АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Жьҭаара.2024

Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи Урыстәыла агәабзиарахьчара Аминистрреи рхаҭарнакцәа аусеицуразы Амеморандум анагӡара иадҳәлоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистреи Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи рыбжьара иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рмедика-санитартә ахҟьаԥҟьақәа рықәгара аганахьала русеицуразы Амеморандум анагӡара азҵаарақәа ирызкын иҳаҩсыз амчыбжь азы авидеоконференциа аформат ала имҩаԥысыз аилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  

Урыстәылатәи аган аҟынтәи уи рхы аладырхәит амашәырцәгьақәа рмедицина Афедералтәии Краснодартәии арегионалтә Центрқәа, иара убас Урыстәыла агәабзиарахьчара Аминистрра жәларбжьаратәи аусеицура адепартаменти рхаҭарнакцәа;  аԥснытәи аган аҟынтәи – Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан, Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра ахәышәтәра-профилактикатә Усбарҭа аиҳабы Баҭал Кациа, Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амедицинатә Усбарҭа аиҳабы  Анӡор Гоов. 

Аганқәа аҩ-ҳәынҭқаррак ртәылауаа ацхыраара рыҭареи иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рыхҟьаԥҟьақәа рықәгареи, иара убас ааха зауз ауаа Аԥсни Урыстәылеи рхәышәтәырҭақәа рахь рнагареи рганахьала иконкрету аиҿкааратәи апрактикатәи азҵаарақәа рыӡбараҿы хра злоу адинамика шыҟоу азгәарҭеит.  

 

 


Read 201 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.