Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ари ахҭыс иаарту провокациоуп, ас еиԥш аусқәа аҳәаахьчаратә зонаҿы аибарххара иазырхоуп ҳәа инаҵшьны иазгәанаҭоит. Қырҭтәыла анапхгара Аԥсны Аҳәынҭқарреи дареи рыбжьара иҟоу аиқәымшәарақәа зегьы ҭынчмҩала мацара рыӡбара ҳҭахуп ҳәа иааиԥмырҟьаӡакәа аҳәамҭақәа шыҟарҵогьы, апрактикаҿы Қырҭтәыла Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәааҿы иҟоу аҭагылазаашьа аицәатәра иаҿуп, ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ашәарҭарақәа рызцәырнагоит. Аԥсуа ган абҵарамза 5-6 рзы иазԥхьагәаҭоу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы иаанкылаз адрон иадҳәалоу ахҭыс алацәажәара азԥхьагәаҭара гәҭакны иамоуп.
Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура излаанацҳауа ала, ҳазҭоу ашықәс жьҭаарамза 16 азы, Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә Усбарҭеи русзуҩцәеи Гал араион Бгәара ақыҭан Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа аицгәаҭараан, аҵакыратә ҭыԥқәеи арратә обиектқәеи рҭыхра мҩаԥызгоз уаҩы дызҭамыз ахархәага рбеит.
Арадиоелектронтә ҿагылара ахархәагақәа рхархәарала иара аанкылан, мчыла иртәан.
Аоперативтә дыррала, аԥырҩы дызҭам ахархәага Қырҭтәылатәи активист, “аоккупациа иаҿагыло аиҿкаара” анапхгаҩы Давид Кацарава итәын.