Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 16, 2024 шықәса рзы аԥсны-қырҭтәылатәи аҳәаа аԥыԥшра иадҳәаланы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аҳәаахьчаҩцәеи еицынарыгӡаз аусмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, Гал араион Бгоура ақыҭа иахьаҵанакуа ирбеит иарбоу аҵакыреи арратә обиектқәеи рҭыхра мҩаԥызгоз аԥырҩы дзықәтәам аппарат Mavic 3.
Акоптер арадиоелектронтә ҿагылара ахархәагақәа рыла иаанкылан, анаҩс иртәан, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.
Аоперативтә дыррақәа рыла ишышьақәыргылахаз ала, иарбоу аппарат еицырдыруа ақырҭуа активист, «аокупациаҿагыларатә ҵысра» аԥыза Давид Кацарава итәын.