АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 9:14

Киевтәи арежим Курсктәи аобласт аҿы ацәгьоурақәа ирызку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа ақалақь аҿы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ацәыргақәҵа «Курсктәи аобласт аҿы киевтәи анеонацисттә режим ацәгьоурақәа» аатит Аҟәа ақалақь, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы.

Ацәыргақәҵа аартра аламҭалазы еизаз идырбахеит адокументалтә фильм «Курск. Рыжәҩахыр еибыҭа». («Курск. Плечом к плечу»).

Аусмҩаԥгатә иаҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.

Адокументалтә фильм дырбара иалагаанӡа еизаз рҿаԥхьа иқәгылеит амузеи адиректор Мзиа Беииа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа 7-тәи арратә база ахаҭарнак  Евгени Переволоцки, Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аидгьылуаа реиҿкаарақәа Ркоординациатә Еидгылара ахантәаҩы Олег Иурченко, аинтернационалтә бригада «Пятнашка» ахаҭарнак  Денис Соломко.

«Ҳара иахьа араҟа ҳаизеит Курсктәи аобласт аҿы киевтәи анеонацисттә режим ацәгьоурақәа зырҵабыргуа, угәы ҭызшьаауа аматериалқәа рбара азы», - ҳәа илҳәеит амузеи адиректор Мзиа Беииа. 

Лара иара убас Курскынтәи жәларбжьаратәи алагер «Афырхацәа рышьҭамдаҩцәа» («Потомки героев») алахәылацәа ртәы еиҭалҳәеит.

«Ааигәа жәларбжьаратәи алагер «Афырхацәа рышьҭамдаҩцәа» («Потомки героев») аҳәаақәа ирҭагӡаны Курсктәи аҳәынҭқарратә университети Курсктәи аҳәынҭқарратә политехникатә коллеџьи рыстудентцәа Аԥсны иаҭааит.  Цәыббраза 30 рзы, 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш аҽны, урҭ акциа «Ԥсра зқәым аполк» рхы аладырхәит. Дара аԥснытәи аҿар  ирыцны ҳаибашьра аветеранцәа рфотосахьақәеи Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз атәылақәа рбираҟқәеи кны ииасит. Ианцоз аҽны дара ҳара ҳмузеи иаҭааит. Дара рзы ҷыдала имҩаԥган аекскурсиа. Ҳмузеи аекспонатқәа ирыхәаԥшуа дара рылаӷырӡқәа дрыцқьон. Аекскурсиа ашьҭахь ҳара дара акциа иахьалахәхаз азы аџьшьаратә шәҟәи агәалашәаратә ҳамҭеи ранаҳшьеит, рымҩа ҳақәныҳәеит, ирзеиӷьаҳшьеит аҭынчреи аманшәалареи. Дара рыблала ирбеит, ирдыруеит аибашьра заку. Иҟан аамҭа ҳаргьы адгылареи ацхыраареи анаҳҭахыз, усҟан иҳавагылеит еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи хыԥхьаӡара рацәала ауаа, Урыстәыла атәылауаагьы уахь иналаҵаны.   Дара ҳаԥсадгьыл рхы ақәырҵон, ҳхақәиҭра азы хацәнымырха еибашьуан», – ҳәа илҳәеит Мзиа Беиа.

Лара иазгәалҭеит иахьагьы аԥснытәи аибашьцәа злаху аинтернационалтә бригада «Пятнашка» Донбас имҩаԥысуа Иҷыдоу Арратә Операциа ишалаху.

«Хәажәыраза 1, 2022 шықәса рзы, Урыстәылатәи Афедерациа Ауаажәларратә Палата аҿы имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аконференциа аҿы, урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии азинхьчаҩцәа, азиндырҩцәеи ажурналистцәеи раԥшьгарала, украинатәи анеонацистцәа рыцәгьоурақәа рзы  жәларбжьаратәи ауаажәларратә трибунал аԥҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.  Уажәазы уи иалалеит адунеи 30 тәыла инареиҳаны рҟынтәи ауаажәларратә еилазаара ахаҭарнакцәа. Жәларбжьаратәи ауаажәларратә трибунал ахықәы хада – киевтәи анеонацистә режим ацәгьоурақәа зырҵабыргуа афактқәеи аматериалқәеи реизгареи уи азы аинформациа урыстәылатәии жәларбжьаратәии аплошьадкақәа рҿы рцәыргареи ауп. Курсктәи аобласт аҿы Украина Арбџьармчқәа зыҩнқәа рҿы иҟаз, мамзаргьы аевакуациа азы автомашьынақәа рыла амҩа ианыз аҭынч уааԥсыра ирылахысуан, амца рыжәырҵон, ааха роуит аҳәса, ахәыҷқәа, абыргцәа. Ааха зауз ршаҳаҭрақәа, Мрагылара атәылақәа рыдгыларала иааиԥмырҟьаӡакәа инеиԥынкыланы урыстәылатәи ауааԥсыра ахымцабџьар, аԥырҩы дызҭам аԥырратә аппаратқәа, артиллериатә шьақәыгылагақәеи аицҭырҟьаратә ареактивтә системақәеи уҳәа рыла ахымца рыжәызҵоз украинатәи анеонацисттә режим ишиашоу ахарадҵаны иҟалар ауеит», – ҳәа илҳәеит Мзиа Беииа.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иҳәеит:

«Ари аусмҩаԥгатә сҽазыҟаҵо, сара схаҿы аспектқәа зегьы еилсыргон, усҟан ихадоу ҳәамҭак схахьы иааит – аҩыза иаша ауадаҩраан ауп данеилкаахо.

Аԥсны Лугансктәии Донецктәии Жәлартә Реиспубликақәа зегьы раԥхьа иазхазҵаз атәылақәа иреиуоуп, анаҩс Аԥсны  ЛЖәР, ДЖәР, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа Урыстәылатәи Афедерациа аилазаара алалара азханаҵеит. 2014 шықәса инаркны аԥснытәи аибашьцәеи урыстәылатәи аибашьцәеи рыжәҩахыр еибыҭа аинернационалтә бригада «Пятнашка» аилазаараҿы еицеибашьуеит.   Сара сгәаҵанӡа инеит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа сара Курсктәи аобласт аҟынтәи  40-ҩык ахәыҷқәа рыԥсы ахьыршьоз  Тамшь ақыҭахь ааԥхьара ансиҭа. Даара акыр аҵанакуеит урҭ уаҟа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рхәыҷқәеи рмоҭацәеи рыԥсы ахьрыцыршьоз.  Ари Асовет Еидгыла згәалашәо аиҳабацәа рабиԥара аҩаӡараҿы адагьы, ҿыц еиҵагыло аҿар рыбжьарагьы аилибакаареи аиҩызареи аидгыареи рыҟазаара зеиӷьаҟам ала иаанарԥшуеит. Ҳара гәахәарыла иазгәаҳҭоит ауаажәларра рганахьала, иара убас Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аганахьала, Иҷыдоу Арратә Операциа азона ахь, уажәы Курсктәи аобластгьы ахь агуманитартә еидара ахьдәықәҵахо».

Михаил Шургалин ашәахьа, Аԥсны Иҷыдоу аҭагыазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа инапхгарала аидарамҩангагатә машьына дуқәа быжьба рыла ишьақәгылоу аколонна Курсктәи аобласть ахь агуманитартә цхыраара агаразы амҩа иқәлоит ҳәа адырра ҟаиҵеит.  

Урыстәылатәи адипломат Аԥсны Урыстәыла астратегиатә партниорны ишыҟоу, аԥсуа жәлар – аиашьаратә жәларны ишыҟоу инаҵшьны иазгәеиҭеит.    

Михаил Шургалин еизаз идырбараны иҟоу адокументалтә фильм ателекомпаниа Russia Today ала иҭыхуп ҳәа иазгәеиҭеит. Уаҟа ахархәара роуит аокупациа зызу ақалақь Суджи аҿы инхо имобилтә ҭел акамера ала иҭыху аматериал.

«Ҳара зегьы Курсктәи аобласт аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа ахшыҩзышьҭра аҳҭоит, уаҟа уажәы Украина Арбџьармчқәа аибашьцәеи аҳәаанырцәтәи аԥарахшәаарала еибашьуеи рықәхразы аоперациа мҩаԥысуеит. Уажәы аиланхарҭатә ҭыԥқәа жәпакы ахы иақәиҭтәуп, агәыӷра ҳамоуп хара имгакәа ари аоперациа қәҿиарала ишхыркәшахо»,  – ҳәа иҳәеит Михаил Шургалин. 

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба Аԥсны 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡеи,  1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьреи зкьымсыз ҭаацәарак ыҟам ҳәа иазгәеиҭеит.   

«Уажәгьы ҳара иаабоит иаҳхысыз атрагедиатә аамҭа ҳгәалазыршәо ахҭысқәа рыҿиара. Хаҭала сара сҭаацәараҿы х-ҩык саб иашьцәа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахеит. Руаӡәы Курскаиа  Дуга аҿы хабарда дыбжьаӡит. Уажәы, Украина, еиҳа ииашаны иуҳәозар, ҩаԥхьа анацисттә уаҩшьцәа зықәлаз урыстәылатәи аҵакыра аҿы ицо аибашьра аҿы исызгәакьаӡоу ҩыџьа арԥарцәа ҭахеит.  Ҳара иаҳгәалашәоит  ҳара ҳаибашьраан иаҳҿагыланы ишеибашьуаз УНА-УНСО ахаҭарнакцәа, урҭ араҟа хьӡыда-ԥшада иҭахеит. Уи зегьы ҳгәалашәоит, убри аҟнытә, атевтонтә џьарқәа зну анемец танкқәа Украина адгьыл иқәланы ишцо  зну акадрқәа анаҳбо иҷыдоу ацәаныррақәа ҳазцәырҵуеит.  Ҳара зегьы иаарласны аиааира ҳазыԥшуп, ус ишыҟалогьы агәра ҳгоит. Хашҭра рықәӡам Иҷыдоу Арратә Операциа аҿы иҭахаз афырхацәа. Аӡәырҩы ҳтәылауаагьы ари аибашьраҿы иҭахеит. Ҳара иаҳхамышҭыроуп уи ахаангьы. Сара зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра», – ҳәа иҳәеит Сергеи Шамба.

Ацәыргақәҵа аҿы  ицәыргоуп Украина Арбџьармчқәа ралалара иахҟьаны ааха зауз Курсктәи аобласт ауааԥсыра иҟарҵаз афотосахьақәеи реиҭаҳәамҭақәа зну аматериалқәеи.

Ацәыргақәа еиҿкаауп Ареспублика Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакреи  В.Г.Арӡынба  ихьӡ  зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи рыла. Ацәыргақәҵа аус аулоит жьҭаарамза 24 аҟынӡа.

 

 

 

 

 

 


Read 43 times - Аԥшьаша, 17 Жьҭаара 2024 22:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.