Аидгылареи астратегиатә усеицуреи шьаҭас измоу урыстәыла-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа қәҿиарала имҩаԥысуеит. Агәра згоит аԥхьаҟагьы ҳалшарақәа еибыҭаны еиуеиԥшым аусхкқәа рыҟны ҩ-ганктәи аусеицура ацҵара шҳалшо. Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҿиара иазку ауснагӡатәқәа рыӡбараҟны Аԥсны аиҳабыреи ажәлари активла ацхыраара рыҭара иацнаҵалоит.
Гәыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа, шәтәылауаа – аҭынчреи ахирреи».