АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Жьҭаара.2024

Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аколонна агуманитартә еидара ацны Донбасҟа амҩа иқәлеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра  аколонна агуманитартә еидара ацны Донбасҟа амҩа иқәлеит.

100 тоннк инарзынаԥшуа ацитрустә шәырқәа  Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыра ҿыцқәа –ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа рахь инагахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.   

Аԥснынтәи агуманитартә еидара иацны ицеит Аԥсны аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа ахада Лев Кәыҵниа, аминистр ихаҭыԥуаҩ Ныгәзар Емырхәба, Очамчыра ақалақь аԥыԥшра-еиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа.

Агуманитартә акциа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵа ала имҩаԥысуеит.

Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа 2022 шықәсазы жәантә еиҳаны агуманитартә миссиа ала Донбасҟа ицеит.


Read 195 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.