АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 7:24

Гагра араион амедусбарҭақәа аӡынтәи аамҭахәҭа иазыҟаҵоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гагра араион ахәышәтәырҭа Хада, Ареспубликатә реабилитациатә Центр, иара убас Пиунда ақалақь ахәышәтәырҭа даҭааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Гагра араионтә хәышәтәырҭа Хада аҳақьым хада Индира Арсалиа адырра ҟалҵеит ахәышәтәырҭа ааигәа атехникатә гәаҭара иахысыз, аштаттә режим ала аус зуа адизель-генератор ала ишеиқәыршәоу, ирласу амедицинатә цхыраара автопарк иахәҭоу амашьынақәа рыла ишеиқәыршәоу, амашьынақәа зегьы ртехникатә ҭагылазаашьа шыбзиоу азы адырра ҟалҵеит.    Акурорттә сезон азы иҟаз акадртә уадаҩрақәа Урыстәылатәи рколлегацәа рыцхыраарала аӡбара алыршахеит, урҭ инеиԥынкыланы Аԥсныҟа иааны амедусбарҭақәа рҿы аус руан. Иахьазы ахәышәтәырҭаҿы Башкортосҭанынтәи ареаниматологцәа ҩыџьа аус руеит.

Ареспубликатә реабилитациатә Центр (КБРЦ) аҿы аминистр уи аҳақьым хада Валери Аҩӡба диҿцәажәеит, араҟа ахәышәтәра иахысуа аветеранцәа дырԥылеит. Едуард Быҭәба апациентцәа рыкрыфара, хәшәыла реиқәыршәара, иарбоу амедусбарҭаҿы рыҟазаара аҭагылазаашьақәа, уҳәа дрызҵааит.

Пицунда ахәышәтәырҭа аӡынтәи аамҭахәҭазы азыҟаҵара азҵаара ала аминистр Едуард Быҭәба ақалақь ахада Руслан Хәынцариеи астационар аҳақьым хада Савели Серетидии дрыҿцәажәеит. Аминистр ирласу амедицинатә цхыраара амашьынақәа зегьы ртехникатә ҭагылазаашьа бзиоуп, аштат нагӡаны еиқәыршәоуп ҳәа адырра ирҭеит.  Акызаҵәык уадаҩраны иҟоу – адизель-генератор амчхара азымхара ауп.


Read 27 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.