АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Жьҭаара.2024

30 тонна инареиҳаны агуманитартә еидара Аԥснынтәи Курсктәи аобласть ахь амҩа иқәлеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 30 тонна инареиҳаны агуманитартә еидара Аԥснынтәи Курсктәи аобласть ахь инаргоит.  Арегион ауааԥсыра рзы еизгоу агуманитартә  еидара зқу амашьынақәа рколонна иахьа Аҟәа ақалақь аҟынтәи амҩа иқәлеит, ҳәа адырра ҟанаҵеоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

«Аминистр, аинрал-леитенант Лев Кәыҵниа знапхгараҿы дыҟоу Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа Курсҟа иргоит афатә аалыҵқәа: ашыла, ахырӷ, ашьақар, аконсервақәа, аԥаҭлыкақәа ирҭоу аӡрыжәтә, ахатәы гигиена ахархәагақәа, уҳәа», - ҳәа иазгәаҭоуп Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адырра аҿы.

Агуманитартә еидара еизган ауааԥсыра иаларҵаз аԥаратә хархәагақәа рыла, иара убас ҳтәылаҿы аус зуа акоммерциатә еиҿкаарақәа рфинанстә цхыраарала. Агуманитартә акциа Аԥсны Анапгара адгыларала имҩаԥысуеит.


Read 202 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.