АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Жьҭаара.2024

Еилкаахеит XVII ашахматтә турнир «Аҟәафон - 2024» аҿы аиааира згаз.

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 19 – 20 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуан XVII Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Аҟәафон 2024».

Актәи амш азы аицлабрақәа ахәыҷқәа рыбжьара имҩаԥысуан.  Зынӡа урҭ рхы аладырхәит 115 ашахматқәа рыбзиабаҩцәа қәыԥшқәа. Аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи хазы-хазы еицлабуан.  

Аԥхьахәтә ҭыԥқәа абас ала еихшахеит:

– 6 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Симонов Сократ (ақ. Аҟәа), Черқьезиа Наала (ақ. Аҟәа),

– аҩбатәи аҭыԥқәа –  Назаренко Марк (ақ. Аҟәа),  Шамба Софиа (ақ. Аҟәа),

– ахԥатәи – Бениа Владимир (ақ. Аҟәа);                              –   8 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рыбжьара Кәыҵниа Георги (ақ. Аҟәа), Гәылариа Емили (Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥқәа – Ҭҟьебучаа Давид (ақ. Аҟәа), Гәыргәылиа Алеқсандра (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥқәа – Хуснутдинов  Димир (ақ. Аҟәа), Лашәриа Леон (ақ. Аҟәа);

– 10 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааныркылеит Мықәба Стиллиан (ақ. Пицунда), Сақаниа Саниа (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Тос-оглы Кемаль (ақ. Гагра), Џьениа Амели (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥқәа – Игноиан Леонид (ақ. Аҟәа),  Агрба Амира (Гәдоуҭа), Бганба Нила (ақ.Гагра);

– 12 шықәса зхымҵыц аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи рыбжьара аиааира ргеит Топчиан Армен (Гәылрыԥшь аҳабла),  иара убас Марченко Полина (Сухум), вторые места заняли Мукба Руслан (ақ.Пицунда), Лакоба Сариа (ақ. Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥқәа Халуашь Дамир ( ақ.Гәдоуҭа), Смыр Мирра (Афон Ҿыц). 

Амобилтә Еилазаара «Аҟәафон-GSM» аҟынтәи аџьшьаратә ҳамҭақәа ранашьахеит зегьы раасҭа еиҵбу алахәылацәа.

Атурнир аартра ацеремониа аҿы уи алахәылацәа Донбасс иҷыдоу арратә операциа аҿы иҭахаз Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа алахәыла, Гьаргь иџьар акавалер, атәылауаҩ бзиа, апатриот иаша Ешба Иракли Раули-иԥа минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит.

Атурнир аҩбатәи амш, жьҭаарамза 20 рзы еицлабуан ашахматист еиҳабацәа (атурнир А). 

Актәи аҭыԥ ааникылеит Миносиан Сергеи (ақ.Очамчыра), аҩбатәи аҭыԥ – Шанаа Ҭемыр (ақ.Очамчыра), ахԥатәи аҭыԥ Табариан Артиом (ақ. Аҟәа).

Амилаҭтә реитинг ала актәи аҭыԥ ааникылеит Карапетиан Альберт (ақ. Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥ – Бигәаа Роланд (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ – Топчиан Армен (Гәылрыԥшь аҳабла).

Аветеранцәа рыбжьара актәи аҭыԥ  ааникылеит Наҟоԥиа Борис (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ – Ҭыжәба Константин (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ - Пак Леонид (ақ.Гагра).

Арԥарцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Багаҭелиа Нестор (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ – Аџьынџьал Аскар (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ – Турков Богдан (ақ. Аҟәа).

Аҭыԥҳацәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Марченко Полина (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ - Лакоба Сариа (ақ. Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥ - Лакәатаа Сарида (ақ. Аҟәа). 

Атурнир аркра иадҳәалаз ацеремониа аҿы Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Константин Ҭыжәба амобилтә еимадара Иарку Аокционертә Еилазаара «Аҟәафон-GSM» шықәсырацәала ашахматқәеи Аԥсны ахәыҷтәы спорти ианаҭо адгыларазы иҭабуп ҳәа иҳәеит.

 

 

 

 


Read 181 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.