АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 7:28

Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа рыла амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы 335 пкаанҵа еиқәыршәоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза    16 рзы амилициа аусзуҩцәа акинологцәа адыԥхьаланы ирӷәӷәоу ареидтә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргеит. Урҭ мҩаԥысуан атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуеи  хаҭала иарҭоз ахылаԥшрала.

Аминистр ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭон амашьынақәа рсаркьақәа рыԥшшәыхәыркра аԥҟарақәа реилагара аԥхьырҟәҟәаара, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Асаркьақәа рырлашьцара амҩахь ицәырҵуа ауаа рбара аруадаҩуеит, иара убри ала амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа рзы ашәарҭара аздырҳауеит.

Амҩатә ԥҟарақәа еилазгаз 25-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ахараԥса дыршәахоит, рмашьынақәа аҭыԥаҿы рыԥшшәахәыркра аԥыхуп.

Ареидтә усмҩаԥгатәқәа аҵх агәаазы ихыркәшахеит.  Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы 335 пкаанҵа еиқәдыршәеит.

4-ҩык ижәны амашьына аԥсҟы ахьыркыз азы автомашьына арныҟәцаразы азин аршаҳаҭга рымхын. Урҭ рмашьынақәа мызкы ахараԥсатә машьынаргыларҭа аҿы иргылахоит.

Иара убас, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут инапынҵа ала акинологтә маҵзура иҿыцу амаҵзуратә лақәа  рыла ихарҭәаахоит.

 


Read 32 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.