АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Цәыббра.2024

Алада Ешыра ақыҭан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30, Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азы Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан, Аԥсны Актәи Ахада Владилав Арӡынба Имемориал аҟны ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭацара иадҳәалоу ацеремониа мҩаԥысит.  

 Аусмҩаԥгатә  рхы  аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ  Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Апарламент адепутатцәа, Урыстәылатәи Афедерациа Афедератә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума адепутат, Евразиатә аинтеграциеи аџьынџьуаа рымадареи Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәеи  рзы акомитет ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ  Константин Затулин, Аиҳабыра алахәылацәа, аибашьра аветеранцәа, Нхыҵкавказтәи ареспубликақәа рделегациақәа, аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа. 


Read 175 times - Ашәахьа, 30 Цәыббра 2024 18:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.