pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭааармза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 23 инаркны 30 аҟынӡа Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Егры» ауааԥсыра рыиасразы аамҭала иаркхоит. Уи азы Ақәҵара ахәаша, жьҭаарамза 18 рзы инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Убри аан аҷыдалкаақәак шьақәыргылоуп: 

– Уаанӡа закәаншьаҭала Қырҭтәылаҟа ицаны иҟаз Ареспублика Аԥсны атәылауааи анхаразы азин аршаҳаҭга змоу ахаҿқәеи рыхынҳәразы;

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 30 тонна инареиҳаны агуманитартә еидара Аԥснынтәи Курсктәи аобласть ахь инаргоит.  Арегион ауааԥсыра рзы еизгоу агуманитартә  еидара зқу амашьынақәа рколонна иахьа Аҟәа ақалақь аҟынтәи амҩа иқәлеит, ҳәа адырра ҟанаҵеоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра  аколонна агуманитартә еидара ацны Донбасҟа амҩа иқәлеит.

100 тоннк инарзынаԥшуа ацитрустә шәырқәа  Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыра ҿыцқәа –ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа рахь инагахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.   

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистреи Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи рыбжьара иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рмедика-санитартә ахҟьаԥҟьақәа рықәгара аганахьала русеицуразы Амеморандум анагӡара азҵаарақәа ирызкын иҳаҩсыз амчыбжь азы авидеоконференциа аформат ала имҩаԥысыз аилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 19 – 20 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуан XVII Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Аҟәафон 2024».

Актәи амш азы аицлабрақәа ахәыҷқәа рыбжьара имҩаԥысуан.  Зынӡа урҭ рхы аладырхәит 115 ашахматқәа рыбзиабаҩцәа қәыԥшқәа. Аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи хазы-хазы еицлабуан.  

Аԥхьахәтә ҭыԥқәа абас ала еихшахеит:

– 6 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Симонов Сократ (ақ. Аҟәа), Черқьезиа Наала (ақ. Аҟәа),

– аҩбатәи аҭыԥқәа –  Назаренко Марк (ақ. Аҟәа),  Шамба Софиа (ақ. Аҟәа),

– ахԥатәи – Бениа Владимир (ақ. Аҟәа);                              –   8 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рыбжьара Кәыҵниа Георги (ақ. Аҟәа), Гәылариа Емили (Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥқәа – Ҭҟьебучаа Давид (ақ. Аҟәа), Гәыргәылиа Алеқсандра (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥқәа – Хуснутдинов  Димир (ақ. Аҟәа), Лашәриа Леон (ақ. Аҟәа);

– 10 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааныркылеит Мықәба Стиллиан (ақ. Пицунда), Сақаниа Саниа (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Тос-оглы Кемаль (ақ. Гагра), Џьениа Амели (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥқәа – Игноиан Леонид (ақ. Аҟәа),  Агрба Амира (Гәдоуҭа), Бганба Нила (ақ.Гагра);

– 12 шықәса зхымҵыц аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи рыбжьара аиааира ргеит Топчиан Армен (Гәылрыԥшь аҳабла),  иара убас Марченко Полина (Сухум), вторые места заняли Мукба Руслан (ақ.Пицунда), Лакоба Сариа (ақ. Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥқәа Халуашь Дамир ( ақ.Гәдоуҭа), Смыр Мирра (Афон Ҿыц). 

Амобилтә Еилазаара «Аҟәафон-GSM» аҟынтәи аџьшьаратә ҳамҭақәа ранашьахеит зегьы раасҭа еиҵбу алахәылацәа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ареспублика ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаԥигеит.

Аҳәаа иаԥну аҵакырақәа рҿы уаҩ дызҭам аԥырратә аппаратқәа рыԥырра азы иҟоу аинформациа ҳасаб  азуны, ашәарҭадара Ахеилак алахәылацәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура жьҭаарамза 23 инаркны 30 аҟынӡа Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Егры» ала ауааԥсыра рыиасра аамҭала аанкыларазы иҟанаҵаз ажәалагала иахәаԥшит.  Уи зыдҳәалоу жьҭаарамза 26 рзы Қырҭтәыла имҩаԥысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа раан арадикалтә мчрақәа рганахьала  иҟалар зылшо апровакациақәа роуп.   

Ашәарҭадара Ахеилак алахәылацәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ажәалагала иақәшаҳаҭхеит. Убас ала, жьҭаарамза 23 инаркны 30 аҟынӡа Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Егры» ала ауааԥсыра рыиасра аамҭала иаанкылахоит. Убри аан аҷыдалкаақәак шьақәыргылоуп:

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ари ахҭыс иаарту провокациоуп, ас еиԥш аусқәа аҳәаахьчаратә зонаҿы аибарххара иазырхоуп ҳәа инаҵшьны иазгәанаҭоит. Қырҭтәыла анапхгара Аԥсны Аҳәынҭқарреи дареи рыбжьара иҟоу аиқәымшәарақәа зегьы ҭынчмҩала мацара рыӡбара ҳҭахуп ҳәа иааиԥмырҟьаӡакәа аҳәамҭақәа шыҟарҵогьы, апрактикаҿы Қырҭтәыла Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәааҿы иҟоу аҭагылазаашьа аицәатәра иаҿуп, ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ашәарҭарақәа рызцәырнагоит. Аԥсуа ган абҵарамза 5-6 рзы иазԥхьагәаҭоу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы иаанкылаз адрон иадҳәалоу ахҭыс алацәажәара азԥхьагәаҭара гәҭакны иамоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, «Москва Аҩны» аҿы иаатит III Жәларбжьаратәи ауниверситетбжьаратәи аҵарадырратә цәыргақәҵа. Уи рхы аладырхәуеит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа жәабеи Аԥсныәи аҳәынҭқарратә Университети.  Москва Аҩны аҿы Урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети алекциақәеи аҟазаратә-классқәеи мҩаԥыргоит.

Ацәыргақәҵа аартуа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра анапхгаҩы Владислав  Куликов, иарбоу ацәыргақәҵа аҿы аԥснытәи  абитуриентцәа Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҵарадырра аиуразы иҟоу алшарақәа рзы  еиҳа адыррақәа роур алшоит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Астендқәа русура анаҩс иара убас еиҿкаахоит аҵараиурҭақәа хазы игоу апрезентациақәагьы.   Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны иахьа, ацәыргақәҵа аартра ацеремониа ашьҭахь, ашколбжьаратәии ауниверситетбжьаратәии аимадарақәа рԥышәа иазку аконференциа мҩаԥгахоит», - ҳәа иҳәеит Владислав Куликов.

Иара иарбоу аусмҩаԥгатә зегьы рзы хра аланы ишыҟало азы агәыӷра шимоу иҳәеит.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин ари аусмҩаԥгатә иаҵоу аполитикатә ҟазшьа дазааҭгылеит.

«Сара сызлахәаԥшуа ала, иахьа ари азал аҿы ауаа рацәаны еизеит, шамахамзар аҭыԥ ҭацәны иубаӡом, уи иаанаго абар шьҭа хынтәны имҩаԥысуа ацәыргақәҵа ахь аинтересс дууп ауп … Ҳара атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа, иара убас аб Виссариони аб Игнатии  иҭабуп ҳәа раҳҳәоит иахьатәи ҳусмҩаԥгатә иахьаҭааз. Сара сгәаанагарала ари ацәыргақәҵа еиҳа адоуҳатә усхкы иаҵанакуеит. Иара иалукаарц алшоит иара убас ахықәкытә аудиториа аҿы аинерес ду ахьцәырнаго. Арахь ҳанааиуаз ҳара иаабон хыԥхьаӡара рацәала абитуриентцәа, урҭ аҵараиурҭақәа ирыдыргыло ахырхарҭақәа ргәы хыҭхыҭуа иазыԥшуп», – ҳәа иҳәеит Михаил Шургалин.

Уи иажәақәа рыла, Аԥсны атәылауаа рыбжьара иреиҳау аҵараиура ахшыҩзышьра бзиа арҭоит, акыр иазҿлымҳауп.

«Ҳара уи даараӡа ҳаигәырӷьоит, избан акәзар акадрқәа разыҟаҵара ареспублика азы иаанаго уи ҳаԥхьаҟа хра злоу аҿиара аиуоит ҳәа ауп. Ҳара ари аусмҩаԥгатә ақәҿиарақәа азеиӷьаҳшьоит», - ҳәа иҳәеит урыстәылатәи адипломат.   

Ацәыргақәҵа алахәылацәа рҿаԥхьа дықәгылеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.  

«Аиашазы, иҳаҩсыз ацәыргақәҵақәа рԥышәа иаҳнарбеит ҳҿар ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа акыр ишазҿлымҳау», – ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа  Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара ҩынтәтәи ашәахтәқәҵара ацәцареи ахашәалақәа рзы ашәахтәқәа рганахьала  ашәахтәқәҵараҟнытә аҽыԥхьакра аԥырҟәҟәареи рзы Аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аинформациатә Маҵзура  ТАСС.

Аиқәшаҳаҭра еиқәыршәаны анапаҵыҩра мҩаԥган Аҟәа ақалақь аҟны 2024 шықәса лаҵарамза 7 рзы. Аиқәшаҳаҭра Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи азеиԥш социалтәи економикатәи ҭаӡара аҿиара, ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аекономикатә еизыҟазаашьақәа рыҿиареи ашәахтә усқәа рыҟны аусеицура арӷәӷәареи рҳәаақәа ирҭагӡаны иазырхиоуп. Уи аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аекономикатә, агуманитартә, аинфраструктуратә усеицура арҿиара иацхраалоит, уи иаԥнаҵоит Урыстәылеи Аԥсни рзинтә хаҿқәеи хаҭалатәи ахаҭарнакцәеи ртәылеи аҩызаратә ҳәынҭқарреи рҿы ироуа ахашәалахәы хкы азы ашәахтә ҩынтә ишырымшәо азы аҭагылазаашьақәа. Ари азҵаара аӡбара аинвестициақәа ралагалара иацхраауеит ҳәа иаҳәоит аилыркаагатә шәҟәы аҟны.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ацәыргақәҵа «Курсктәи аобласт аҿы киевтәи анеонацисттә режим ацәгьоурақәа» аатит Аҟәа ақалақь, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы.

Ацәыргақәҵа аартра аламҭалазы еизаз идырбахеит адокументалтә фильм «Курск. Рыжәҩахыр еибыҭа». («Курск. Плечом к плечу»).

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.