АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Жьҭаара.2024

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума ҩынтәны ашәахтә аҽацәыхьчаразы Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа  Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара ҩынтәтәи ашәахтәқәҵара ацәцареи ахашәалақәа рзы ашәахтәқәа рганахьала  ашәахтәқәҵараҟнытә аҽыԥхьакра аԥырҟәҟәареи рзы Аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аинформациатә Маҵзура  ТАСС.

Аиқәшаҳаҭра еиқәыршәаны анапаҵыҩра мҩаԥган Аҟәа ақалақь аҟны 2024 шықәса лаҵарамза 7 рзы. Аиқәшаҳаҭра Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи азеиԥш социалтәи економикатәи ҭаӡара аҿиара, ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аекономикатә еизыҟазаашьақәа рыҿиареи ашәахтә усқәа рыҟны аусеицура арӷәӷәареи рҳәаақәа ирҭагӡаны иазырхиоуп. Уи аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аекономикатә, агуманитартә, аинфраструктуратә усеицура арҿиара иацхраалоит, уи иаԥнаҵоит Урыстәылеи Аԥсни рзинтә хаҿқәеи хаҭалатәи ахаҭарнакцәеи ртәылеи аҩызаратә ҳәынҭқарреи рҿы ироуа ахашәалахәы хкы азы ашәахтә ҩынтә ишырымшәо азы аҭагылазаашьақәа. Ари азҵаара аӡбара аинвестициақәа ралагалара иацхраауеит ҳәа иаҳәоит аилыркаагатә шәҟәы аҟны.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, апроценттә хашәалахәы иадҳәаланы ахашәалахәы ахыҵхырҭақәа рҿы адивидендқәеи ароиалтиқәеи реиԥш иҟоу ахашәалахәы азы 10% рҟынӡа инаӡо иаку ашәахтә шьақәыргылахоит.   Аиқәшаҳаҭра иара убас иазԥхьагәанаҭоит апроценттә хашәалахәы иадҳәаланы ахашәалахәы ахыҵхырҭақәа рҿы ашәахтә ақәҵара аҟынтәи ахақәиҭтәра. Апроцентқәа рзы ашәахтәқәа ауал зҭаз аҳәынҭқарра абиуџьет ахь ишәахоит. Иара убас, аргылара ахьымҩаԥысуа атәылаҿы аргылаҩцәа 18 мзы рыҩнуҵҟа ахашәалахәы ашәахтә ршәара аҟынтәи рхы иақәиҭтәхоит. Ацхырааратә аамҭа аҩнуҵҟа, ҳәынҭқаррак иатәу аргыларатә еилазаара егьи аҳәынҭқарра аҵакыраҿы инанагӡо аусура есымшатәи ахаҭарнакра аԥҵара иадҳәалахаӡом. Иарбоу аамҭа иалагӡаны ашәахтә ашәара иахьынхо атәылаҿы мацара ауп иахьымҩаԥысло. Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы атәылақәа рыбжьара еицырзыфеидоу аусеицура азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара алнаршоит, наҟ-ааҟ аинвестициақәа ралагалара иацхраалоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа афинансқәа Рминистрра аофициалтә саит. 

 

 


Read 32 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.