АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Жьҭаара.2024

Жьҭаарамза 23 инаркны 30 аҟынӡа Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Егры» ала ауааԥсыра рыиасра аамҭала иаанкылахоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ареспублика ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаԥигеит.

Аҳәаа иаԥну аҵакырақәа рҿы уаҩ дызҭам аԥырратә аппаратқәа рыԥырра азы иҟоу аинформациа ҳасаб  азуны, ашәарҭадара Ахеилак алахәылацәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура жьҭаарамза 23 инаркны 30 аҟынӡа Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Егры» ала ауааԥсыра рыиасра аамҭала аанкыларазы иҟанаҵаз ажәалагала иахәаԥшит.  Уи зыдҳәалоу жьҭаарамза 26 рзы Қырҭтәыла имҩаԥысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа раан арадикалтә мчрақәа рганахьала  иҟалар зылшо апровакациақәа роуп.   

Ашәарҭадара Ахеилак алахәылацәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ажәалагала иақәшаҳаҭхеит. Убас ала, жьҭаарамза 23 инаркны 30 аҟынӡа Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Егры» ала ауааԥсыра рыиасра аамҭала иаанкылахоит. Убри аан аҷыдалкаақәак шьақәыргылоуп:

 – Уаанӡа закәаншьаҭала Қырҭтәылаҟа ицаны иҟаз Ареспублика Аԥсны атәылауааи анхаразы азин аршаҳаҭга змоу ахаҿқәеи рыхынҳәразы; 

– Еиԥҟьарада аенергосистема аусура азы (Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аганахьала).

Аҳәынҭқарра Ахада амчратә структурақәа рнапхгаҩцәа адҵа риҭеит Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа рымҩаԥгара аамҭа иалагӡаны аусура арӷәӷәара алдыршарц, хаҭала уи ахылаԥшра арҭарц. 


Read 268 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.