АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Цәыббра.2024

Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит.

 

Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар!

 

Акыр иаԥсоу аветеранцәа, аҩызцәа!

 

Иахьа, ҳара иазгәаҳҭоит зегьы бзиа еицаҳбо, акрызҵазкуа  Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи  рымш!

31 шықәса раԥхьа ҳмилаҭ рԥыза ду Владислав Арӡынба инапхгарала ҳажәлар ақырҭуа  қәылаҩцәа рыҟнытә ҳ-Аҧсадгьыл ахы иақәиҭыртәи. Аиааира ҳажәлар ракзаара,  рфырхаҵара, рыԥсадгьыл ахь ирымоу абзиабара ӷәӷәа иалҵшәахеит.

Афырхаҵара иасимволу ари амш алахьеиқәрагьы ацуп. Иахьа иаҳгәалаҳаршәоит зықьҩыла Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, Аҩадатәи Кавказ, Алада Урыстәыла, ҳдиаспора ахаҭарнакцәа. Ххырхәоит урҭ ргәалашәара аҿаԥхьа. Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵара хашҭра ақәӡамкәа абиԥарақәа еимдо инаргалоит.

Аԥсуа жәлар рхақәиҭ  ахьчаразы бџьаршьҭыхла аӷа иҿагылеит аԥсуаа  рҵеицәа, рҭыҧҳацәа реиԥш,  Аҩада Кавказтәи ҳаиашьаратә жәларқәа, Алада Урыстәыла уҳәа атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи хатәгәаҧхарала иааз аибашьцәа.  Урҭ рфырхаҵара наунагӡа ҳгәалашәараҟны иаанхоит, иаадырҧшыз адгылара атәы абиԥарақәа аҧхьаҟагьы еимдо инаргалоит.

Иахьа, 31 ш. рнаҩсгьы, иаанхоит  актуалра аманы аҳәынҭқарра аргылареи,  арӷәӷәареи , ахьчареи аус. Абарҭ азҵаарақәа рыӡбараҟны уасхырҵас иҟалароуп Владислав Григори-иԥа Арӡынба ишиҳәахьаз еиԥш, ҳажәлар ргәазыҳәара, иара убас ҩызара ҳзызуа, иҳадгылоу Урыстәылатәи Афедерациа.

Ҳаԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз ҳҵеицәа ирызку абаҟаны иҟоуп иахьа зхы иақәиҭны аҿиара иаҿу ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра.

Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар! Иахьатәи амш ныҳәа аҽны ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп аҭынчра, аизҳазыӷьара, аԥеиԥш бзиа агәрагара. 

Ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш. Нагӡара ақәзааит зхы иақәиҭу, ихьыԥшым Аԥсынра!

 

 


Read 187 times - Ашәахьа, 30 Цәыббра 2024 18:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.