәаҩцәа иааиуа Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд амҩаԥгара ишазыхиоу рҳәеит.

Аиҿцәажәарақәа 62-тәи рраунд 2024 шықәса абҵарамза 5-6 рзы иазԥхьагәаҭоуп.

 

 

 


Read 154 times - Аԥшьаша, 10 Жьҭаара 2024 14:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.